Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахада идикылеит ПМРи Аахыҵ-Уаԥстәылеи ргәабзиарахьчаратә усбарҭақәа рминистрцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВторой Абхазский медицинский форум открылся в Сухуме
Второй Абхазский медицинский форум открылся в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2024
Анапаҵаҩра
II Аԥснытәи амедицинатә форум аатит Аҟәа. Иара иалахәуп Урыстәыла, Приднестровие, Аахыҵ Уаԥстәыла рделегациақәа.
АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр Томас Џьигкаевы Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика агәабзиарахьчара аминистр Кристина Албули дырԥылеит.
Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр Томас Џьигкаев аиԥылараҟны иазгәеиҭеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рзы аус хадақәа ишреиуоу аҟазауаа ҿарацәа рыбжьара аинырра ашьақәыргылара. II Аԥснытәи амедфорум аганқәа иднарбоит иарбан хырхарҭоу аусеицуразы еиҳа иахәҭаны иҟоу. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны азы амедицинатә хырхарҭа апроблемақәа рыӡбра аԥыжәара аманы ишыҟоу.
"Аҟазауааи аҵарауааи рҽеидкылан рԥышәа анеимырдо иахәҭоу алҵшәақәа рахь икылнагоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Второй Абхазский медицинский форум открылся в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2024
Аԥсны
Аҩбатәи Аԥснытәи амедицинатә форум аатит Аҟәа
Бжьаниа Џьигкаев ҳамҭас ииҭеит Фазиль Искандер исахьа зну аԥсар, инапы зҵеиҩыз Анзор Агәмаа ишәҟәы "Старый Сухум".
Аслан Бжьаниа иԥылараан ПМР агәабзиарахьчара аминистр Кристина Албул иазгәалҭеит Аԥсни Приднестровиеи 30 шықәса реизыҟазаашьақәа аиҩызаратә шьаҭа шрымоу, иаалырԥшит агәыӷра II Аԥснытәи амедицинатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥышәа аимдара жәларбжьаратәи аимадарақәа арӷәӷәап ҳәа.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсни Приднестровиеи еиԥшу апроблемақәа шрымоу, урҭ шеицырыӡбо.
"Шәара афорум шәалахәра аҽазныкгьы шаҳаҭра ауеит ҳаиҩызара ԥхьаҟагьы аҿиара шаиуа", - ҳәа иҳәеит иара. Бжьаниа ПМР агәабзиарахьчара аминистр Кристина Албул ҳамҭас илиҭеит Александр Чачба-Шервашиӡе исахьа зну араӡны аԥсар.
Второй Абхазский медицинский форум открылся в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2024
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко дидикылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0