Ҩаԥхьа абызшәа апроблемахь: аԥсшәа ахьысҳахара ашьаҭа абаки?

© Sputnik Нонна ҬхәазԥҳаАԥсуа бызшәа арҿиара афонд иҭнажьыз ашәҟәқәа
Аԥсуа бызшәа арҿиара афонд иҭнажьыз ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аҵаратә система аԥсуа бызшәа адырра аганахьала иацу абзиеи-ацәгьеи дырзааҭгылоит Sputnik аналитик, ажурналист Нонна Ҭхәазԥҳа.

Нонна Ҭхәазԥҳа, Sputnik

Аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәаны ҳзакәан хада Аконституциа иануп, Аԥсны Жәлар Реизара аҿы азакәангьы рыдыркылахьеит, аха иахьа уажәраанӡа уи ҳәынҭқарратә бызшәак ишақәнаго ахархәара амам. Ари аҩыза аҭагылазаашьа ашьаҭа акит абызшәа ҳҿырхырц анырҭахыз аамҭақәа раан. Аха аԥсшәа ахархәара иахьа ҳазҭагылоу аҟынӡа иааирц азын ашьаҭа ахьакыз ашколқәа аатуа ианалага ауп. Избанзар аҵаратә система тәым бызшәан шьаҭас иазышьҭаз. Уи маҷ-маҷ аԥсуаа рыхдырра иалалон, ианыруан. Ԥсыуа доуҳала, ԥсыуа қьабзла, даҽакала иуҳәозар, ԥсыуала иааӡаз ахәыҷқәа иаԥсыуамыз аҵаратә система рыдыргалеит. Ари маҷ-маҷ ҳахдырра иалало аҿаанахан, иахьатәи ҳҭагылазаашьа аҟынӡа иааит. Ус шакәу арҵабыргуеит аԥсшәа зыхшара ирымазымдо аҭаацәа иаарго аҿыҵгақәа раԥхьа игылоу – ахәыҷы ианизҳалак, аҵара иациҵарц аниҭаху, иоурысшәа хьысҳахар ҳәа иахьшәо. Имӡакәа иаҳҳәозар, зегь зыхҟьо убри ауп. Ирааӡо ахәыҷы дандухалак, иреиҳау аҵара аиураҿы аԥынгыла имоурц рҽазыҟарҵоит данилак инаркны, атәым бызшәа идгало.

Виачеслав Чрыгба. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Виачеслав Чрыгба: аԥсуаа ҳмилаҭтә хаҿра аԥсуа бызшәада иаҳзеиқәырхаӡом

Иахьа Урыстәылатәи аҳәынҭқарреи ҳареи ҳаимабзиоуп, аха иаҳҳәап уаҵәы даҽа тәым ҳәынҭқарраки ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еимабзиахар, иреиҳау аҵараиуразы ҳҿар уахь рҿынархар, ҳхатәы бызшәа зымҩа инышьҭаҵан, уигьы ҳҽазаҳкуама? Ари азҵаара ҳәынҭқарратә знеишьала иӡбатәу ак акәӡами? Аԥсышәала аҵара зырҵатәуи, атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы аҵара зырҵатәуи еилыхны аҳәынҭқарра имҩақәнаҵозар ауп.

Аԥсышәала аҵара зҳарҵо, ҳхәынҭқарра амаҵ ахьыруа, тәым бызшәала аҵара зҳарҵо ҳҳәынҭқарра амаҵ ахьыруа еилырганы иҳамазар бзиоуп, аха макьана ус ҳааиуеит. Ари иахьакәым ҳкылнагар алшоит. Убри азын ҩ-напыкла иктәуп, азҵаара аӡбара нап арктәуп, иахьазы макьана ихьшәамхаӡацт. Аха аԥсшәа еиҵагыло абиԥарақәа ирымардаӡом аҭаацәа. Абра ахьысҳара ашьаҭа акит. Убри иахҟьаны, зҵаара хаданы иқәгылеит аԥсшәа ззымдыруа дырҵаразы, аметодикатә цхыраагӡақәа, арҵага шәҟәқәа, алабҿабатә хархәагақәа уҳәа реиқәыршәара.

Иарбан бызшәазаалак иззымдыруа дырҵара гәыцәс иамоу акоуп. Даҽакуп – уи уара убызшәа дырҵаразы ахархәара шауҭо. Абраҟа ҳара ҳҽазаҳшәалароуп иаҳнаало аформақәа рыԥшаара. Уи аус адулара иаҿуп ҳметодистцәа.

Аха абра имҳәакәа узавсуам аԥсуаа рыҩныҵҟа ишьақәгыланы иҟоу агәаанагара: "Аԥсшәа – зҵара цәгьоу, зҵара мариам бызшәоуп, уи уаҩы изҵаӡом" ҳәа. Уамашәа иубаша, аԥсшәа здыруагьы убас изыԥхьаӡо ыҟоуп. Ари шьаҭанкыла ииашаӡам. Абызшәа зҵарц агәаҳәара змоу, амотивациа ззықәгылоу ауаҩы, аџьабаа ибаргьы, аԥсшәа иҵоит.

Аԥсшәа шьҭыбжьыла иахьбеиоуи, грамматикатә структурала индоевропатәи абызшәақәа иахьрықәымшәои ракәзар ҟалап ари аҩыза агәаанагара шьақәзыргыло. Егьырҭ амилаҭқәа рҿы аӡәы иҳәом схатәы бызшәа аҵара уадаҩуп, убри азы мап ацәыскуеит ҳәа. Ахәыҷы данхәыҷу ихатәы бызшәа далхәдааумтәыр, иара изы уадаҩра аиуӡом уи аҵара. Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны иззымдыруа ауаҩы, абызшәа аҵара хықәкыс иқәиргылар, усҟан дыриааиуеит ауадаҩрақәа зегьы. Аха ус акәымкәа, ицәгьоуп ҳәа даангылар, ҳәарада, изҵаӡом.

Абри азҵааразы лхатәы гәаанагара лымоуп абызшәа аҭҵааҩы, арҵаҩы-аметодист Диана Шамԥҳа.

Сҭамҧыл - Sputnik Аҧсны
Ахеиқәырхара: ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспораҿы абызшәа аҭагылазаашьа

"Иахьа адунеи аҿы алингвистцәа, апсихологцәа ргәаанагарала, ахәыҷы изы хатәы бызшәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп раԥҳьаӡа дызлацәажәо абызшәа. Ҳара аԥсуаа ҳаугозар, ас еиԥш иҟоу агәаанагара ҳазҳадкылаӡом. Избан акәзар иаҳҭахы-иаҳҭахым убас аҭагылазаашьа ҟалеит. Ус уахәаԥшуазар, аԥсуа ихатәы бызшәа – дызлацәажәаз абызшәоуп ҳәа, аԥсуаа ҳабиԥара ҿыц рыбжеиҳараҩык раԥхьаӡа ирҳәаз аурыс бызшәа акәхоит. Ари аҭагылазаашьа аҽеиҭанакроуп. Ахәыҷқәа раԥхьаӡа ирҳәо ажәа аԥсышәала ирҳәарц азы, раԥхьа иргыланы, аҭаацәа ирыду рацәоуп. Дара роуп абри знапы ианугьы. Ииашоуп, ашкол ахәыҷбаҳча, арҭ зегьы даараӡа аҵак ду рымоуп, аха ахәыҷы аҩны иаҳауа ажәа, иаҳауа ашәа, агарашәа инаркны аԥсшәа аниаҳа, убри ихатәы бызшәа ауп".

Изҵаараны иқәгылоуп, избан жәларқәак рбызшәа ақәӡаара ахықә аҿынӡа ианнеиуа, хнырҳәышьа змам акәаԥ ҳәа изышьҭоу аҿынӡа ианнеилакгьы, шьоукы рбызшәа аӡрахьы ахы архоит, даҽа шьоукы ирылшоит шьҭахьҟа аргьежьра, рбызшәа аиҭарҿиара, аиҭашьақәыргылара. Ари зыхҟьо – зҭак аҟаҵара мариам зҵаараны ирзықәгылоуп аҵарауаа.

"Жәларбжьаратәи ахеидкыла ИУНЕСКО аҵыхәтәантәи аамҭазы излаҭырҵааз ала, адунеи аҿы ф-нызқь бызшәа ахьыҟоу, ҩ-нызқьи бжаки бызшәақәа аиаӡаара иаҿуп. Ҳәарада, уи иаҵанакӡом, зегь ԥсуеит, ииаӡаауеит ҳәа. Абызшәа аҭагылазаашьа – уи еснагь иҭҵаатәу усуп. Иҭаҳҵааз азҵаара уадаҩқәа шҳариашаша амҩақәа рзаҳаԥшаалароуп. Ара аус руроуп апсихологцәагьы, абызшәадырыҩцәагьы, абызшәа дзырҵо арҵаҩцәагьы, аметодистцәагьы. Зегь рхы еидкыланы русеицура иалҵыр ауеит алҵшәа бзиақәа. Арҵаҩы имацара ириашоит ҳәа ари азҵаара ақәыргылара иашаӡам. Апроблема еилызкаауа арҵаҩцәа ирылшо зегь ҟарҵоит. Аха урҭ рылшарақәа мацара азхаӡом аԥхьаҟа аҿиаразы. Сара сгәы иаанагоит, раԥхьаӡа иргыланы, абызшәа ахархәара амазароуп ҳәа. Ахархәара змам абызшәа зыҿиаӡом, ииашаҵәҟьаны иԥсуеит, ииаӡаауеит", – ҳәа азгәалҭеит аметодист.

аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны
Амилаҭ рыхдырреи рхатәы бызшәеи ҩныҵҟала еидҳәалазароуп

Аԥсшәа ззымдыруа аԥсуаа рхыԥхьаӡара арацәахара иаҿуп. Убри аҟнытә абызшәа ззымдыруа дырҵашьа аметодика аус адулара акрызҵазкуа зҵаараны иқәгылоуп, аха арҵагатә шәҟәқәа, аметодикатә цхыраагӡақәа, алабҿабатә хархәагақәа, авиедо-рҵагатә материалқәа уҳәа реиқәыршәараҿы ицәырҵуеит ауадаҩрақәа. Ари аус знапы алаку аметодистцәа рԥышәа маҷым, иҟаҵоугьы маҷым, аха абызшәа ззымдыруа дырҵаразы иҟаҵатәу даара ирацәоуп.

"Арҵага шәҟәқәа реиқәыршәара хымԥада иалахәзароуп ашколқәа рҟны аус зуа арҵаҩцәа. Урҭ рԥышәа, урҭ рдырра аҵак ду аиуеит ашәҟәқәа реиқәыршәараҿы. Ашәҟәқәа рхаҭабзиара ҳаракызароуп, ахәыҷқәа ргәы иақәшәо иҟаҵазароуп, иахьатәи аамҭа иашьашәалазароуп. Акыршықәса ҳхы иаҳмырхәо ажәақәа ҳрыхәаԥшыроуп. Иахьатәи алексика зеиԥшроу ҭаҳцаароуп, ахәыҷқәа ирыхәаратәы, иалацәажәаратәы иҟаҳҵароуп хымԥада. Аԥсуа бызшәа арҿиара афонд аҿы аус ауеит арҿиаратә гәыԥ. Уи иалахәуп Ажьиԥҳа Альдона, Шьынқәба Адгәыр, нас сара. Иахьазы даара цхыраагӡа бзиоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит еиқәҳаршәахьоу ашәҟәқәа, хаҭалагьы "Ҳаицәажәап аԥсышәала" захьӡу, уи зхы иазырхәогьы рацәаҩуп. Иара иацуп ҭырқәшәала ажәар.

Аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд аҿы аӡыргара мҩаԥган

Иара убас ааигәа афонд аҿы иҭыҵит иаазыркьаҿу аграмматика, атаблицақәа рыла. Уигьы аԥсшәа аҵара згәы аҳәо зегьы ирыхәарҭоуп. Алфавит ашьҭахь сара аус адызулон ашәҟәы "Иссиру ашьҭыбжьқәа". Ари акыраамҭа сагеит. Ашәҟәы шаҟа имарианы иҟауҵар уҭаху аҟара, убасҟак аус адулара уадаҩуп. Абри ашәҟәы ианыԥшуеит ҳәа сгәы иаанагоит акыршықәсатәи сԥышәа, ахәыҷқәа аус рыдулара, урҭ рыпсихологиа адырра. Ахәыҷқәа ринтересқәа срықәшәаны иҟасҵеит ҳәа сгәы иаанагоит ари ашәҟәы. Иара иану ажәеинраалақәа ахәыҷқәа ашьҭыбжьқәа дырҵара иазкуп. Баша рифмала еиҿыртәаны мацара акәымкәа, асиужет рыманы, ахәыҷқәа иргәаԥханы ирҵартә еиԥш иаԥҵоуп арҭ ажәеинраалақәа. Дара реиҳаракгьы ҷыдала абри ашәҟәазы иҩуп. Ари ашәҟәы ала ашьҭыбжьқәа рыдагьы иуҵар ҟалоит аԥхьаӡашьа, аԥштәқәа, ашықәс аамҭақәа. Аха хымԥада, ари ашәҟәы аус адулараҿы аиҳабы ацхыраара ҟаиҵароуп, ахәыҷы имацара иакәӡам ари ашәҟәы аус адызулаша," — лҳәеит Диана Шамԥҳа.

Афонд аҿы ааигәа иҭыҵит ашәҟәы "Аԥсуа бызшәа актәи аҩаӡара" захьӡугьы. Уи аҭыжьра ҟалеит Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора иҟарҵаз аҳәарала. Уаанӡа ишаҳҳәахьаз еиԥш, 2010 шықәса инаркны Ҭырқәтәыла азин рнаҭеит уаҟа инхо иҭырқәам амилаҭқәа рхатәы бызшәала аҵара. Убри ашьҭахь уа инхо аԥсуаа ашәҟәы рҭаххеит, методикала ииашаны иеиқәыршәоу, абызшәа дырҵара зырмариаша. Убас иҟоу ашәҟәы аиқәыршәаразы Диана Шамԥҳа Ҭырқәтәылаҟа дцеит. Ашәҟәы злаҟаҵоу апрограмма Европатәи ахеидкылақәа абызшәа арҵаразы ирымоу апрограмма иақәыршәан иҟаҵоуп. Иара ҭыҵит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ацхыраарала. Иагьазкуп аԥсуа абызшәа ззымдыруа дырҵара.

© Sputnik Леон ГунияАԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа
Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0