Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АдәАР Урыстәыла АдәАР ашҟа аҳәара ҟанаҵеит аҳәааҟны иҟоу ахҭысқәа ирызхьаԥшырц

© Sputnik / Томас Тхайцук МИД Абхазии
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2024
Анапаҵаҩра
Уаанӡа ареспублика атәылауаа ирҳәахьан ахәааҟны рышәҟәа акыраамҭа ишгәарҭо.
АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭахь аҳәара ҟанаҵеит аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысраан атәыла ауааԥсыра рганахь ала аҭыԥ змоу ахҭысқәа ирызхьаԥшырц. Абри атәы аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ари азҵаара аганахь ала информациак аҟамзаара инадҳәаланы, адәныҟаполитикатә усҳәарҭа еиуеиԥшым аинформациатә ҭыԥқәа рҿы атәылауаа рықәгыларақәа иазхьаԥшуеит", - ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿы.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит аҳәааҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ишрылахәым.
Ажәабжьқәа зегьы
0