Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: авертолиот мчыла артәара, арҟәарақәа реилыргара

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПразднование 75-летия высадки союзников в Нормандии
Празднование 75-летия высадки союзников в Нормандии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ииасыз амчыбжь азы иҟалаз ахҭысқәак рыхҳәаа.

Авертолиот мчыла артәара

Аԥсны атәылахьчара аминистрра иатәу авертолиот МИ-24 Гәылрыԥшь араион аҟны идыртәеит мшаԥымза 2 рзы. Хҩык аекипаж алахәылацәа Гьаргь Ԥачлиа, Витали Коренов, Едуард Мкртчиан, аҳақьымцәа рхылаԥшуеит. Урҭ рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭагылам.
Аҭыԥ ахь инеиит Атәылахьчареи Аҭагылазаашьа ҷыдақәеи рминистрцәа Владимир Ануеи Лев Кәыҵниеи.
Капельница  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2024
Аԥсны
Авертолиот Ми-24 апилот иҭагылазаашьа атәы рҳәеит агабзиарахьчара аминистрра аҟны
Авертолиот Ми-24 Гәылрыԥшь араион аҿы идыртәеит аматериалтә хәҭа аусура иахьаҟәыҵыз иахҟьаны ҳәа агәаанагар ыҟан. Иаԥҵоуп аусутә гәыԥ. Урҭ арратә прокуратура аус ацыруеит.
Ми-24 аекипаж аҟынтәи руаӡәы амедицинатә цхыраара азы Шәача ақалақь ахь амедусбарҭа ахь дыргеит. Уаҟа уи дԥырҟеит.
Аҩбатәи апациент Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы астационартә хәышәтәра дахысуеит, уи игәабзиара аҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Даҽаӡәы атәылахьчара Аминистрра арратә хәышәтәырҭа аҿы астационартә хәышәтәра дахысуеит, уи игәабзиара аҭагылазаашьа хар амаӡам ҳәа иԥхьаӡоуп.

Арҟәарақәа реилыргара

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иблыз ахыбра аҿы аилыргаратә усурақәа рымҩаԥгараан, Амилаҭтә сахьатә галлереиа ахьыҟаз аҩбатәи аихагыла аҿы еиқәхаз Александр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәак рыԥшааит.
Асахьақәа шхыблаазгьы иудырыртә иҟоуп ҳәа иҳәеит Агалереиа адиректор Сурам Сақаниа. Иԥшаау иреиуоуп Александр Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа "Мадемуазель Бессон", "Женщина в красной шляпе", иара убас атетралтә декорациақәеи акостиумқәеи рзы ескизқәак. Аԥхын Аԥсныҟа иаауеит ареставраторцәа, урҭ арҿиамҭақәа реиқәырхара алдыршоит ҳәа агәыӷра ыҟоуп.
Иара убасгьы ирыԥшааит Валентина Хәырхәмал лусумҭақәа зегьы рҟынтәи еиҳа аҵакы змоу – аскульптуратә композициа "Аҽыбӷаҟаза хәыҷқәа" (Маленькие наездники").
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сақаниа иблыз Амилаҭтә сахьатә галереиаҿы ҿыц иԥшаау аусумҭақәа ртәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2024
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сақаниа иблыз Амилаҭтә сахьатә галереиаҿы ҿыц иԥшаау аусумҭақәа ртәы

Имцхаз ашәара

Аҟәатәи афбатәи ашкол амина аҵоуп ҳәа адырра ҟалеит мшаԥы акы азы. Аҵаратә процесс аанкылан, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ахыргеит. Аҭыԥ аҿы аусурақәа мҩаԥыргеит акинологцәа Аԥсны АҶА, АШәМ, АҩАР русзуҩцәа.
Ахәылбыҽха еилкаахеит адырра шымцыз.

Изакәаным аҭира

Sputnik акорреспондент мшаԥы акы азы Аҟәа иҟоу аҭҭынҭирҭақәак дырҭааит. Авеипқәа урҭ зегьы рҟны ирҭиуан, аха ирмаӡаны. Хәажәкыра 1 аахыс авеипқәа рыҭира Аԥсны иҟалаӡом.
Азакәан анагӡаразы Аминистрцәа реилазаара ақәҵара апроект аус аднауылеит. Уи инақәыршәаны Аҳазалхратә еилакы авеипқәа ралагалараз хылаԥшра ҟанаҵалароуп, Аҳәынҭстандарт – рыҭиразы. Адокумент аԥыза-министр идгалара иазыҟарҵоит.
Аҳазалхратә еилакы аҿы Sputnik иазеиҭарҳәеит авеипқәа Аԥсныҟа раагара азакәан амчра анаиу инаркны ишаԥдырҟәҟәаауа.

Аҳаирбаӷәаза апроект

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара апроект иалацәажәеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи, Бабышьира ақыҭа ауааԥсыра рхаҭарнакцәеи
Вице-президент Бадра Гунба провел рабочее совещание в сухумском аэропорту имени Владислава Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2024
Аԥсны
Бадра Гәынба аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аҿы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит
Аҳаирбаӷәаза иадҳәалоу хра злоу азҵаарақәа аҭыԥантәи ауааԥсыра ирмазҵаакәа ирыдкылахоит ҳәа иҟоу ашәарақәа роуп аиԥылара зыдҳәалаз. Уи аан ақыҭауаа рхаҭарнакцәа аҳаирбаӷәаза аргылара ишақәшаҳаҭу азгәарҭеит.
Бадра Гәынба еизаз агәра диргеит азакәани ауааԥсыра рзинқәеи еиламгакәа аусурақәа шынагӡахо.
Сухумский аэропорт - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2024
Аԥсны
Џьансыхә Нанба аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара иахьаҿу Бабышьра ақыҭа ауааԥсыра дырԥылеит

Абиуџьет ахь алагалақәа

300,6 миллион мааҭ ашәахтәқәа аланагалеит Аԥсны абиуџьет ахь хәажәкырамзазы.
Планла иарбан 292,7 миллион мааҭ. Ацҵалагала 3% иҟоуп ҳәа аанацҳауеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра.

Апарламент Гыцба изыҳәа аднамкылеит

Аԥсны Апарламент адепутат Инар Гыцба изинмчрақәа заанаҵы раанкыларазы изыҳәа рыдрымкылеит.
"Ҳколлегацәеи ҳареи ҳаилацәажәеит, дахыццакны ииӡбаз акоуп ҳәа иҳаԥхьаӡеит. Иахьа иҳауит аинформациа Инар Альберт-иԥа дахьалырхыз аҭыԥ ауааԥсыра агәҭынчымра аадырԥшуеит ҳәа. Дара анапынҵамҭақәа еизганы иаҳзаарышьҭит абри аус аганахьала", — ҳәа иҳәеит Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба.
Инар Гицба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2024
Аԥсны
Аԥсны Апарламент адепутат Инар Гыцба изинмчрақәа заанаҵы раанкыларазы изыҳәа рыдрымкылеит
Инар Гыцба адепутатраҟынтәи ихы дақәиҭтәызарц арзаҳал иҩит хәажәкыра 25 рзы. Иара Жәлар Реизарахь депутатс далхын 2022 шықәса, хәажәкырамзазы имҩаԥысуаз алхрақәа раан (Аҟәа, Аҳабла ҿыц).
Азакәан инақәыршәаны, адепутат иколлегацәа иарзаҳал иақәшаҳаҭымзар, ихатәгәаԥхарала инапынҵақәа аанижьыргьы илшоит.

Акцизқәа рҟынтәи ахақәиҭтәра

Аҵыхәтәантәи аԥхьарала Аԥсныҟа иаагахо аҩыҟаҵаратә материалқәа рзы акцизқәа рҟынтәи ақәиҭтәра азԥхьагәазҭо азакәан ахь аиҭакра рыдыркылеит Апарламент аҟны.
Азакәан апроект иарбоу атауарқәа рзы абарҭ ақәҵақәа рышьақәыргылара азԥхьргәанаҭоит:
акциаза ахшәаара иаҵанакуа ирҭииз атауарқәа рыхәԥса аҟынтәи 6%;
иалагалахо атауарқәа рҳазалхратә хәыԥса аҟынтәи 0%.
Азакәан апроект аҭыԥантәи анаплакқәа рақәхарџьқәа рырмаҷра адагьы, Аԥсны иҭыжьу атауарқәа експортла рыҭира аҟынтәи абиуџьет ахь алагалақәеи ашәахтә шәатәқәеи рыҟаҵара алнаршоит иҳәеит Жәлар Реизараҿы атәыла ахада ихаҭарнак Баҭал Аиба.

Аҵарауаа ҿарацәа реиԥылара

Аслан Бжьаниеи Аҵарауаа ҿарацәа рхеилаки риеԥылара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭаҟны мшаԥы 4 рзы.
"Аԥсны анапхгара еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбразы аексперттә лкаақәа рҭахуп. Абри аганахь ала аҟазауаа заҟа ирацәахо аҟара атәыла аиҳабырагьы рыӡбрақәа иашахоит" ҳәа иҳәеит ахада аиԥылараҟны.
Аҵарауаа ҿарацәа аиԥылараҟны абарҭ аԥшьгамҭақәа рыла иқәгылеит:
Аҵарауаа ҿарацәа русура еиҳа активла АИХқәа рҟны ирылацәажәаларц, атәыла ахада исаит аҿы Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак иазку аҟәша ҷыда аԥҵазарц.
Аартра ҿыцқәа рзы гәазыҟаҵарак аҳасаб ала, аҵарауаа ҿарацәа рзы атәыла ахада иаԥхьахә аԥҵазарц.
Анқәабԥҳа Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак аусуразы: имгәыӷкәа иԥсхьада - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2024
Аԥсны
Анқәабԥҳа Аҵарауаа ҿарацәа рхеилак аусуразы: имгәыӷкәа иԥсхьада
Аҭҵаарадырратә еилазаара аҿиараз ихәарҭахараны иҟоу атехникатәи аинновациатәии усеицура аусхк аҟны Аԥсни Урыстәылеи русбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩызарц.
Аҵарауаа ҿарацәа ацхыраара рызҭаша агрантқәа рзы ахада иҟны афонд аԥҵазарц.
Аҭоурых аицакра иаҿагылартә, аҭоурыхтә гәалашәара еиқәдырхарц, аобиективтә информациа иазықәԥарц азы алшарақәа роуразы аҵарауаа ҿарацәа аҭоурыхтә ҭҵаарадырра иалагалазарц.

Аԥсыӡкра алҵшәақәа

47 000 тонна аԥсыӡ ркхьеит Аԥсны ззин ыҟаз 52 000 рҟынтә ҳәа аихшьаала ҟаиҵеит Аекологиаз Аҳәынҭеилакы аиҳабы Савели Ҷыҭанаа.
"Иҟоу агәаанагараеиԥш акәымкәа ҭырқәтәылатәи аџьармыкьахь Аԥсны иркуа кьылак аԥсыӡгьы неиуам. Иркуа зегьы аус рыдуыланы ашыла алырхуеит иара абра, анаҩс аалыҵ адунеитә џьармыкьақәа рахь инарышьҭуеит аҭиразы" ҳәа иҳәеит иара.

Атауареикәыршара

Аԥсны 2024 шықәса актәи аԥшьбарак азы атауареикәшара 10,47 миллиард мааҭ артәеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы.
Арҭ аԥарақәа рҟынтәи 8,59 миллиард мааҭ аимпорт иаҵанакуеит, аекспорт – 1,88 миллиард мааҭ.
Монеты номиналом один рубль. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2024
Аԥсны
Ажьырныҳәамза инаркны Аԥсны атауареикәшара 10 миллиард мааҭ еизҳаит
2023 шықәсазы ари аамҭа иаҿырԥшны аимпорт 1,3 миллиард мааҭ рыла еиҳауп, аекспорт акәзар сынтәа 61 миллион мааҭ рыла еиҵахеит.
Ари мзызс иаиуит ацитрусқәа, арыжәтә, абнамаҭәахә, зыхә дуум аметаллқәа атәыла ралгара амҽхак аиҵатәра.
Ажәабжьқәа зегьы
0