Джульетта Гукова: ҳара иҳаздырӡомызт Арсен Аԥсныҟа еибашьра дышцаз

Арсен Гуков (арымарахь ала ахԥатәи).
Арсен Гуков (арымарахь ала ахԥатәи). - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Иҭыхым аибашьцәа" апроект иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Ҟабарда-Балкариантәи иааны еибашьуаз, Леон иорден занашьоу Арсен Гуков иҭоурых.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Арсен Гуков дреиуоуп Ҟабарда-Балкариантәи еибашьра ҳәа иааз раԥхьатәи аибашьцәа. Иара арахь дааит иҭаацәа ирамҳәакәа.

"Арсен еибашьра арахь данаауаз аҩны аӡәгьы иҳаимҳәеит дахьцоз. Сара аҩны сыҟамызт, санааи сан илҳәеит Арсен ауха аҩны дшымԥхьаз. Иаҳцәымыӷхеит. Иҩызцәа санразҵаа ауп иансарҳәа Аԥсныҟа еибашьра дцеит ҳәа", — еиҭалҳәоит Џьулетта Гукова.

Џьулеттагьы лани лаби Арсен еибашьра дцеит ҳәа лызрамҳәеит.

Ветеран Гурам Хагба. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Гәырам Ҳагба: акгьы ҳхамшҭӡеит, уи аҩыза хашҭшьа амаӡам

"Арсен хара иныҟәоз амашьына ду дақәтәан, ареис ахь дцеит ҳәа расҳәеит, аха нас ирдыруазар еиӷьуп ҳәа сыӡбеит. Сан ианласҳәа деибга-деизҩыда дхынҳәырц анцәа иҳәара далагеит" — лҳәоит Џьулетта.

Анцәа иџьшьаны ан лыбжьы наӡеит жәҩан аҟынӡа. Арсен деиқәхеит лҳәоит лара. Арсен иаҳәшьа еиҭалҳәоит урҭ аамҭа бааԥсқәа раангьы алаф аҭыԥ аман ишыҟаз.

"Сашьа акыр дҭаҳа-ҭыӷьан. Еиҭеиҳәалон иҩызцәа иахәмаруа "ҳаԥхьа умцалан, урхәыр урҳәазара ҳалшом" шырҳәоз", — илгәалалыршәоит Џьулетта лашьа иажәақәа.

Арсен егьырҭ Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз реиԥш  Аԥсны Афырхаҵа Ибрагим Иаганов напхгара зиҭоз Пицундатәи абаталион далан.

"Арсен "папа-Сениа" ҳәа ҳишьҭан. Ҭеиҭԥшлагьы гәаҭалагьы дуаҩ дуун. Иберет рахәыц-хьӡыркыла иқәҵан "папа Сениа" ҳәа анҵаны", игәалаиршәоит Арсен ицеибашьуаз Аслан Каскулов.

Гуков дрылахәын акыр ажәыларақәа.

"Ҳбаталион Гагра ахақәиҭтәра иалахәын. 1992 шықәса жьҭаара  4-5 рзы еибашьрыла Ԥсоунӡа ҳнаӡеит. Аибашьра адәаҟны Арсен фырхаҵарыла ихы ааирԥшит. Аибашьраан дахьыҟамыз Тҟәарчал заҵәык ауп", — ҳәа ациҵоит иара.

Гагра ахы ианақәиҭха ашьҭахь пицундатәи абаталион ииасуеит Гәымсҭатәи афронт ахь. Гуков ибаталион иара убасгьы иалахәын Аҟәа ахақәиҭтәра. Аслан Каскулов еиҭеиҳәоит Арсен ихьӡ иадҳәалоу аибашьра ахҭыск.

"Исгәалашәоит Арсен атанк даҿагылан ахысра дшалагаз. Атанк аадырҳәын иара иахь ахысра иалагеит, аха ахқәа абетонлых хыбра иақәшәеит. Урҭ рҟәырҷахоуп Арсен дызхәыз".

Аҟәа ахақәиҭтәра ашьҭахь Владислав Арӡынба Арсен Гуков ианеишьеит хьыӡҳәалатәи атапанча.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иааирԥшыз афырхаҵараз Арсен Гуков ианашьан Леон иорден. 2009 шықәса рзы акраамҭа ихьуаз ичымазара иахҟьаны Арсен Гуков иԥсҭазаара далҵуеит.


Ажәабжьқәа зегьы
0