Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абаҩхатәра аидара анақәлалакгьы – иацәыуадаҩхоит, ма Д. Гәлиа ипремиазы гәаанагарақәак

© Sputnik / С. КоротковНародный поэт Абхазии Дмитрий Гулиа.
Народный поэт Абхазии Дмитрий Гулиа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2024
Анапаҵаҩра
Д.Гәлиа ихьӡ зху Алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рзы Аҳәынҭқарратә премиа 100 нызқьмааҭ рахьтә 200 рахь ихагалоуп. Уи аизырҳара ашәҟәыҩҩратә ҩаӡара азышьҭхуама, апремиа аԥҟарақәа еиҭактәума уҳәа егьырҭ азҵаарақәа дрыхцәажәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ҳлитература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа ишықәсуп сынтәа. Ашәҟәыҩҩы 150 шықәса ихыҵра азгәарҭоит Аԥсны араионқәа зегь рҿы, ҽаҩраҭагалангьы имҩаԥгахоит еиуеиԥшым ахәылԥазқәа, аилатәарақәа. Уажәы сыззааҭгыло ажәабжь хра злоу акәны иалызкаауа рацәаҩуп. Дырмит Гәлиа ипремиа иазыԥҵәоу 100 нызқь мааҭ 200 рахь ихагалоуп. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба напхгара зиҭо Гәлиа ииубилеи иазку аҳәынҭқарратә комиссиаҿы абас еиԥш иҟаз ажәалагала цәыригеит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа. Уи иалахәыз адгылара арҭеит, анаҩс, иҳауз аофициалтә информациа ишаҳәо ала, аҟара ацлеит иазыԥҵәоу аԥаратә премиа.
Премия им. Дмитрия Гулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2024
Аԥсны
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа азы аԥаратә ҳамҭа шьҭыхуп
Сазхәыцырц сҭаххеит, аԥара аизырҳара иалшома ашәҟәыҩҩратә ҟазара аҩаӡара ашьҭыхра, ҳаамҭазтәи алитература агыдраҿы макьанагьы асовет аамҭа иалиааз ашәҟәыҩҩцәа ракәзар аԥхьагылара змоу?! Убри инаҷыданы, Гәлиа ипремиа аԥҟаԥҵәа аиҭакра аҭахума, алитературеи, архитектуреи, аҟазареи еилакны комиссиак ахәшьара арҭозар?
Иахьа апоезиа ажанр аҿы ицәырҵуеит зажәеинраала лыԥшаахқәа рыла ухызхуа аҿар, хықәкыла, Аинар Ҷыҭанаа, Абзагә Аҟалӷьба реиԥш иҟоу, аха ус акәзаргьы, егьырҭ ажанрқәа рҿы ахьысҳара ду убоит. Апремиа аиуразы иахьа 35 ма 40 шықәса ирықәу шәҟәыҩҩы ҿыцк – ароман, ма апиеса бзиа рцәыргара илымшеит.
Аҩаӡара ашьҭыхра анысҳәо, сзызхәыцуа, еиҵагыло ашәҟәыҩҩцәа рабиԥара рырҿиара ҽаԥарак изыԥарыма?! Аиҳабыратәи абиԥара иаҵанакуа ашәҟәыҩҩцәагьы иднарыҩрыма аҩымҭа шьахәқәа Гәлиа ипремиа аҳаракра?!
Анализ ҟаҵазар, ҵыԥх имҩаԥысыз Гәлиа ипремиа аиуразы аицлабраҿы аиааира аӡәгьы изымгаӡеит. Алитература ажанр аҿы иқәыргылан зыдунеи зыԥсахыз Инна Ҳашԥҳа лпоезиатә еизгеи абаза шәҟәыҩҩы Лариса Шабзыхә (Шебзухова) еиҭалгаз Рушьбеи Смыр ипоема "Семреи". Апоема, адрама, ароман уҳәа рыцәаарагьы ыҟамызт аицлабраҿы. Иқәгылаз егьырҭ аҟазара ажанрқәа рыхкқәа маҷк ҳнарнаханы иаҳҳәозар, аицлабрахь ицәыргаз асахьаркыратә ҩымҭақәа рыхкы даара имаҷуп. Гәлиа зегь раԥхьаӡа иргыланы дышәҟәыҩҩуп, убри аҟынтә иҟазар бзиан акымкәа иҵегьы алитературатә рҿиамҭақәа.
Апремиа акомиссиа ахантәаҩы Даур Наҷҟьебиа абри азҵааразы ҳаицәажәараҿы иазгәеиҭеит, знык апремиа заухьаз ашәҟәыҩҩцәа даҽазныкгьы ақәгыларазы алшара шрымазгьы рхы шаладмырхәыз. Ари аԥҟара ҿыцуп, уаанӡа уи аҩыза ыҟамызт, иҟалап, иазыҟаҵамызҭгьы ҳәа дахәаԥшуеит иара. Ари ахсаала иаҳнарбоит ҳаамҭазы алитература аҿиара иуадаҩу ацәаҳәа ишану.
Асовет аамҭахьы ҳгьежьуазар, Гәлиа ипремиа аиура зылшоз акыр ихатәраз аҩымҭақәа равторцәа ракәын. Анатоли Лагәлаа иазгәеиҭоит:
"Баграт Шьынқәба, Иван Ҭарба, Алықьса Гогәуа, Владимир Аҵнариа, Џьума Аҳәба реиԥш иҟаз ироухьан. Ихатәран аиашазы урҭ. Апсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәгьы амал иманы дысгәалашәом, аха алитератураҿы, аредакциақәа рҿы ирбоз аџьабаала рҭаацәа ныҟәыргон. Аԥсҭазаара ҭышәынтәалан. Исгәалашәоит, Москва "Советский писатель" Гогәуа ишәҟәы анҭнажь, иоуз агонорар шықәсык изхаратәы иҟан. Аԥара усҟан ахә аман. Переделкино ԥсшьара ирышьҭуан, аҳәынҭқарра даара напы адкыланы иаман ашәҟәыҩҩратә культура".
Дом музей Дмитрия Гулия - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2024
Ҳаԥсеиқәырхаҩ, ҳаԥсҿыхҩы: Қәарсаииа Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса ихыҵразы лыҿцәажәара
Лагәлаа иажәа ахы ахьцо ҳазхәыцны ҳцәажәозар, иахьа аҟазара злоу аҿар ыҟазаргьы, литературала аԥсҭазаашьа шрымам рбозар ауеит, ҳтәылаҿы асоциалтә ԥсҭазаара аџьахаџьафара зланыԥшуа ала. Асовет аамҭазы алашара, аӡы, афатә, ажәтә, абылтәы уҳәа иахьеиԥш рыхәқәа шьҭыԥомызт. Ажәакала, аԥсҭазаара хьанҭахеит, рҿиарала ахныҟәгара уадаҩхеит. Абарҭқәагьы ирыхҟьозар алшоит, хықәкыла аиҵбыратәи абиԥарақәа алитературатә еиндаҭлараҿы иахьыҟам.
Уажәшьҭа Гәлиа ипремиа аиуразы иҟоу аԥҟарақәа ҳарзааҭгылозар, аԥҟаԥҵәа ишаҳәо ала, аԥсышәала иҩу арҿиамҭақәа роуп иаднакыло. Ҵыԥхтәи аицлабраҿы ицәыргаз Лариса Шабзыхә абаза бызшәахь еиҭалгаз "Семра". Уи аԥшьнагеит С. Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аҳәынҭқарратә амузеи. Араҟа иаартны ҳцәажәозар, акомиссиа иалахәу рахьтә Рушьбеи Смыр ипоема абаза бызшәала ишцәажәо ахә зшьаша даара имаҷҩуп, аиҭага автор илоуит зынӡа ԥшьы-бжьык. Гәдоуҭатәи амузеи ахада Гәыгәыца Џьыкырԥҳа абас еиԥш иҟаз ахҳәаа сылҭеит абри азын:
"Сара соуп ирыдызгалаз. Еиҳараӡак ҳарҭ хықәкыс иҳамаз, агәыбылра ҟаларц азоуп. Дышзымцозгьы еилаҳкаауан, аха лыӡбахә ахьцәыраҳгаз уигьы лгәы шьҭанхып ҳәа ауп. Лара Аԥсны азы илымоу агәыбылрагьы мыӡырц, дшаҳхамышҭуа лдырырц азоуп. Ишыжәдыруа еиԥш, анкьа иҳабжьаз ацҳақәа хьысҳахеит", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Ари ахҳәаа алогика шаҵоугьы, апремиа аԥҟаԥҵәа аԥҟарақәа ирықәшәом, еиҳа еиӷьзар ҟаларын аԥсуа литература абаза бызшәала арцәажәара арцыхцыхразы Гәлиа ипремиа аԥҟаԥҵәаҿы иазгәаҭазар аицлабра иалам аԥаратә зшьақәа.
Абызшәа азҵаатәы анышьҭаҳх, Д. Гәлиа ипремиа аиуразы акомиссиа иалоуп хҩык рҟынӡа аҳәынҭқарратә бызшәа ззымдыруа ҳтәылауаа. Урҭ аҟазара ахкқәа рҿы адыррақәа рымазаргьы, аицлабарахь инеиуа аԥсуа ҩымҭақәа рыхә рызшьараны иҟаӡам. Иамоума ари алогика? Ауаҩы егьа дҟәышзаргьы, аоригинал абызшәала аҩымҭа дамыԥхьакәа ибжьы изаҭома? Аригьы аԥҟарақәа ирықәымшәо ҭагылазаашьоуп. Даҽакала иаҳҳәозар, аицлабра иалахәу асахьаркыратә ҩымҭа абжьқәа ацәыӡуеит.
Сайта Союза писателей Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2023
Ашьақәгылареи арҿиареи рымҩа: Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵуеит - I ахәҭа
"Ибҳәо иашоуп. Аӡәык ҩыџьак роуп иззымдыруа, аха убригьы иазхәыцтәуп", - иҳәоит Наҷҟьебиа абызшәатә аспект ахҳәаа азуа.
Ҩ-рҿиамҭак даара имаҷуп Гәлиа ипремиа аиуразы иахьцәыргаз, убри аан руакы аԥҟара иақәшәомызт... Аԥҟарақәа ҳаиҭарызхьаԥшыр акыр иџьбароуп – 21-ҩык акомиссиа иахьалоу 14 бжьы иреиҵамкәа иоуроуп аиааира зго, аӡәы х-усумҭак ибжьы риҭар алшоит.
Иазгәасҭарц сҭахуп Д. Гәлиа ипремиа аԥҟарақәа рҿы угәы еихьызшьуа даҽа зҵаатәыкгьы. Акомиссиа иалоу ихаҭа аицлабра ихы алаирхәыр ауеит, абжьаҭарагьы азин имоуп. Ас ҟалашьас имоузеи? Иаҳҳәап, аҵыхәтәантәи аицлабраҿы акомпозитор, акомиссиа алахәыла Нодар Ҷанба иреквием Гәлиа ипремиа аиуразы иқәгылан, иаргьы абжьаҭара азин иҭан. Иаҳҳәап, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла, Т. Аџьба ипремиа аиуразы уҳәа Аԥсны имҩаԥырго аицлабрақәа рҿы акәзар, уа зусумҭа ықәгылоу аӡбаҩцәа рсиаҿы ҟалашьа имаӡам. Адунеитә ԥышәаҿгьы ари аҩыза џьаргьы иуԥылом.
"Акомиссиа иалоу иқәмыргылара ҳәа аԥҟара ыҟаӡам. Ақәыргылара ҟалоит, аха абжьаҭара азин имамкәа иҟауҵар иашахоит. Ҳасабк азаҳуроуп", - иҳәоит Наҷҟьебиа абри азы саниазҵаа.
Анаҩс, Гәлиа ипремиа ахантәаҩы Наҷҟьебиа иажәа иацҵо иҳәеит:
"Уажәы иҳарӷәӷәар ҳҭахуп аицлабрахь инеиуа ралԥшаара азнеишьа. Гәлиа ипремиа иазыԥҵәоу аԥара ахьышьҭырхыз, хымԥада, ибзиоуп. Са сгәанала, ианҳарӷәаӷәалак апремиа 500 нызқь рҟынӡа ихагалатәуп", - ҳәа.
Акомиссиа аԥҟарақәа дырзааҭгыло, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа абас еиԥш иҟоу ахшыҩҵак ааирԥшуеит:
"Алитературеи аҟазареи еилоуп, абжьаҭара хаз-хазы иҟаӡам. 11 ма 12 бжьы зауз ҩыџьа-хҩы ҟалеит сынтәа, абыжьқәа ԥсаҟьахеит. Сара сгәаанагарала, абжьаҭарахь инеиаанӡа еилыршәшәатәуп аҩымҭақәа, аҩаӡара бзиа змам зымнеиуа. Аринахыс ихатәроу аҩымҭақәа ҩба-хԥа ықәгылазар, убасҟан ауп абжьқәагьы рҽанеиҩырымшо. Иаҳҳәап, иахәҭоу абжьы (14 еиҵамкәа) ҩыџьа еиҟараны ианроулак, аҩбатәи атур ҟауҵар ауеит. Уи аԥҟара иануп", - иҳәеит Лагәлаа.
Сара ари зыҩуа схәыцрақәа шыҟоу ала, Гәлиа ипремиа алитературатә премианы иҟазар еиӷьхоит, аҟазарауаа, архитекторцәа хазы ирзазгәаҭаны. Имариам усуп, алитературагьы бзиаӡаны еилукаауа, архитектурагьы уазҟазаны, абызшәагьы удыруаны аҟазаара. Гәлиа аԥсуа литература арҿиара ашьаҭа зкыз иоуп, ус анакәха, хазы алитературатә премиа ыҟазар ахәҭоуп, ас ажанрқәа еидкыланы акәымкәа.
Абраҟа иазгәасҭарц сҭахуп, аԥсуа сахьаркыратә ажәа арҿиаразы, уи аҿар аҵагыло иҟаларцаз, хышықәса рахь знык имҩаԥырго алитературатә премиа иазку аицлабра мацара шамыхәо. Иахьа аԥхьара акыр ихьысҳахеит, хәҭакахьала уи зыхҟьо ауаа рыҩны агазеҭқәеи ажурналқәеи ахьымнеиуа ауп, еиҳаракгьы аԥсуа қыҭақәа хуаадахеит. Абри иашьашәалоуп Лагәлаа иҟаиҵо ахҳәаагьы:
"Асовет ҳәынҭқарра ахаан ажурнал "Алашара" атираж 14 нызқь ыҟан. Аԥсны араионқәа зегь рахь иршон. Иахьа атираж 500 цыра роуп иҟоу. Асовет Еидгыла ахаан Ҭхьына ақыҭа мацара 500 журнал роуан. Ара хымԥада иаҭахуп аиҳабыра рымч. Анкьа аԥсуаа есымша аиҳабыра ирзыԥшуан, аиҳабыра ажәа анырҳәалакгьы ргәы ӷәӷәахон. Исгәалшәоит, аибашьра ҟалаанӡа Аҟәа Аиааира апроспект аҿы ашәҟәыҭирҭа дыҩналеит усҟан Аԥснытәи Апартиатә хеилак актәи амаӡаныҟәгаҩ Борис Адлеиба. Ииҭахыз аԥсуа шәҟәқәа рацәаны иааихәеит, уи телехәаԥшралагьы иддырбон. Адырҩаҽны шьыбжьон ашәҟәыҭирҭа ҳныҵаԥшызар акгьы ыҟамызт, аҭиҩцәа ирҳәеит аиҳабы ишааихәоз збаз аԥсуаа инхаз аахәан иргеит ҳәа. Иахьа ачынуаа ашәҟәаахәара инеиуа, иааиуа иҟалар, ауаа ирбар, убрахь ихьаԥшуагьы рацәаҩхоит", - ҳәа азгәеиҭеит Анатоли.
Cайт союза писателей абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.06.2023
Аԥсны
Ашьақәгылареи арҿиареи рымҩа: Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵуеит - II ахәҭа
Аԥсуа литература аҿар аҵагыларц азын, иҵегьы адгылара рҭахызар ҟалап, иахьа аҩымҭақәа ркьыԥхьразы уадаҩрак ыҟамзаргьы. Ари азҵааразы Анатоли Лагәлаа игәаанагара абас иҟоуп:
"Ганкахьала уажәы аҿар ацхыраара бзиа рымоуп, анкьа аредакциаҿ анеира цәгьаны иҟан, уажәы хар змам аҿар рҩымҭақәа ркьыԥхьуеит, хаз шәҟәны иҭрыжьуеит, ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иаларҵоит. Абаҩхатәра змоу ҳрышьҭоуп еснагь, Гәлиа ипремиахьгьы рҩымҭа ықәдыргылар рылшоит, араҟа ақәра иахәаԥшӡом. Аха, иахьа аамҭа уадаҩуп, знык ауаҩы данышьацәхныслалакгьы, алитература азыхынҳәра уадаҩуп. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа еиҳа абаҩхатәра злоу ирызхьаԥшлароуп. Иԥшааны, иалкааны ацхыраара рыҭатәуп, убасҟан ауп аҿаргьы ргәы аныӷәӷәахо. Аҿар русурҭақәа рҿы ирырҭо ауалафахәы маҷуп, хыџьара, ԥшьыџьара аус зуа рацәаҩуп. Аидара абаҩхатәра ианақәлалакгьы, иацәыуадаҩхоит. Аха ҳаргьы ус ауп ҳшалагаз. Арҿиаҩы ибаҩхатәразы аҭыԥ нкыланы имазароуп еснагь", - иҳәоит иара.
Ииасыз ашықәс анҵәамҭазы имҩаԥысыз Гәлиа ипремиа аиуразы абжьаҭараан, ишысҳәахьоу еиԥш, апремиа аӡәгьы имоуӡеит, абжьқәа рҽахьырыԥсаҟьаз иахҟьаны. Абри иазку аматериал хыркәшо, исҳәарц сҭахуп апремиа аиуразы иҟоу аԥҟаԥҵәа аиҭахәаԥшра хымԥадатәиуп, акалам зку ауаа уи аҽалархәразы иҵегь ргәаҳәара ҳаракхарц, ауаажәларрагьы акомиссиа зықәныҟәо аԥҟарақәа гәыҩбара рнамҭарц...
Ажәабжьқәа зегьы
0