Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Дәрыԥшь ақыҭан Аиааира Ду амш иазку аҽырхәмаррақәа мҩаԥгахоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Конно-спортивные соревнования в селе Дурипш
Конно-спортивные соревнования в селе Дурипш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира амшныҳәаз Дәрыԥшь ақыҭан лаҵара 8-9 рзы аҽырыҩра мҩаԥгахоит, абри атәы иҳәеит Аԥсны аҽтәы спорт Афедерациа аӡбаҩ хада Џьарназ Бениа.
Аԥхьахәтә фонд Гәдоуҭа араион абиуџьет аҟынтәи иазоужьуп, уи иартәоит 800 000 мааҭ.
Аицлабрақәа ирылахәхоит быжь-командак: Дәрыԥшь, Лыхны, Ҟәланырхәа, Аацы, Жәандрыԥшь, Аҷандара, Џьырхәа рҟынтәи.
Аҽыбӷаҟазацәа рхы аадырԥшыроуп аҽымпыл, аҵәеигәыдҵа, аҳәаҟьара, аҽырхәмарра рҟны. Аԥхьахәқәа ранашьахоит еиуеиԥшым абжьаӡарақәа рҟынгьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0