Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шьынқәба: макьана "ҳаит, сажәит!" ҳәа сҳәартә сыҟам

Шьынқәба: макьана «ҳаит, сажәит!» ҳәа сҳәартә сыҟам
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ-абиолог Маиа Шьынқәба иазгәалҭоит лиубилеи. Абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, агроинџьныртә факультет "агрономиа" акафедра адоцент, арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҭҵаарадыррахь лымҩа шалылхыз, лықәра ҿыц шылныруа.
Сиирамш усҟак ҵак дук асҭом, аха сҭаацәа уи схадыршҭуам, шьыжь шаанӡа исыдырныҳәалоит ҳәа азгәалҭеит Шьынқәба аиҿцәажәараҿы.
"Иахьа аусура саннеи сколлегцәа исыдырныҳәалеит. Уи даара ҳаҭыр ақәысҵоит, хәыҷык акы саԥсашәа сыҟазар акәхап. Ухы здукылаз аус бзиа ианубо, уҭаацәара уааигәа ианыҟоу уи насыԥуп. Тҟәарчалҟа сан лахь ацара бзиа избоит. Уа ҳаннеилак иҟаҳамҵо акгьы ыҟаӡам. Бзиа ибаны зегьы ааҳрыхуеит. Са сықәра сацәыԥхашьо сыҟаӡам, аха схы убас избоит, абриҟара шықәса аасхыҵхьоума ҳәа сгәы иаанагоит. Макьана "ҳаит сажәит" ҳәа сҳәартә сыҟам", - лҳәеит Шьынқәба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0