Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Манаргиа ашьапылампыл Афедерациа аофициалтә цҵазы: иахьатәи аамҭа уаццозароуп

Манаргиа ашьапылампыл Афедерациа аофициалтә цҵазы: иахьатәи аамҭа уаццозароуп
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа аофициалтә цҵа аусура иаланаргеит. Уажәшьҭарнахыс ашьапылампыл абзиабаҩцәа ачемпионат ахәмаррақәа ишиашоу ицои атекстә дырраҭарақәеи рбара рылшоит аҭел аҟынтәгьы. Аамҭа иақәшәо аӡбамҭа ашьапылампыл абзиабаҩцәа иахьынӡарзыманшәалахо, насгьы асаити ацҵеи ауc адулара шыҟалаз атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Афедерациа апресс-атташе Алхас Манаргиа.
Ателефон змоу дарбанзаалакгьы имоуп алшара ирласны ашьапылампыл аганахьала имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы рзы аинформациа аиура, ахәмаррақәа рхаҭагьы абара ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Манаргиа.
"Ацҵа иабзоураны ауаҩы ахьшәҭҳәа иааиҭаху ажәабжь иоуеит. Иаҳа инарҭбааны иҭаххар, зусура хацзыркыз Аԥсны ашьапалампыл афедерациа асаит аҿы ибар алшоит. Ацҵа аныҟала ашьҭахь астадионқәа рахь инеиуа рхыԥхьаӡара мачхоит ҳәа аҳәара ииашам, уимоу ашьапылампыл абзиабаҩцәа еиҳагьы еиҳахеит", - ҳәа азгәеиҭеит Манаргиа.
Афедерациа апресс-атташе аинтервиу аҿы иҳәеит, ашьапылампыл асаит ахарҭәааразы аинтерес зҵоу афото, авидео материлақәа ӡәыр инапаҟны иҟазар, инарышьҭыр шрылшо.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0