Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: Аԥсни Ҟрыми, агәамсамеизгарҭа амцакра, алашара арцәара аамҭа аркьаҿра

© Foto / "Спецавтохозяйство" ГагрыСвалка горит в селе Алахадзы
Свалка горит в селе Алахадзы - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik иазнархиеит мшаԥы 8-14 рыҩнуҵҟа Аԥсны аҭыԥ змаз ажәабжьқәа рыхҳәаа.

Аԥсни Ҟрыми

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны усутә ныҟәарыла иаҭааит Ҟрым аиҳабыра аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов зхадараҿы дыҟаз аделегациа.
Аҟәа, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Георги Мурадови реиԥылараҟны Ҟрыми Аԥсни русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥсны ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥхьаҟагьы Аԥсни Ҟрыми русеицура ишацырҵо. Агәыӷрагь иааирԥшит Арратә операциа ҷыда анеилгалак аусеицуразы алшарақәа ирыцлап ҳәа, иаҳҳәап Аԥснынтә Ҟрымҟа акруизтә ӷба анашьҭра аиԥш иҟақәоу. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Иазгәаҭоу ауснагӡатәқәа, анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа ҳинтересқәа, ҳажәларқәа ринтересқәа ирықәшәоит", – ҳәа иҳәеит иара.
Мурадов дазааҭгылеит мшаԥы 9 рзы имҩаԥысыз аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара атәы. Иҳәеит 2025-2027 шықәсқәа рзы еицымҩаԥыргаран иҟоу аусқәа руснагӡа шдырмазеиуа ашықәс нҵәаанӡа.
Иара убасгьы иара иҳәеит, акомиссиа аӡбамҭала ишаԥҵахо Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак шаԥҵахо.
Подпись документов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.04.2024
Аԥсны
Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак аԥҵахоит
Аҟәа ақалақь аҿы ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартә усеицуразы Аԥсни Ҟрыми Рминистрцәа реилазаара рыбжьара анапхгарабжьаратәи акомиссиа ахәбатәи аилатәара аатит мшаԥы 9 рзы.
Анапхгарабжьаратә комиссиа аилатәараҿы иӡбан Аԥсни Ҟрыми еицырзеиԥшу аусутә хеилак аԥҵара ҳәа иҳәеит Ареспублика Ҟрым Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов.
Акомиссиа аилатәара аихшьаалақәа ҟаиҵеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. Иара дрылацәажәеит уаанӡатәи аиԥыларақәа раахыс имҩаԥгоу аусеицура еиуеиԥшым аспектқәа, иара асасцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсныҟа рааразы.
Иара убасгьы иалацәажәан Керчь аԥсыӡшылеи аԥсыӡхәшеи аҭыжьра аиҿкаара азҵаара. Азауад аԥснытәи аинвистициақәа адыԥхьаланы иргылан.
Мурадов иажәақәа рыла ари атауар даара ирҭаху акоуп, експорттә тауаруп, аха анаплакы аусура изалагом, Ҟрымтәи ацҳа иажәлар ҳәа ашәарҭара иахырҟьаны ари аҭыԥ аҿы уи азы аԥсыӡкра ахьыҟамло азы.

Тҟәарчал

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақалақь Тҟәарчал 82 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа Ахьӡ-Аԥша Аллеиа аҿы Аԥсадгьыл Ахьчаҩцәа Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иалагеит. Анаҩс урҭ ирыцҵахеит акультура Ахан аҿы. Тҟәарчалаа дрыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа. Уи Аҳәынҭқарра Ахада иҟынтәи адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.
"Иахьа тҟәарчалаа рықалақь гәакьа аиҭашьақәыргылареи уи ԥыхьатәи ахьӡ-аԥша азыргьежьреи рзы аусура иазхиоуп. Ҳара, аҳәынҭқарра Анапхгара аҳасабала, ахәҭакахьала иҳалшо ала зегьы ҟаҳҵалоит ари ақалақь аекономикатә потенциали араҟа инхо ауааԥсыра зегьы реизҳазыӷьара алыршареи рзы. Тҟәарчал инхоит зықалақьи зтәылеи даараӡа бзиа избо, уи ахьаа зхьаау апатриот иашақәа маҷымкәа. Ари ақалақь иалҵыз аӡәырҩы ҳтәыла аҿиара аус аҿы рлагала ду ыҟоуп", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.

Ураза-баирам

Ииасыз ахашазы аԥсылманцәа Ураза-баирам азгәарҭеит.
Аслан Бжьаниа шьамтәылатәи иколлега Башар Асад Ураза-баирам идиныҳәалеит.
"Шьамтәыла адинхаҵара змоу зегьы рзы аҭынчра, аиашара, аманшәалара ираамҭаны иҟалааит", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Визит президента РФ В. Путина в Сирию - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2024
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Башар Асад Ураза-баирам идиныҳәалеит
Аԥсны ахада Асад изеиӷьеишьеит агәабзиара зҩыда, ақәҿиарақәа, Шьамтәыла ажәлар зегьы — аизҳазыӷьареи аҭынчжәҩани.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Ураза-баирам рыдиныҳәалеит.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит Аԥсны иҟоу аԥсылман уаԥшь ҳтәыла аԥсҭазаараҿы аҭыԥ ду ннакылоит, адоуҳатә беиарақәа реиқәырхареи раларҵәареи рҿы рлагала дууп ҳәа.
Џьуӷьелиа Аурычра амзазы: амсылман дин ишақәнагоу иныҟәугартә уазыҟанаҵоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2024
Арадио
Џьуӷьелиа Аурычра амзазы: амсылман дин ишақәнагоу иныҟәугартә уазыҟанаҵоит

Аенергетика

Аԥсны алашара арцәара аамҭа дыркьаҿит ф-сааҭк рҟынтәи ԥшь-сааҭк рҟынӡа.
Уи зыбзоуроу ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҿы аремонттә усурақәа хыркәшаны аусура иахьаладыргаз ауп.
Отключение света  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2024
Аԥсны
Аԥсны алашара арцәара аамҭа дыркьаҿит
Атәылаҿы ишымҩаԥысыц имҩаԥысуеит акриптовалиута арҳара аҿагылараз ауснагӡатәқәа.
Ииасыз амчыбжь азы иаарԥшын акриптофермақәа хԥа, 67 аппарат аарԥшын Гәдоуҭа араион аҿы, 36 аппарат –Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рҿы.
Иара убасгьы Ҵабал ақыҭаҿы 21 "машьынка" рыԥшааит. Еиҭах акриптоферма аадырԥшит Очамчыра араион аҿы.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи русзуҩцәа инарыгӡаз аусмҩаԥгатәқәа раан Аԥсны атәылауаҩ ихатәы ҩны алыӷәра аҿы ирыԥшааит 75 аппарат рыла ишьақәгылаз аус зуаз амаининг-ферма.
Ахархәагақәа ықәганы аамҭалатәи ашьҭаҵарҭахь инагоуп. Ашықәс иалагазар иаарԥшуп 372 маининг-аппарати урҭ рмыругақәа 56.

Аусураҿы аинырреи арежим арӷәӷәареи

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути Урыстәыла АҩАР Аусеилкаара-акриминалистикатә центр аиҳабы Вадим Казьмини еиԥылеит.
Урыстәыла АҩАР ААЦ аделегациа аҭааит аԥсуа Аусеилкаара-акриминалистикатә центр. Дара аҭааит ахысратәии, анацәашьҭахыхратәии, абаллистикатәии руада.
Аԥсни Урыстәылеи Аусеилкаара-акриминалистикатә центр анапхгаҩцәа Руслан Дбари Вадим Казьмини русеицура арҭбааразы иҟаҵатәу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥсни Урыстәылеи рцентрқәа рхадацәа Руслан Дбари Вадим Казьмини аекспертизақәа рымҩаԥгара аусхк аҟны аԥышәа аимдара, анаркотикақәеи аԥсихатроптә маҭәашьарқәеи рыҭҵаараан аметодикатә знеишьақәа ирылацәажәеит.
Встреча в МВД - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2024
Аԥсны
Роберт Кьиути УАҩАР Аусеилкаара-акриминалистикатә центр аиҳабы Вадим Казьмини еиԥылеит
Лаҵарамза 1 инаркны аҩнҵҟатәи аусқәа Рминистрра хаҭалатәи аилазаара зегьы ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагахоит ҳәа иҳәеит аминистр Роберт Кьиут Гагра, аилацәажәараҟны.
Роберт Киут Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҿаԥхьа ихадоу ахыдҵа ықәиргылеит – Аԥсны атәылауааи традициала аԥсшьаҩцәа реиҳарак аԥсшьаразы еиҳа иалыркаауа Гагра араион ахь иаауа атуристцәеи ршәарҭадара алыршара, иҳәеит аҟәша хадақәа русура аиӷьтәразы Гагра АУ аҟны аусура аиӷьтәразы акадыртә ԥсахрақәа ҟалар шалшо.

Аҳаирбаӷәаза ареконструкциа

Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аргылареи ареконструкциеи рзы акоординациатә штаб аилацәажәара мҩаԥигеит. Ирылацәажәан аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа.
Уажәы ашьҭыԥраара-ртәарҭатә цәаҳәа ареконструкциа иаҿуп.
Уи адагьы абаӷәаза аусураҿы иаҭахымхо ахыбрақәа ықәыргоит, иаздырхиоит аинерттә материалқәа рыҵәахырҭеи ацементтә зауади рҭыԥ.

Ашәахтә маҵзура аиубилеи

Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны ашәахтә усбарҭа аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса аҵра иазкыз аиԥылара.
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. ⠀
"Ииасыз ашықәсқәа рыҩнуҵҟа шәара зыхәшьара ҳараку алагала ду ҟашәҵеит ҳтәыла ашьақәгылареи аекономикатә шәарҭадара аиҿкаареи рзы. Аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылараз иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы шәара ламысцқьала шәнапынҵақәа нашәыгӡон, абиуџьет хашәырҭәаауан, асоциалтә программақәа рԥаразоужьра алшәыршон", – ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Атәыла ахада аусбарҭа аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиара, азанааҭтә еихьӡара ҳаракы.

Аԥсны - Индиа

Агәыҳалалратә фонд "Междуречье" ахада Иулиа Павлиученковеи акультуратә фонд "Аԥсны-Русь" ахада Татиана Леоновеи Аԥсны ахьӡала иалахәхоит Ниу-Дели имҩаԥысуа урыстәылатәи аицџьынџьҳәсақәа ахԥатәи Евразиатәи реиԥылара.
Ауснагӡатә атема хада – аҭаацәаратә беиарақәа реиқәырхара.
Аиԥылараан имҩаԥгахоит еиуеиԥшым апленартә еилацәажәарақәа аҭаацәеи аҭаацәареи ирызкны.
Павлиученкова иазгәалҭеит Аԥсны егьырҭ аҳәынҭқаррақәа инарываргыланы жәларбжьаратәи аплошьчадкақәа рахь анеира аҵак ду шамоу.

Ргәабзиара шьақәгылоит

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу Ми-24 Кациқыҭ аҳаблаҿы артәара рықәшәеит мшаԥы 2 рзы. Уаҟа иакәтәан хҩык аекипаж – Гьаргь Ԥачлиа, Витали Коренов, Едуард Мкртчиан.
Иахьазы ҩыџьа ахәышәтәырҭақәа рҟынтәи илҩаауп ҳәа Sputnik акорреспондент иарҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрраҿы.
Урҭ руаӡәк Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҟынтәи дылырҩааит, егьи Агәӡератәи агоспиталь дҭан. Урҭ рҩыџьагьы анаҩс рыхәшәтәра мҩаԥысуеит амбулатортә ҳасабла.
Ахԥатәи мшаԥы 3 рзы Шәачатәи ахәшәтәырҭақәа руак ахь дыргеит. Уаҟа дԥырҟеит, макьана уа дышьҭоуп.
Капельница  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2024
Аԥсны
Авертолиот Ми-24 апилот иҭагылазаашьа атәы рҳәеит агабзиарахьчара аминистрра аҟны

Апрокурортә гәаҭара

Урыстәылатәи атуристка Гагра ақалақь аҿы анаԥшратә плошьадка аҟынтәи далҟьаны дҭахеит мшаԥы 7 рзы.
Гагра араион апрокуратура аусҭҵаараԥхьатә уснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.
"Адырра шыҟалазҵәҟьа ҳусуцәа аҭыԥ ахь инеит. Ашаҳаҭцәа иразҵааит, аекспертиза азгәарҭеит, уажәы иҟалаз шыҟалаз ҭырҵаауиет", - ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апрокурор Беслан Ԥкьын.
Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны апркуратура аусҭҵаара хнаркәшароуп мызкы аҩнуҵҟа.
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2024
Аԥсны
Гагратәи апрокуратура иҭахаз аԥсшьаҩы лганахь ала аусҭҵаараԥхьатә еилкаарақәа мҩаԥнагоит

Агәамсамеизгарҭаҿы амцакра

Алаҳаӡы ақыҭан, 700 инаркны 800 ԥшьыркцатә метр рҟынӡа амца акит агәамсамеизакырҭа мшаԥы 9 ауыха.
Атехника ахархәарала акоммуналтә усзуҩцәа аусура иаҿуп. Амашьынақәа рыла адгьыл ааганы агәмсам ахыхь иақәрыԥсоит. Убри ала уахь аҵәыҵәри анеира ацәыуадаҩхоит, иара убри ала амца аибакра еиҳа имаҷхоит
Амца арцәара алыршахеит мшаԥы 13 рзы.
Гагратәи "Иҷыдоу автонхамҩа" ахада Ҭемыр Бигәаа иара убас агәамсам агәамеизакырҭа аҩныҵҟатәи аҿыгҳарақәа рҿы есымша ацәылабылра иаҿуп, убри аҟнытә алҩа ықәчуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0