Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Артек имҩаԥгахо аԥхьаҩцәа реицлабра афинал иалахәхоит аԥснынтәи хҩык ашколхәыҷқәа

© Foto / Представительство Россотрудничества в Абхазии Трое школьников из Абхазии отправятся на финал конкурса чтецов "Живая классика-2024"
Трое школьников из Абхазии отправятся на финал конкурса чтецов Живая классика-2024 - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Аԥснынтәи хҩык ашколхәыҷқәа аԥхьаҩцәа реицлабра "Живая классика-2024" афинал иалахәхоит, уи мҩаԥысуеит лаҵарамзазы, Артек.
Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра ареспубликаҟны имҩаԥгаз аицлабра аихшьаала ҟанаҵеит:
актәи аҭыԥ — Самира Мқанԥҳа, Афонҿыцтәи абжьаратә школ ажәабатәи акласс аҵаҩы,
аҩбатәи аҭыԥ — Викториа Кәарҷиаԥҳа, 11 акласс аҵаҩы, Тҟәарчал,
ахԥатәи аҭыԥ — Валери Оганесиан, ажәбатәи акласс аҵаҩы, Аҟәа.
Артекҟа ацара мап ацәызкыз Викториа Кәарҷиаԥҳа лхаҭыԥан афинал далахәхоит иалкаау рышьҭахь еиҳаны абаллқәа зауз — Иасмина Крбашьиан.
Амилаҭтә ахылаԥшҩы Наталиа Каиун лажәақәа рыла, аицлабра аԥҟарақәа инарықәыршәаны ҩыџьа алахәылацәа рыбжьара аҭыԥқәа реиҩшара ҟаломызт. Аконкурс иалахәыз 5-7-тәи аклассқәа рҵаҩцәа аҳамҭақәа ранашьан.
Ажәабжьқәа зегьы
0