Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ақ-лақ, аҟыж-аҟыж": ажәытәра ацәа зыҟәну "Ацәаӷәара ашәа"

© Sputnik / Томас ТхайцукВспашка земель в селе Багмаран
Вспашка земель в селе Багмаран - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2024
Анапаҵаҩра
Ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны ҳара ҳҟынӡа иааӡаз ацәаӷәаҩ иашәа, мамзаргьы "Ацәаӷәара ашәа" дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Ацәаӷәаҩ иашәа
Ауаатәыҩса раарыхратә џьа аазырԥшуа, уи амҩаԥысшьа, ашьақәгылашьа узырбо ажәытәӡатәи аџьа ашәақәа роуп. Аԥсуаа адгьылқәаарыхра ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны рнапы шалакыз аадырԥшуеит уи иадҳәалоу аџьа ашәақәа: адгьыл аныдрыцқьоз, ианыдрапоз, ианырцәаӷәоз, ианылаҵоз, ианырашәоз уҳәа – арҭ апроцессқәа зегьы ирызкны ашәақәагьы аԥырҵеит. Урҭ рҟынтәи иҟоуп аӡәы ихала (ахкы) ииҳәои гәыԥҩык еицырҳәои ашәақәа. Иара убриалагьы иубоит аӡәы ихала инаигӡоз ауси гәыԥҩык еивагыланы аус анеицыруази. Арҭ ашәақәа зегьы рхатә ҵаки рхатә ритмикеи рыҵоуп. Убас еиԥш иҟоуп ацәаӷәаҩ иашәа.
Кукушка - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2024
Аԥсны
"Акәыкәу раԥхьаӡа ҿызҭыз ԥсит" - анхамҩатә усқәа ралагамҭа иадыргоу
Ацәаӷәаҩ иашәа, мамзаргьы "Ацәаӷәара ашәа" аӡәы имацара инаигӡоз ашәоуп. "Арашәара ашәа" гәыԥ-гәыԥла инарыгӡозар, иара аус ахаҭа коллективтә усны ишыҟаз еиԥш, ацәаӷәара аус аӡәы иоуп иназыгӡо. Уи аритмикагьы ақәыӷәӷәаратә ҟазшьоуп иамоу. Анхаҩы дызлацәаӷәо ацәқәа рықәымчра ирзынархоуп ашәа иалоу абжьыҭҟьарақәа, ажәеиҭаҳәарақәа. Иааҳгап Шоҭа Салаҟаиа ианиҵаз ари ашәа ацыԥҵәаха:
"Уаа хач, хач,
Хачиа, уа қәач,
Хач, хач – ашьа.
Қәачиа уааи, уааи,
Хач, хач – ашьа.
Уоо, уаа.
Ақ-лақ,
Аҟыж, аҟыж.
Аҟыжахь уааи.
Оореи, хач,
Қәачиа уааи".
Ари ашәа ашьҭыбжьқәа ирныԥшуеит ацәаӷәаратә маҭәахәқәа – ацәеиха, ауӷә, аӷьатама ирыдҳәалоу ашьҭыбжьеиҿырԥшрақәа. Ацәаӷәаҩ даныцәаӷәоз аамҭазы ииҳәоз ари ашәа иус аиҿкаара иацхраауан, аритм шьақәнаргылон, "ашьа, ашьа" ҳәа дызлацәаӷәоз ацә даҵаҟьон, даҽазных "оореиа, уаа, аҟыжахь уааи" ҳәа ахы ахьархаша ацәшьхәа инҭаиргылон, лада дцо, ҩада дцо дцәаӷәон. Уи адагьы иара ацәаӷәаҩ ихаҭагьы иашәа игәы шьҭнахуан, иааԥсара иханаршҭуан, имч ҭанаҵон.
Вспашка земли плугом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2022
Аԥсны
"Разҟыс иҟоу ахшыҩи амахәҿеи роуп" - Аџьаус аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭақәа ишырныԥшыз
Ари ашәа ҳара ҳҟынӡа иааӡеит ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны, усҟан ашәа ажәақәа раасҭа аритми амелодиеи ракәын зҵакы хадараз, ажәақәа рҵакы апоетикатә ҵакы рыманы иҟамызт, ишьақәымгылацызт. "Ацәаӷәара ашәа" иаҟазшьарбагоуп ажәытәра цәа зыҟәну ажәақәа реиҭаҳәара, абжьыҭҟьақәеи ашьҭыбжьҿыԥшрақәеи рцәырҵра.
Ашәақәа аџьаус апроцесс иаҟәыҭхоуп, аџьаус ахаҭагьы аҽаԥсахит, ицәырҵит иҿыцу амаругақәа, атехника. Анхаҩы иџьаус даҽа ритмк ахалеит. Ажәытә ашьаҭақәа аԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа иудырҳауеит. Аԥсуа жәлар рашәақәа реиқәырхаҿы рџьабаа рацәоуп аԥсуа жәлар рашәаҳәаратә ансамбльқәа. Уеигәырӷьартә иҟоуп ҿыц бжьыла жәлар рмелодиа абжьы ахазҵаз Денис Арухаа напхгара зиҭо Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә жәлар рарҳәагақәа роркестр анагӡараҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0