Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сыԥсҭазаара акәашара иазыскуеит ҳәа сыҟамызт": Ирма Барцыцԥҳа лҟазаратә мҩа иазкны

© Sputnik / Саида ЖибаИрма Барциц
Ирма Барциц - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2024
Анапаҵаҩра
Дыҟамзар ҟалап Асовет аамҭа иахаану аӡәы, Гагра араион еиҿкааз акәашаратә ансамбль "Афырҭын" аӡбахә змаҳац. Аха зегьы ирзымдыруазар ауеит артистцәа ҭаацәак еиԥш ишеизыҟаз, азеиԥш нхарҭаҿы ишеицынхоз, рыцәгьеи рыбзиеи ак шакәыз. Иахьатәи сажәабжьҳәаҩ Ирма Барцыцԥҳа дыруаӡәкыуп "Афырҭын" еиднакылаз акәашаҩцәа. Лара еиҭалҳәеит ансамбль ахь лнеира шыҟалази лколлективи лареи гәыла ишеизааигәахази ртәы.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Ирма Барцыцԥҳа Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ данҭаз нахыс акәашара лҽазылкхьан. Уаҟа еиҿкааз амилаҭтә кәашара акружок аҟны актәи акласс инаркны ахәбатәи аҟынӡа Ирмеи лҩызцәа хәыҷқәеи акәашара дирҵон Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, иахьа зыдунеи зыԥсаххьоу Славик Гәонџьуа. Анаҩс акружок дахагылеит Тҟәарчалынтәи иааны, Лиова Қьецба еиҿикаахьаз ансамбль "Афырҭын" иалахәылаз Иури Ҭориа.
"Лиова Қьецба "Афырҭынаа" Аԥсны раионцԥхьаӡа еидикылеит. Аԥхьанатә дара Бзыԥҭа, Асԥа ҳәа иахьашьҭоу азеиԥш нхарҭа иҩнарҵеит. Ҳаргьы Асԥа ҳанхон аҟнытә, аԥсуаа зегьы ҳаибадыруан. Аабатәи акласс ахь саниас, Лиова Қьецба Иури иҵаҩцәа рбаҩхатәра ангәаиҭа, аколлектив ахь ааԥхьара сиҭоит. Сгәырӷьацәа, ансамбль саларҵеит ҳәа аҽазыҟаҵарақәа рахь срыццо салагеит, аха уи хәылбыҽхала Гагра акәын иахьымҩаԥсуаз аҟнытә, мышқәак рышьҭахь сҭаацәа уаҳа сырмышьҭӡеит. Ус ашкол сахьынӡаҭаз акружок ахь сныҟәон ауп", - еиҭалҳәоит Ирма.
Ирма Барцыцԥҳа ашкол даналга дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет. Аԥҳәызба уахынлатәи аҟәшаҟны аҵара лҵон аҟнытә, аусура далагоит Асԥатәи ахәыҷбаҳчаҟны. Ус ишыҟаз, хара имгакәа, 18 шықәса ирҭагылаз Ирма лразҟы ӡбахоит. Абар аџьашьахә, зыбзиабара маӡаз Иури Ҭориа дымҵарсны дигоит асценаҟны Бзыԥҭатәи аԥшалаз иаҩызаз Барцыцаа рҭыԥҳа.
Иурии Ирмеи рыԥсҭазаара анеиларҵа аамҭазы, "Афырҭынаа" Гагратәи азеиԥш нхарҭа иҩнарҵахьан. Ҿыц еиднагалазгьы рҩызцәа рганаҿы анхара иалагеит. Ари ахҭыс ныҳәа духеит ҭаацәара дук иаҩызаз аколлектив азы.
"Абас, хә-еихагылакны иҟаз ҳзеиԥш нхарҭа иҩназ артистцәа - ҳанхарҭеи ҳусурҭеи ак акәхеит, ҳацәгьеи ҳабзиеи еишьашәалахеит", - ҳәа наҵылшьит Ирма.
Ансамбль "Афырҭын", Аԥсны ахи аҵыхәеи, Урыстәыла ақалақьқәеи рҟны имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аҩаӡара змаз афестивальқәеи аконкурсқәеи рахь иаарыԥхьон. Иҟамлацызт аԥхьахәтә ҭыԥк иаԥсамхакәагьы. Аӡәгьы изы имаӡаӡам, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аԥхьаҟа Гагра араион ақырҭцәа ирымпыҵакны ишыҟаз. Дара рполитика иахәаҽуа иалагеит аԥсуа цәа зыҟәныз зегьы. Аха ус егьа иҟазаргьы, хыԥхьаӡарала имаҷыз аԥсуаа ирылымшозгьы рылыршаны рдоуҳатә культура ӡырыргон. Ус иҟан "Афырҭынаагьы".
© Sputnik / Саида ЖибаИрма Барциц
Ирма Барциц - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2024
Ирма Барциц
Аԥсны аӷа хәымга данақәла, раԥхьатәи амшқәа рзы инапахьы иааигеит Гагра. Азеиԥш нхарҭа иҩназ артистцәа рыҳәсеи рыхшареи ирулак Бзыԥҭаҟа иалганы абџьар иаҵагылеит. Ирма Барцыцԥҳа лыԥшәма Иури Ҭориа дыруаӡәкын зыԥсадгьыл ахьчара иазгылаз. Иара Шроматәи ажәылараан ӷәӷәала ахәра иоуоит.
Аибашьра ашьҭахь акәашаҩ уаҳа асценахь дзымхынҳәит, аха иҩыза Нури Гәынба дицырхрааны еицаԥырҵеит ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Агәаԥшь". Аколлектив ҿыц шықәсқәак ирылагӡаны Аԥсни Кавказ Нхыҵи еицырдыруа иҟалеит. Аешьаратә республикақәа рҟнытә ахәыҷқәа еиҭанеиааиуа иалагеит. Ус ишыҟаз, еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны ансамбль аусура аанкылахеит. 1994 шықәсазы, Лиова Қьецба Урыстәылантәи дааны ҩаԥхьа арҿиара инапы аналаик, Иури Ҭориа иабжьгарала "Агәаԥшь" ашьаҭала ишьақәиргылоит, иахьа уажәраанӡа хьӡи-ԥшеи зманы Аԥсны ахьӡ ҭызго ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Афырҭын".
"Аибашьра ашьҭахь Аԥсны абзазара даара ихьанҭахеит. Ахныҟәгара уадаҩын. Доусы иҭаацәа зланыҟәигара дашьҭан. Аамҭа цәгьақәа шыҟазгьы, ҳмилаҭтә культура ҿымцәааит ҳәа раионцԥхьаӡа маҷ-маҷ акәашаратәи ашәаҳәаратәи коллективқәа рыԥсы рхарҵо иалагеит. Ҳара ҳансамбль шеиԥҟьазгьы, аӡӷабцәа гәыԥҩык Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа напхгара зиҭоз афольклортә ансамбль "Кьараз" ахь ааԥхьара ҳауит. Сара аԥхьанатә мап скит, аха сҩызцәа сыгәшәа ҳәаны аҟазарахь сдырхынҳәит", - лҳәоит акәашаҩ.
© Sputnik / Саида ЖибаИрма Барциц
Ирма Барциц - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2024
Ирма Барциц
Ирма Барцыцԥҳа "Кьиараз" акәашаратә хәҭаҟны ахкынагӡаҩцәа дреиуоуп. Аколлектив дацны Аԥсны араионқәеи Урыстәыла ақалақьқәеи дырҭааны ҳмилаҭтә культура ӡырылгоит.
Ирма, Баграт Багаҭелиеи Лиова Қьецбеи рыӡбахә ҳәауа, рааԥсара ду далацәажәеит. Дара иҿыцәаауаз акультура ахәышҭаара ҩаԥхьа амца ацразҵаз роуп лҳәоит.
"Аџьшьара рысҭар сҭахуп зыԥсҭазаара акәашара иазыскыз ҳаӡӷабцәагьы Римма Бениаԥҳаи, Марина Касланӡиаԥҳа Аибеи, Галина Ажьиԥҳаи, Инга Ҵышәԥҳаи, Асҭанда Гәочуаԥҳаи. Дара роуп ансамбль "Кьиараз" акәашаратә хәҭа аибашьра ашьҭахь шьаҟас иаҵагылаз", - лҩызцәа рџьабаа азгәалҭоит Ирма Барцыцԥҳа.
Иахьа Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьиараз" напхгара аиҭоит Алик Чуаз. Аӡӷабцәа рыкәашаратә гәыԥ иахәҭакуп Ирмеи, Викеи, Крисантеи Барцыцԥҳацәа, Римма Бениаԥҳа, Ирма Барганџьиаԥҳа, Сариа Узун-оглы. Зынӡа аколлектив еиднакылоит 32-ҩык артистцәа.
"Акәашацәа азал аҟынтәи уанрыхәаԥшуа, уазымхәыцуазар акәхап ирбо аџьабаа атәы. Акәашара – ари аспорт иаҩызоуп. Акәашараан – аус ауеит ауаҩы имаха-ишьаха зегьы. Иҟалалоит аҽазыҟаҵарақәа раан ааха аниоуа. Аҭоурых иадыруеит акәашара ибжанатәыз артистцәагьы. Ажәакала, иахьа ҳкультура ӡырызго, рхы рыԥсы ахәаԥшцәа рзы ишамеигӡо жәдыруазар сҭахуп", - инаҵылшьит зыԥсҭазаара акәашара иазкхоит ҳәа иҟамыз Ирма Барцыцԥҳа.
© Sputnik / Саида ЖибаИрма Барциц
Ирма Барциц - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2024
Ирма Барциц
Ишеилаҳкааз ала, акәашара - ари зыхәшәтәра алымшо ачымазара иаҩызоуп. Знык асценахь зшьаҿа еихызгаз, тәанчара дцаргьы амузыка абжьы иаҳацыԥхьаӡа игәы ҭԥраалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0