Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа афольклортә шәақәа рзы афестиваль азы: аҿар ргәыԥқәа цәарҵуа иалагеит

Кәарҷиа афальклортә шәақәа рзы афестиваль азы: аҿар ргәыԥқәа цәарҵуа иалагеит
Анапаҵаҩра
Аԥсны афольклортә ашәаҳәартә ансамбльқәа рфестиваль "Раида" мҩаԥысран иҟоуп мшаԥымза 25-26 рзы. 14 шықәса инеиԥынкыланы ицо афестиваль иахьа агәцаракра ахьынӡамоуи, насгьы иара Жәларбжьаратәны аҟалара шалыршахази ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа.
Афестиваль анеиҿаҳкаауаз ҳхықәкы хадақәа ируакуп - ажәлар амилаҭ хаҿра рзызуа аиқәырхара, аӡыргара, ажәлар радыԥхьалара ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Кәарҷиа.
"Афестиваль ианыԥшуа рацәоуп, иҳагу иаҳабазоу, абарҭ зегьы уанаҳәоит. Ҳаналагоз акы-ҩба ансамбль ракәын апрограмма цәырызгоз, аха уажәы араионқәа зегьы рҽаладырхәуеит. Зегь реиҳа ҳзеигәырӷьо, аҿар ргәыԥқәа цәырҵуа иалагеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәарҷиа.
Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аиҳабы иажәақәа рыла, афестиваль Жәларбжьаратәны иҟалеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иара иалахәын ашыԥсыӷцәа, абазақәа, сынтәа – Урыстәылантәи афольклортә ансамбль.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0