Ҳаԥсадгьыл агәашәқәа ззаарту апоет: Лариса Шыбзыхәа 65 шықәса лхыҵит

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааЛариса Шыбзыхәа
Лариса Шыбзыхәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2024
Анапаҵаҩра
Мшаԥымза 6 рзы 65 шықәса лхыҵуеит еицырдыруа абаза поетесса, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла, Ҟарачы-Черқьессиа Жәлар рпоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа алахәыла Лариса Шыбзыхәа.
Лариса Шыбзыхәа аԥсуа жәлар дҳаҳәшьа дууп. Ҳаԥсуа поетцәа, мамзаргьы иналукааша ҳаԥсуа ҵарауаа аӡәы ииубилеик, ма гәырӷьара еилатәарак, шәҟәык аӡыргара аныҟоу аамҭазы, Лариса дкылыхха акы дыннамкылаӡакәа Аԥсныҟа даауеит. Иҟалалоит зны-зынла мызкахьы ҩынтә данаауагьы.
Лариса ара Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Ассоциациа далоуп, ҳаԥсуа поетцәа реиԥш, алитература здыруа зегьы лҩымҭақәа ирыԥхьахьеит, бзиа ирбоит. Лара лхаҭагьы ҳпоетцәа рҩымҭақәа еиҭалгахьеит, уи апоезиатә хәылԥазқәа рҿы даара иԥшӡаны акырынтә дрыԥхьаҳьеит.
© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааЛариса Шыбзыхәа
Лариса Шебзухова - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2024
Лариса Шыбзыхәа
Лариса Ҟарачы-Черқьесс Жәлар дырпоетуп, лара лреспубликаҿы мацара акәым, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рҿгьы ибзиан дырдыруеит, деиҭаргахьеит, уимоу, Урыстәылагьы иҭыҵхьеит лышәҟәқәа. Иазгәаҭатәуп, лара абаза бызшәа еиԥш, илзеиԥшны аурыс бызшәалагьы ибзианы дшҩуа, дышцәажәо. Аԥсшәа уи аҷҷаҳәа илҳәоит, Аԥсны аԥсуа қыҭак аҿы диизшәа.
Лариса даара ҟазарыла абаза бызшәахь еиҭалгахьоу арҿиамҭақәа иреиуоуп Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ипоема "Симра". Иазгәаҭатәуп, лара уи арҿиамҭа бзиа аурысшәахьгьы ишеиҭалгаз ҟазарыла. Иуҳәар ауеит, Лариса шәҟәык аҿы еизакны х-бызшәак рыла еицыҭлыжьит ҳәа ари апоема. Нас, уи еиҳау ҳмилаҭ рзы ҳамҭас иҟалҵари ҳаҳәшьа ду.
Лариса илзааигәоу ҳаԥсуа поетцәа дреиуоуп абиԥаралагьы лара лықәра иатәу апоет-академик Владимир Занҭариа. Иареи сареи ҳаиҿцәажәараҿы иазгәеиҭеит:
"Лариса ацәаҩа-џьбарагьы, ианаҭаху ацәаҩа-ҭынчгьы змоу аӡәы лоуп. Лариса Шыбзыхәа ... Абаза ҧҳәызба аамсҭашәа, апоет, алитератураҭҵааҩы, афилософ, актриса, аҧсуа-абаза доуҳатә даракәац азықәҧаҩы, аӡыргаҩы, ҕрак еицҭыршааз жәларык рҟәыҵәақәа ӡышьҭра- дукахь рдәықәҵара уахгьы-ҽынгьы тәамҩахә ҟамҵа иашьҭоу, иазааҧсо... Дыздыруеижьҭеи уажәшьҭа шықәсы ҩажәа иреиҵам... Ллирика – еихсыҕьра зқәым хьаауп, гәжәажәароуп, гәаҭеироуп, гәыҕроуп, рҿиаратә хабыхацроуп. Лышәҟәқәа егьа тема рацәала , махәҭа рацәала еилазаргьы, урҭ иргәылхәраа инеиуеит абазақәеи-аҧсуааи реизгәыкра аккордқәа. Лажәа, лҳәоуртәашьа џьара иџьбароуп, џьара иҟәымшәышәуп, џьара ажәытәреи аҿатәреи хьтәы маакыраны ирыбжьдоуп", - иҳәеит Занҭариа.
© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааВитали Џьниа, Лариса Шыбзыхәа, Влдаимир Занҭариа, Светлана Қорсаииа.
Лариса Шебзухова - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2024
Витали Џьниа, Лариса Шыбзыхәа, Влдаимир Занҭариа, Светлана Қорсаииа.
Лариса еснагь дыццакы-ццакуа, гәҭыхак амцабз лыблақәа ирхыҳәҳәыла Нхыҵи-Аахыҵи дрыбжьоуп. Шамахамзар, лҽаглырхом Аҧсны имҩаҧысуа хҭыс дук. Арантә уахь Черкесскҟа аҧсуа ҵарауаа, ма арҿиаҩцәа ус бзиак аҵыхәала имҩахыҵуазаргьы, лара лаҧхьа урҭ ирҧыло, ажәа ҟәанда разҳәо, абаза хәышҭаара шаҳәшаҳә иадзыҧхьало дарбану?
Владимир Занҭариа иажәақәа рыла, адоктортә диссертациа анихьчоз, Лариса Кәырманби-иҧҳа, аҵарауаҩ ду, кавказтәи аклассикцәа рарҕьажәҩа, академик Леила Беқьизова длыманы дизааит.
"Напы зласкыз аус қәҿиарала ихсыркәшаанӡа, аиҳәшьцәа реиҧш ишсыцыз аҩыџьагьы, иқәгыланы ажәа- нага шысхырҳәааз. Ус ҟазҵо, аиҩызара, аешьара, аизгәыкра, Аҧсадгьыл абзиабара, апоезиа, аҟазара- Абираҟ еиҧш, Аҭарчеи еиҧш ишьҭкәыцәаа иназго ауаа роуп", - азгәеиҭеит иара.

Лариса Шыбзыхәа – дыцҳаражәҳәаҩ дуны, ддипломатны, дпоетны, дыбжьаҟазаҩны дҳабжьоуп аԥсуааи абазақәеи адыгааи ҳәа азгәеиҭеит апоет.

"Ҽнак Лариса аҩны сшыҟаз даасыхҭыгәлеит. Снеир сҭахыуп угәарҧаҟынӡа анылҳәа, бзиала баабеит ҳәа сналҧылеит... Аҩны иҟаз ахыхь-мыхьқәа цәырылгеит..Ҵәыцақәак ҳнарыхныҳәеит ҳнеидтәаланы... ҭаацәашәала... Нас сан рыцҳа ааигәа дышсыҧхаз лаҳазаарын, ҟәрышьқәак лџьыба иааҭылхын, ауа- агәыцхәы рҽахьанырҵаз асиаҿы саргьы санышәҵа ҳәа дҳаҳәеит...Нас абри ԥсыуарамкәа, абазарамкәа изакәузеи?", - игәалаиршәоит Занҭариа.
© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааЛариса Шыбзыхәа аԥсуа ҵарауааи
Лариса Шебзухова - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2024
Лариса Шыбзыхәа аԥсуа ҵарауааи
Уажәшьҭа ҳазааҭгылап Лариса Шабзыхәа иаазыркьаҿу лнысымҩа. Лариса Кәырманбеи иԥҳа дпоетуп, дпрозикуп, драматургуп, еиҭагаҩуп, публициступ. Диит лаҵарамза 6, 1959 шықәсазы Ҟәбан аула аҟны арҵаҩы иҭаацәараҿы. Ҟәбантәи абжьаратә школ даналга дҭалеит Петигориатәи арҵаҩратә институт англыз бызшәа аҟәша. Уаҟа лҵара англыз бызшәеи анемец бызшәеи рзанааҭ ала диплом ҟаԥшьыла ианхлыркәша, 1981 шықәсазы дхынҳәит лтәыла гәакьахь Ҟарачы-Черқьесҟа, уаҟа дзааӡаз ақыҭа ашколаҿ аусура далагеит. Уаҟатәи ареспубликатә газеҭқәеи ажурналқәеи ирныло иалагеит лажәеинраалақәеи, лпоемақәеи, лажәабжьқәеи. Уи лхы-лыԥсы зегьы аҭаны лыҽрылалырхәит алитература иазку абаза рҵагатә шәҟәқәа реиқәыршәара. Лариса ллагала даара идууп абаза театр ашьақәгылараҿы. Уи бжь-шәҟәык дравторуп, ҩба- абаза бызшәала, хәба урысшәала. Лара лажәеинраалақәа ирылхны еицырдыруа Нхыҵ-Кавказтәи акомпозиторцәа ирҩхьеит ҩнҩеижәижәаба инареиҳаны ашәақәа. Лариса 2002 шықәса раахыс Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп, КЧР ажурналистцәа Реидгыла далахәылоуп, иара убасгьы Ҟарачы-Черқьесс Ахада ипремиа далауриатуп. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа далахәылоуп 2004 шықәса раахыс.
© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааЛариса Шыбзыхәа, Денис Чачхалиа, Алина Ачԥҳа.
Лариса Шебзухова - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2024
Лариса Шыбзыхәа, Денис Чачхалиа, Алина Ачԥҳа.
Ҵыԥх ԥхынгәымзазы, Аҟәа имҩаԥаагеит Шыбзыхәа лавтортә хәылԥазы. Араҟа еизаз ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, арҿиара знапы алаку аҿар зегьы ибзиан иаадырԥшит автор лахь ирымаз абзиабара, агәыбылра, уи дзыԥхьоз лажәеинраалақәа шаҟа ирзааигәаз, шаҟа дара иртәыз... Автор урҭ инеиҭак ааиҭакны абаза бызшәалагьы урысшәалагьы дрыԥхьон, лара излалҳәаз ала, раԥхьа лажәеинраалақәа лара лхатәы бызшәала илҩуеит, нас аурысшәахь еиҭалгоит. Иҟоуп ишиашоу аурыс бызшәахь ианылҩуагьы, убраҟагьы лара лхатәы бызшәеиԥш "ҩызара" лызнауеит, лыгәҭыхақәа алалҳәоит аурыс бызшәа... Араҟа иқәгылаз автор лҩызцәа, Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи ииашаҵәҟьаны иазгәарҭеит апоет лыжәлар рхьааи лара лхьааи акы шакәу, ишеилаӷьахьоу, аха убрагь иаанымгылакәа, аԥсуа жәлар рхьаахьгьы ишиасхьоу, ишанырхьоу, еицаҳзеиԥшу хьаакны ишыҟалахьоу... Сара ибзиаӡаны исгәалашәоит аиԥылара амҩаԥгаҩ, апоет Гунда Сақаниаԥҳа иналыркны, апоет- академик Владимир Занҭариеи, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоуи, аҵарауаҩ Алина Ачԥҳаи, еицырдыруа асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуеи шаҟа гәыблыла ицәожәоз, шаҟа ирзааигәаз арҿиаҩы лпоезиа, шаҟа ирыцхраауаз урҭ ауаҩреи, аламыси, ақьиареи рдунеи аартраҿы.
Лариса Аԥсны лгәы-лыԥсы зегьы шықәу, ара инхо ажәлар даара гәыкала бзиа ишылбо агәра удыргоит лара лышәҟәқәа унаргәылаԥшыр. Иаагап, 2015 шықәсазы иҭыҵыз лажәеинраалақәа реизга ашәҟәы " Ашьхеиԥш иаҳраку сгәырӷьареи, илашоу сгәырҩеи" аҿы иуԥылоит Аԥсны иазку ажәеинраалақәа рнаҩысгьы, "Аԥсуа иԥсҭазаара афилософиа" захьӡу апоема, уи ахы инаркны аҵыхәанӡа аԥсуа жәлар ирызкуп. Иара убасгьы ари ашәҟәаҿы иуԥылоит Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи, Тарас Мирон-иԥа Шамбеи, Рауль Џьумка-иԥа Аҳаџьыми, Саша Бардодыми, Аԥсны Афырхаҵа-Мухамед Кьылбеи, асахьаҭыхҩы Витали Џьниеи, апоет Геннади Аламиеи ирызку ажәеинраалақәа.
© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааЛариса Шыбзыхәа аԥсуа ҵарауаа рыгәҭа
Лариса Шебзухова - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2024
Лариса Шыбзыхәа аԥсуа ҵарауаа рыгәҭа
Ҳара уи даҽазныкгьы агәра ҳнаргоит, Лариса Шыбзыхәа лхы-лыԥсеиԥш бзиа илбо Аԥсны иқәынхо ауаажәларгьы, иара аԥшӡарагьы, аԥсабара абеиарагьы дшазыҟоу, ҳаԥсадгьыл есымша агәашәқәа ҟьаҟьаӡа иззаарту ҳаҳәшьцәа дуқәа дышреиуоу.
Апоетесса Лариса Шабзыхәа илызку сажәа хсыркәшоит сара ԥаса зны еиҭазгахьаз уи ллирикатә жәеинраала ссир "Сара сыбла ухыԥшыл" ала.
Угәырҩақәа зегь ухаршҭ, умч зқәымхо ануцрымҵӡо,
Улахҿыхӡа са сыбла уҭаԥшла!..
Уи амшын ду иаҩызоуп, аӷба дуқәа ахьыӡсо,
Сгәыӷра уацны ухыхәхәала уцала!..
Урҭ са сыблақәа ашыреи ахьҭеи еицырзеиԥшуп,
Уаҟа аҵааи амцеи еицынхоит.
Наҟ иуԥырца угәырҩа, уара абзеирақәа уԥеиԥшуп,
Унапы нақәкны иуҵәахыр, усгәаԥхоит…
Зегь шухашҭуа агәра га, сара сыбла уанхыԥшыла,
Иҟаӡамшәа зынӡак иӡыҭлоит.
Игәаӷьы, игәаӷьы, са сымшын уҽӡаарҟәрыла,
Уаҟа абзиабара ухьаа ухнацоит!..
Ажәабжьқәа зегьы
0