Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны анаркотикқәа алазырҵәоз ҩыџьа урыстәылауаа аанкылоуп

© Sputnik / Александр Кондратюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСоревнования сотрудников групп быстрого реагирования в Челябинской области
Соревнования сотрудников групп быстрого реагирования в Челябинской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Урыстәылауаа Сергеи Грачиови Викториа Лашковеи ахара рыдҵоуп хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа аахәареи, аҵәахреи, амҩангареи, аҭиреи рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Грачиови Лашковеи маӡалатәи ашьҭаҵарҭақәа рыҟны иахьӡаны ишьҭарҵахьази рмашьына анеимырдааи, ирԥшааит 20 еилаҳәара амефедрон. Иааидкыланы 243 грамм арҩашьыгатә маҭәашьар рымхуп.

Иааныркылаз ражәақәа рыла, аҭираз дара 500 доллар рзыршәеит, "атауар" Шәачантә иааргит. Аинформациа роуан ахылаԥшҩы Никита иҟынтәи Telegram амессенџьер ала.
Ашьаус хацыркуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0