Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акәашаратә проект Eytsikәashow раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый концерт танцевального проекта Eytsikәashow прошел в Абхазской госфилармонии
Первый концерт танцевального проекта Eytsikәashow прошел в Абхазской госфилармонии - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акәашаратә проект Eytsikәashow раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит аҳәынҭқарратә филармониаҟны лаҵарамза 2 рзы.
Денис Инаԥшьба икоманда иалалеит: Адамыр Аҩардани Диана Гәынԥҳаи, Ражден Гьергьедааи Асиа Арҩҭааԥҳаи, Инал Инаԥшьбеи Арина Лакәиаԥҳаи, Саҭбеи Адлеибеи Лана Ҷанԥҳаи, Амиран Ҟаитани Сабрина Ԥкьынԥҳаи, Паата Хубулааи Рада Ҭаниаԥҳаи, Саид Ҳагбеи Милена Тачлиаԥҳаи.
Аслан Багаԥшь икоманда иалоуп: Ҭемыри Марианнеи Ҭыҩаа, Алан Кацубеи Камилла Жанааԥҳаи, Алан Аухаҭи Лана Бжьаниаԥҳаи, Адис Агрбеи Себина Зекир-оӷли, Вадим Чамагәуеи Илона Козмааԥҳаи, Ҭемыр Аргәыни Есма Ақырҭааԥҳаи, Адгәыр Миқааи Илона Зыхәԥҳаи.
Еицыкәашо 14 гәыԥ актәи аҭыԥи аҳамҭа хадеи рзы еиндаҭлоит — 450 000 мааҭ. Зынӡа ф-концертк мҩаԥгахоит, анаҩстәи лаҵарамза 30 рзы.
Sputnik Аԥсны — апроект аинформациатә дгылара анаҭоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0