Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

РУСДРАМ адиректор хада сынтәа раԥхьатәи аԥхьарбара аныҟало далацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Здание РУСДРАМа
Здание РУСДРАМа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2024
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс аихшьаалақәеи ԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ирызкын Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа.
АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2024 шықәсазы раԥхьатәи аспектакль "Виндзортәи ацәиккқәа" аԥхьарбара мҩаԥгахоит хәажәкыра 31, мшаԥы 1 рзы ҳәа иҳәеит Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хынҭәба.
"Апиеса ҩуп 1602 шықәсазы. Ҳара иара иахьатәи ахәаԥшҩы игәаԥхартә идаагалоит. Избан ари аспектакль абара захәҭоу? Акы, икомедиаҵәҟьоуп, Шекспир иклассикатәу икомедиоуп. Ҩбагьы сара сгәанала иахьа узыргәырӷьаша, угәы ҟазҵаша еиҳа ирацәазароуп", - иҳәеит иара.
Шекспир ипиесаҿы еидкылоуп ауаҩытәыҩсатә гаӡара аформақәа зегьы. Кирилл Шишкин ифырхаҵа хада еснагь иччархәу ахҭысқәа дрықәшәоит, дызрылҵуам.
Арежиссиор – Антон Корнилов, иара аспектакльқәа "Абырг Хабыгә игәыжь ажәабжьи" "Амрашәахәа зхьыршоуи" рыла дырдыруеит атеатр аҭааҩцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0