Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукВыставка к 105-летию газеты Апсны
Выставка к 105-летию газеты Апсны - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа.
Ацәыргақәҵаҿы еизгоуп агазеҭ еиуеиԥшым аҭоурыхтә даҟьақәа ирызку аматериалқәа, уи акьыԥхь раԥхьаӡа ианаба инаркны иахьа уажәраанӡа.
"Аԥсны" – аԥсышәала раԥхьаӡа акәны иҭыҵыз газеҭуп. Раԥхьатәи аномер ҭыҵит 1919 шықәса жәабран 27 рзы. Ари аҽны Аԥсны иазгәарҭоит Амассатә информациа ахархәагақәа рымш.
Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь 1921 шықәса рзы агазеҭ "Аԥсны" ахьӡ "Аԥсны ҟаԥшь" ҳәа еиҭаркит. Уи ус иахьӡын 1991 шықәсанӡа, уи ашьҭахь уи раԥхьатәи ахьӡ аздырхынҳәит.
Газета Апсны. Агазеҭ Аԥсны - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2024
Аԥсны
Раԥхьаӡатәи апериодикатә кьыԥхь: агазеҭ "Аԥсны" 105 шықәса ахыҵит
Ажәабжьқәа зегьы
0