Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа даҽа тәылак ахь риагара иадгылоит

© Sputnik / Томас Тхайцук МИД Абхазии
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа даҽа тәылак ахь риагара иадгылоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.
Москва ари азҵаара еиҭашьҭнахит уажәаԥхьа имҩаԥысыз адискуссиаан. Уи мзызс иаиуит Швеицариа анеитралтә позициа аанкылара иахьаҟәыҵыз, Урыстәыла аганахьалагьы убрахь иналаҵаны.
Швеицариа аганахь агәынамӡара аадырԥшуеит Аԥсынгьы, Аахыҵ Уаԥстәылагьы. Уи зыдҳәалоу авизатә политика ахьдыруадаҩыз ауп.
Аиҿцәажәарақәа ҽаџьара риагаразы макьана акгьы рмыӡбаӡацт, уи азы урҭ ирылахәу зегьы рақәшаҳаҭра аҭахуп. Аԥсни, Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи урҭ Беларусьҟа ма Сербиаҟа риагаразы авариантқәа ирыхәаԥшуеит. Ҭыжәба иара убасгьы иазгәеиҭеит Қырҭтәыла ари азҵаара аӡбахә макьана ишаламцәажәац, аха уи мап ацәнакуазар акәхап иҳәеит иара.
Уаанӡа Швеицариа агәрагара ҳцәыӡит жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы бжьаҟазак аҳасабала ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла АдәАР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.
Брифинг официального представителя МИД России М. Захаровой - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2024
Урыстәыла
Захарова аҳәамҭа ҟалҵеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа даҽаџьара ииагазарц шырҭаху Урыстәыла
Ажәабжьқәа зегьы
0