Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы пицундатәи амзаҵла ашьаҭақәа еиҭарҳаит

© Sputnik / Илона ХварцкияВ сосновом лесу.
В сосновом лесу. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.02.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 29 - Sputnik. Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҿы пицундатәи амзаҵла ашьаҭақәа еиҭарҳаит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аиҳабы аҭҵаарадырразы ихаҭыԥуаҩ Сабина Лобода.
"100 екземплиарк раҟара авҵиаақәа абетон аҿы рхала ирызҳаит. Уи даара акраҵанакуеит, избанзар ԥсабарала амзақәа реизҳара уадаҩны имҩаԥысуеит.⠀ Аҳәырԥсарраҿы лассы-лассы авҵиаақәа ыҵхны иаҳа иахьанаалаша ииаганы еиҭарҳауеит", - лҳәеит лара.
Лара дажәақәа рыла, урҭ зегьы иҷыдоу акәалаԥқәа рҿы ԥшьымз инарзынаԥшуа еиҭаҳаны ирымоуп, ари аамҭа иалагӡаны дара адаптациа иахысуеит, рышьаҭақәа ӷәӷәахоит. Уи иабзоураны аҵиаақәа аԥсабараҿы еиӷьны ирызҳалоит ҳәа инаҵылшьит Лобода.
Ажәабжьқәа зегьы
0