Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ахысраан хаҵак ахәрақәа иоуит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина МВД Абхазии
Машина МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Аҟәа аԥшаҳәаҿы лаҵара 1 ахәылԥаз иҟалаз ахысраан хаҵак ахәрақәа иоуит.
Амилициа Аҟәа ақалақь Леони Лакобеи рымҩадуқәа реихысырҭа адыркит.
Апрокуратура хада Sputnik ианаҭаз адыррала, асааҭ 21:00 рзеиԥш Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҟны ахысра ҟалеит, хаҵак ишьапы ахәрақәа аиуит, иара ахәышәтәырҭахь днагоуп ҳәа.
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут аҳҭнықалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәшаҿы иааинырсланы аилацәажәара мҩаԥганы анапынҵа ҟаиҵеит Аҟәа агәаны иҟалаз ахысра аамҭа кьаҿк иалагӡаны иҭырҵаарц азы.
"Ақалақь агәаны, аԥшаҳәаҿы, зегь бзиа еицырбо аҭыԥ аҿы асеиԥш иҟоу ацәгьоурақәа ҟамлароуп. Ҳхәыҷқәа, ҳтәылауаа рыԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара аӡәгьы азин имаӡам. Сара иаарласны, иахәҭоу аусурақәа мҩаԥыжәгоит ҳәа сыԥшуп", - иҳәеит Кьиут.
Ажәабжьқәа зегьы
0