Барцыц: Гагра акурорттә сезон аатуеит

© Sputnik Томас ТхайцукБеслан Барциц
Беслан Барциц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион Ахада Беслан Барцыц Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит акурорттә сезон аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа атәы.

Гагра араион Ахада Беслан Барцыц Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит акурорттә сезон аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа атәы. Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Саида Жьиԥҳа.

- Иабанӡазыҟаҵоу ақалақь акурорттә сезон, иарбан усмҩаԥгатәқәоу ақалақь амаҵзурақәа иахьазы имҩаԥыргоу акурорттә сезон ишахәҭоу еиԥш еиҿкаахарц?

— Ҳәарада, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы ақалақь амаҵзурақәа зегьы активла рҽазыршәоит акурорттә сезон ишақәнаго еиԥш иаԥылартә аҟалара. Лассы-лассы имҩаԥаагоит абри аус азҵаара аганахьала аиԥыларақәа, аиҿцәажәарақәа. Уаҟа ҳара ҳрылацәажәоит иарбан мҩақәоу еиҳа хра рыманы аус зуа. Ахырхарҭақәа зегьы ҳрызхьаԥшуеит, аха аиҳарак ҳамчқәа зегьы ақалақь ацентр иахьаҵанакуа ауп ахырхарҭа ахьраҳҭо. Ишыжәдыруа еиԥш ақалақь аҟны ақалақь ӡыла аиқәыршәареи аӡымҩангагақәа рышьҭаҵареи рзы аусурақәа ирҿуп.

Аӡымҩангагақәа анышьҭаҳҵа ашьҭахь урҭ аҭыԥқәа рҟны амҩақәа еиҭашьақәыргылатәхеит. Анцәа иџьшьаны ҳара иаҳзоужьыз аамҭа ҳаҽҭаҳагӡеит. Иахьазы уи аганахь ала проблема ҳамам. Иахьазы, ҳамҩаду хадақәа – Арӡынба имҩаду, Демерџь-иԥа имҩа, Ҟабардаа рымҩа акаҭран рықәҵаны ишахәҭоу еиԥш еиҿкаауп.

- Беслан Константин-иԥа, аԥхынтәи аамҭазы аӡымҩангагатә систтема акапиталтә ремонт азура иацҵахоума?

Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкьиа - Sputnik Аҧсны
Авҭандил Гарцкьиа: миллионҩык аԥсшьаҩцәа рыдкылара ҳазхиоуп

— Аӡымҩангагатә система аиқәыршәара ҩ-етапкны еихшоуп. Актәи аетап иазыԥхьагәанаҭоит амагистралтә мҩақәа рышьҭаҵара, анасостәи аӡеизгарҭатәи станциақәа рыргылара. Арҭ аусурақәа иахьазы ихыркәшоуп. Егьырҭ аусурақәа аԥхынтәи амзақәа рзы иаанкылазарц азаҳаӡбеит. Ҳара иаҳҭахуп ҳаԥсшьаҩцәа ԥырхага рымамкәа раамҭа рхыргарц.атәыла анапхгарагьы ари иақәшаҳаҭхеит. Аха ари иаанагом аусурақәа зынӡа игәыгәҭажьуп ҳәа. Ҳара уажәы нап аҳаркит аҩбатәи аетап апроектҟаҵара. Уи хыркәшахоитмызқәак ҳадхалоит. Аӡымҩангагатә система аихшарҭатә ҳақәа рышьҭаҵара ҳаналаго аамҭазы ихыркәшахоит апроект-сметатә документациа. Ақалақь ауааԥсыра агәра дсыргарц сҭахуп 2016 шықәса рзы ӡыла аиқәыршәаразы иахьа иҳамоу апроблема шаԥыххо. Аӡы аҩнқәа рахь инашьҭхалоит еиԥымҟьарада.

- Ақалақь асанитартә ҭагылазаашьа еиӷьындаз уҳәо иҟоуп, аиҳаракгьы аԥхынтәи аамҭазы. Амшын аԥшаҳәа, аҟәара, ақалақь агәҭа шыдрыцқьоугьы агәам-сам аиҵахара убарҭам. Абри аус аҭыԥ ишԥақәҵатәу?

— Ари аҭагылазаашьа узлаҿагыло ҳәа иҟоу акы заҵәыкоуп: умтәакәа аусура. Ақалақь аҟны ауадаҩрақәа шыҟоугьы агәам-сам ҳхыҵәаҵәҟьаны иҟам. Ауаагьы ирбоит аус шаауа. Проблеманы иҟоуп атехника азымхара. Уи аганахьала агәаанагара ҳамоуп атәыла аиҳабыра ҳацхраап ҳәа.

Ианаамҭоу агәам-сам ақәгара амацара акәым ҳара иахьа проблеманы иҳамоу. Аԥхынтәи аамҭазы ақалақь аплиажқәа рҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп. Аканализациатә еизгарҭақәа закәандарыла аӡеизарҭақәа ирҿыԥшьны иахьыҟарҵо амшын аҟны аҟьашьрақәа цәырнагоит. Ас аура иашам. Убри инадҳәаланы акомиссиа ҷыда аԥҵан. Уи асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа аԥнарҟәҟәаауан. Ирыман аҭыԥ — хԥа,-ԥшьба еихагылоу ахатәы сасааирҭақәа аканализациатә система рымамкәа ианыҟаз. Асеиԥш иҟоу  аҭагылазаашьақәа ҳара азакәан амҩала ҳарҿагылалоит.

Гагра араион аҿиаразы аинвестициатә программаҟны иарбоуп аканализациатә система аԥсахреи иахьыҟам аҭыԥқәа рҟны ашьҭаҵареи. Абри иазоужьу аԥарақәа миллиардки хышә миллионы ыҟоуп.

Пляж. - Sputnik Аҧсны
Цандрыԥшь аҳабла аԥсшьаҩцәа раҭаара иазыԥшуп

- Амшын аԥшаҳәеи ақалақь аҩныҵҟатәи аныҟәарҭатә ҭыԥқәеи реиҿкаара мҩаԥысуама?

— Гагра иаԥҵахоит иаку аԥшаҳәатә комплекс. Ҳақалақьуаа рзы ари ныҳәак иеиԥшхоит. Амшын аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара аинвестициатә программаҟынгьы иарбоуп. Иара аамҭа-аамҭала имҩаԥгахоит. Аԥшаҳәа иацҵахоит Ажәытә Гагра аганахьи  "Кемпинг" араион аҟынӡеи. Аныҟәарҭатә зонақәа макьаназы ишахәҭоу еиԥш аиҿкаара рымам. 150 000 ԥшьыркца метра рҟынтәи 10 000 ԥшьыркца метра роуп анеиааирҭазы ирманшәалоу. Иааиуа аҩышықәса рыҩныҵҟа ақалақь агәҭатәи ахәҭа атротуартә плиткала ихааҩарц ҳагәҭакуп.

- Гагразы апринц Ольденбургски ихьӡ зху апарк визиттә карточканы иҟоуп. Иара даара игәыгәҭажьны иҟан. Гагра араион Ахадара иазырыӡбеит АУН "Ольденбургски ипарк" аԥырҵарц. Шәгәы иахәоума уи анаплакы иахьазы аус шауа?

— Сара исҳәарц сылшоит анаплакы аус шауа. Уаанӡа апарк уаҩсны уанцоз амшын убарҭамызт. Имҩаԥгоу арыцқьаратә усурақәа ирылҵшәаны хра змоу аҽеиҭакрақәа ҟалеит. Апарк зегьы ишахәҭоу еиԥш аиҭашьақәыргыларазы анџьныртә усурақәа рыхәԥса акыр иҳаракуп – 150 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Исҳәарц сҭахуп апарк аҳәаақәа ишрыцҵоу араионтә еизара аӡбрала.

Еиҭах исҳәарц  исҭахуп адәныҟатәи ахәаахәҭрақәа амшын иаԥну аԥшаҳәаҟны ирҭыԥым ҳәа. Амшын аԥшаҳәәеи ииара ақалақь ахаҭеи џьырмыкьак аҳасабала аҟаҵара иашам. Абри аганахьалагьы аусурақәа цоит, аиҳарак апарк иахьаҵанакуа. Апарк еснагь иԥсшьарҭа ҭыԥны иҟан, ус иагьынхароуп.

- Адәныҟатәи ахәаахәҭра аҭыԥ ақәҵаразы иҟаҵатәузеи?

— Адәныҟатәи ахәаахәҭра –ари аԥхынтәи асезон мацароуп изҵазкуа. Иара мҩаԥгалазароуп еиҵырхуа-еиҵарԥсо апалаткақәа рҟны мацара, аха аӡәырҩы усеиԥш азин анроулак уи аҭыԥ аҟны адәқьан аргылара иалагоит. Ақалақьуаа реҳараҩык асеиԥш иҟоу аусқәа ирҿагылоит. Сара урҭ ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Адәныҟатәи ахәаахәҭра ишахәҭоу еиԥш  амҩаԥгаразы акомиссиа ҷыда аԥҵоуп, ахәаахәҭцәа ирықәнагоу аҭыԥқәа рзалхуп.
Асезон нҵәацыԥхьаӡа ҳара иаабоит ахәаахәҭцәа рышьҭа-мҭа еилыргамкәа ишынрыжьуа. Нас, ҳара урҭ рықәгара ҳаҿызароуп. Анаплакыҩцәеи ҳареи изныкымкәа аимакқәагьы ҳаухьеит. Анаплакыҩцәа рахь схы нарханы исҳәар сҭахуп ҳақалақь ааидкыланы аџьармыкьа ԥшра аҭара ҳшақәшаҳаҭым.

Гагра ақалақь аусбарҭа, архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсныҟа иааԥхьахоит урыстәылатәи атуроператорцәа

- Аԥхынтәи аамҭазы аԥсшьаҩцәа ирыдыргалоит ахаа-мыхаа, ачарӡ, арыжәтә. Асанитартә нормақәа иабанӡарықәшәо арҭ зегьы?

— Асанитартә-епидемиологиатә маҵзуреи ҳареи аицәажәарақәа мҩаԥаагахьеит абри азҵаара аганахьалагьы. Асанитартә ҳақьымцәа ари хылаԥшра арҭалароуп. 

- Аԥсшьаҩцәа аӡыржәтә ахаҭабзиара иахашшаауеит. Асанитартә нормақәа иабанӡарықәшәо ҳӡыржәтә аҭагылазаашьа?

— Ҳара ҳӡыржәтә уникалтәуп, аҵакы змоу иара шрыдаагало ауп. Ахаҭабзиара еилагахоит иара ауааԥсыра рызнагараан. Убри ауп изыдҳәало аӡымҩангагақәа рыԥсахрагьы. Ҳара иҳагәҭакуп ҽааназы аӡыржәтә ахаҭабзиара иреиҳаӡоу аҩаӡара аҳҭап ҳәа.

- Аԥхынтәи аамҭазы Гагратәи араион аҟны еизҳауеит ацәгьоурақәа. Азинхьчаратә органқәеи шәареи шәабанӡеимадоу? Урҭ русура зеиԥшроузеи?

— Ҳақалақьуааи ақалақь асасцәеи шыхьчо рдыруазароуп. Азинхьчаратә органқәеи ҳареи иааиԥмырҟьакәа аимадара ҳамоуп. Аԥхынтәи аамҭазы дара, транспортлеи  кадырлеи иахәҭоу аиқәыршәара шрымамгьы, еиҳа ҽышәала аус руеит.

Идыру акоуп, аԥхын ацәгьоура зыгәҭаку ҳраион рыҽшадыркыло, убри азы амилициа русура еидара ӷәӷәахоит. Араҟа урҭ ауааԥсыра рыцхыраарагьы рҭахуп.

Агәабзиарачаԥарҭақәеи, асасааирҭақәеи аԥсшьарҭа ҩнқәеи авидиохәаԥшра асистема рымазааар, ацәгьоурақәа еиҵахон. Ацәгьоура ҟаларгьы, аилкаара ласхон. Ҳара зегьы амилициа русураҟны ацхыраара раҳҭалароуп.

- Шәгәы ишԥаанаго, изеиԥшрахарызеи ҳаззыԥшу акурорттә сезон?

— Ҳара ҳуснагӡатәқәа зегьы ззырхо акурорттә сезон ишахәҭоу еиԥш амҩаԥгаолуп. Араион абиуџьет алагалатә хәҭа еиқәзыршәо аԥхынтәи асезон ауп. Агәра згоит аԥхынтәи асезон алҵшәа бзиақәа ҳанаҭап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0