Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Абиблиоҵхы" мҩаԥысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы

© Sputnik / Бадрак Авидзба Библионочь в Нацбиблиотеке
Библионочь в Нацбиблиотеке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2024
Анапаҵаҩра
"Абиблиоҵхы" — асоциал-культуратә акциоуп, ашәҟәыԥхьара иазкуп. Ари аҵх азы абиблиотекақәа русура аамҭеи рформати ирыцырҵоит. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥгана 2017 шықәсазы.
АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. Ашәҟәыԥхьара аларҵәара иазку асоциал-культуратә акциа "Абиблиоҵхы" мҩаԥысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы.
Абиблиотека еихагыла-цыԥхьаӡа имҩаԥган еиуеиԥшымыз атематикатә усмҩаԥгатәқәа - абуккроссинг, аԥсуа поезиазы авикторина, апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи ҿарацәа злахәыз "Литературный квартирник", иара убас ашәҟәқәа рцәыргақәҵа.
Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи сынтәа 150 шықәса аҵра иазкын "Асахьаркыратә ажәа адунеи" аусмҩаԥгатә. Араҟа ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа апоет иажәеинраалақәа ирылху ашәақәа нарыгӡеит, ашколхәыҷқәеи, астудентцәеи, аиҳабыратәи абиԥара иаҵанакуа рхаҭарнакцәеи ҿырҳәала ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
"Абиблиоҵхы" иаҭааз асасцәа дырлахҿыхуан араионқәа рҟынтәи иааз еиуеиԥшым ахәыҷтәы аҟазаратә коллективқәа. Артистцәа қәыԥшцәа инарыгӡеит амилаҭтә кәашарақәа. Зынӡа ихәыҷӡақәаз еиҿкааз ауадақәа руак аҟны бзиа ирбоз амультфильмқәа ирыхәаԥшыртә алшара ыҟан.
"Абиблиоҵхы" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан адеӷьесҭан поетесса Миасат Муслимова лырҿиаратә хәылԥазы.
"Еиуеиԥшым ахырхарҭақәа аус руеит - авикторинақәа, ашәаҳәарақәа, акәашарақәа. Алахәылацәа зегьы ҿырҳәала ажәеинраалақәа рҳәоит, асахьаркыратә ҩымҭақәа ирыԥхьоит. Акциа зҽалазырхәуа еиҳа ирацәахо иалагеит, уи аабарҭоуп", - ҳәа иҳәеит абиблиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.
"Абиблиоҵхы" — асоциал-культуратә акциоуп, ашәҟәыԥхьара иазкуп. Ари аҵх азы абиблиотекақәа русура аамҭеи рформати ирыцырҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0