Џьопуа еиҭеиҳәеит аибашьра ду аветеран Александр Ҭариеи иареи русеицура шыҟаз

Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аветеранцәа рхеилак ахантәаҩы, Аҳәынҭқарратә музеи 30 шықәса аинарзынаԥшуа амаҵ азызухьаз Александр Ҭариа диижьҭеи иахьа 100 шықәса ҵит. Аԥснытәи аҳәынҭкарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы уи дигәалаиршәеит.

Александр Ҭариа диит 1924 шықәса мшаԥымза 15 рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы. Александр Ҭариа иқәра шаҵанамкуазгьы, Аџьынџьтәылатә еибашьраан, 1942 шықәсазы, аҵара ицызҵоз иҩызцәа дрыцны Нхыҵкавказтәи ҳашьхахыҵырҭақәа ирхысны, аԥсуа шьха қыҭа Ԥсҳәы агаразы иаауаз афашистцәа ирҿагылеит, раанкыларагьы рылшеит. Александр Ҭариа дызлаз архәҭа 394-тәи адивизиа 808-тәи абаталион иахырыԥхьаӡалеит. Ари абаталион реибашьратә мҩа Краснодартәи ахырхарҭахь иган. 1943 шықәсазы Краснодари уи акәшамыкәшатәи араионқәеи рхы ианақәиҭыртәуаз, Александр Ҭариа ишьапқәа ӷәӷәала ирхәит. Акыраамҭа агоспитальқәа рҟны дышьҭан, иҽыхәшәтәра ашьҭахь, афронт ахь, ибаталион ахьыҟаз аҭыԥ ахь деиҭацоит.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭаҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0