Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Манаргиа Аԥсны ахраҿа хадазы аиԥыларазы: ирацәаны ампылқәа амбаҟны, ахәмарра бзиа сазыԥшуп

Манаргиа Аԥсны ахраҿа хадазы аиԥыларазы: ирацәаны ампылқәа амбаҟны, ахәмарра бзиа сазыԥшуп
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл азы Аԥсны ахраҿа хада агаразы аицлабра. Ашьапылампылтә федерациа ахада Шабаҭ Логәуа иажәақәа рыла, ари аиндаҭлара узызҿлымҳахаша акоуп, 2011 шықәса раахыс Ахраҿа хада агаразы еиқәымшәац "Гагреи" "Динамои" ршьапылампыласцәа еицыхәмаруеит, ашьапылампыл абзиабаҩцәа аиԥылара ԥшӡа иазыԥшуп.
Аԥсны Ашьапылампыл азы Афедерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Манаргиа арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит ашьапылампылтә еиԥыларақәа азҿлымҳара ахьынӡарымоу, асезон аҟны раԥхьатәи ахәмарра мҩаԥызго акомандақәа рылшарақәа ртәы.
"Аиашазы, аҩнуҵҟатәи ачемпионат есышықәса маҷ-маҷ акәзаргьы азҿлымҳара иацлеит. Ҳәара аҭахума, уажәы Аԥсны еизгоу акомандеи иаҳтәым командаки анеицхәмаруа, усҟан ауп иаҳа ирацәаны азҿлымҳара аныҟоу", - ҳәа азгәеиҭеит Манаргиа.
Убри аан иҳәеит ашьыпылымпылтә сезон ианалаго раԥхьатәи ахәмарра, раԥхьатәи аиааира акраҵанакуеит, акомандақәа рҽадцаланы ихәмаруеит ҳәа.
Аԥсны Ашьапылампыл азы Афедерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ агәыӷра ааирԥшит ашьапылампыласыҩцәа ахәмарра бзиа ҳдырбап ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсны ахраҿа хада агаразы ахәмарра мҩаԥысуеит хәажәкыра 7 рзы Аҟәа астадион "Динамо" аҟны асааҭ 17 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0