Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра араион аҿы идыргылоит асоциалтә ҵакы змоу ахыбрақәа

© FotoСело Лдзаа, ремонт Дома культуры, ремонт школы
Село Лдзаа, ремонт Дома культуры, ремонт школы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Гагра араион аҿы идыргылоит асоциалтә ҵакы змоу ахыбрақәа ҳәа аанацҳаит ахада ипресс-маҵзура.
Пицундатәи Акультура ахан аҿы шьаҭанкылатәи аремонт мҩаԥысуеит. Аусурақәа ирылаган 2023 шықәсазы, сынтәа ихыркәшахоит. Иахьазы ахыб ԥсахуп 110 метр ԥшьыркца рҿы, акабинетқәа рҿы аԥенџьырқәа ԥсахуп. Асцена змоу аизарҭа зали ахыбра аԥхьатәи аҿаԥшыларатә хәҭеи ирҿуп.
Аусура иазоужьуп 39,2 миллион мааҭ араионтә биуџьет аҟынтәи. 18 миллион рхы иадырхәахьеит ҳәа иҳәеит анардадатә еиҿкаара ахаҭарнак Ҭеимураз Чкотуа.
© FotoПицунда Акультура ахан
Пицунда Дом культуры ремонт - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2024
Пицунда Акультура ахан
Гагра араион Лӡаа ақыҭаҿгьы Акультура ахан ҿыц дыргылоит. Ажәытә хыбра блит 1998 шықәсазы. Ари аҭыԥ аҿы иргылахоит аҿыц. Ахан ҿыц ахышәаҵышәа 863 метр ԥшьыркца инаӡоит, еихагылакны иҟалоит, 270 тәарҭа ҭыԥ аиуеит. Аргылара хыркәшахароуп 2025 шықәсазы.
Лӡаа ақыҭаҿы иара убас ашкол №1 аҟны акрыфарҭеи аизарҭа зали дыргылоит. Ҩбаны еихагылоу аҿыԥшьы ашьаҭа аздырхиахьеит, аобиект 2024 шықәса анҵәамҭаз ахархәарахь инашьҭхоит.
"Ауснагӡатәқәа зегьы акабинетқәа рҿы ма аҩналарҭатә фоие аҿы имҩаԥаагон. Акрыфарҭа ҳамамызт. Акырҵуеит ҳазыԥшыижьҭеи. Уажәы ахәыҷқәа ишақәнагоу еиԥш акрырҿаҳҵартә аҭагылазаашьа ҟалоит", — лҳәеит ашкол адиректор Мимоза Еныкьԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, акрыфарҭеи аизарҭа зали рыҟамзаара аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ианырит. Уажәы ара аҵара рҵоит 110-ҩык аҵаҩцәа. Еныкьԥҳа агәыӷра аалырԥшит урҭ рхыԥхьаӡара ԥхьаҟа иацлап ҳәа.
© FotoЛӡаа ашкол
Лдзаа школа ремонт - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2024
Лӡаа ашкол
Ажәабжьқәа зегьы
0