Урыстәыла

2024 шықәсазы акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥгахоит онлаин-режим ала

© Sputnik / Томас Тхайцук Акция "Бессмертный полк" прошла в Сухуме
Акция Бессмертный полк прошла в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik. 2024 шықәсазы Урыстәыла "Ԥсра зқәым архәҭа" амҩасра ашәарҭадаратә зҵаарақәа инарыдҳәаланы имҩаԥгахом. Абри атәы лҳәеит Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара "Урыстәыла ԥсра зқәым архәҭа" аштаб хада ацхантәаҩ Елена Цунаева.
2024 шықәсазы Урыстәылазегьтәи акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥгахоит лаҵара 1-12 рзы онлаин-режим ала.
Акциа алахәылацәа ирыдгалоуп афотосахьақәа ауаажәларратә транспорт, аӡтәи аҳауатәи транспорт ркыдҵара, аформат "Агәалашәара агалереиа" ала – ауаарацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы, абаҳчақәеи абаҳча маҷқәеи рҟны аинформациа рыцҵаны.
Раԥхьаӡа акәны "Ԥсра зқәым архәҭа" еиҿкаан 2012 шықәсазы Томск аҭыԥантәи атележурналистцәа раԥшьгарала. Фнызқьҩык инареиҳаны ақалақь амҩаду хадахь ицәырҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз рфотосахьақәа ҩнызқь рҟынӡа икны.
Аԥсны раԥхьаӡа акәны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥган цәыббра 30 2016 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0