Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Абыхәба еиҭеиҳәеит Аҟәа Маи 9 аныҳәа шазгәаҭахо атәы

Абыхәба еиҭеиҳәеит Аҟәа Маи 9 аныҳәа шазгәаҭахо атәы
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира 79 шықәса ахыҵра шԥазгәаҭахои Аҟәа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахадара акультура аҟәша аспециалист хада Нарсоу Абыхәба.
Аныҳәа азгәаҭаразы аусура еилашуеит иҳәеит Абыхәба аиҿцәажәараҿы. Иара иажәақәа рыла, ашәаҳәаҩцәа иалырххьеит инарыгӡараны иҟоу, насгьы аныҳәатә концерт аҿы иҟалоит аҿыц ашәақәагьы.
"Анатоли Алтеиба иашәа ҿыц ӡыргахоит аныҳәа аҽны. Иара "Брестская крепость" аԥсшәахь еиҭеигеит. Автор азин имхны аконцерт аҿы инагӡахоит. Маи 9 аҽны аусмҩаԥгатәқәа ирылагоит асааҭ 10 рзы Идырым асолдаҭ ибаҟа аԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵарала, уаҟа имҩаԥгахоит амитинггьы, анаҩс аныҳәатә парад. Шьыбжьон асааҭ 15:00 рзы еиҿкаахоит аныҳәатә концерт", - иҳәеит Абыхәба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0