Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: аполитолог Урыстәыла ахада Путин ихаҭара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: аполитолог Урыстәыла ахада Путин ихаҭара иазкны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит иахьа. Аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит Урыстәыла ахада имҩаԥиго аполитикеи ихаҭареи ртәы.
Аполитолог Беслан Ҳагба ицәажәараҿы иазгәеиҭеит Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа Урыстәыла хьыӡла изалҵыр, ԥаса адунеи зегьы анырра ду азҭоз асовет ҳәынҭқарра еиԥш ишьақәгылоит ҳәа.
"Адунеи аҿы зегь реиҳа ахьӡ змоу аполитик ҳәа ианырԥхьаӡо еснагь аиааира игон Владимир Путин. Иаҳҳәап, ихьԥшым ҳәа иҟоу аинформациатә маҵзурақәа, мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа рҟынтәигьы аус зуа. Дазусҭада ақәҿиара змоу аполитик? Асоциалтә –економикатә еизҳара ҟазҵаз, џьара акризис зауны ицәырҵыз азҵаарақәа рыӡбараҟны зхы шьҭыхны, хьыӡла алҵра зылшаз. Ари Украина мацара акәӡам, иаҳгәалаҳаршәап иара 2008 шықәсазтәи ахҭысқәагьы…Дгәамҵны иҟаиҵазаргьы, зны-зынла аполитикцәа ус еиԥш агәамҵра анаадырԥшуа ыҟоуп, аха анагӡара, уи аларҵәара даараӡа имариаӡамызт. Иаҳгәалаҳаршәап иара Шьамтәыла иҟалаз ахҭысқәагьы. Урыстәыла уа инеины, рҽалархәны Асад ирежим еиқәдырхоит ҳәа аӡәгьы ихаиҵаӡомызт. Украина иҟалаз аиҿагылара иаанагоит ас еиԥш аполитик ӷәӷәа дшыҟоу, ахьыӡгьы шимоу. Иара мызқәак раԥхьа ирԥхьаӡеит економикала Урыстәыла Европа актәи аҭыԥ шааннакылаз. Уи зегьы аԥхьа иргыланы иӷәӷәаӡоу аполитик Владимир Путин иоуп изыбзоуроу", - иҳәеит аполитолог.
Иара иазгәеиҭеит Путин еиԥш аполитикцәа Урыстәыла напхгара арҭозар, Урыстәыла ахаан акгьы ахьраны иҟаӡам ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0