Витали Габниа: амҩа ҿыц Қырҭтәыла еиҳагьы ҳавнагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Китаи Аԥсны иамоу аинтересқәеи Транскавказтәи амҩа апроект анагӡара атәи дҳазрылацәажәеит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа.

Китаи Аԥсны иамоу аинтересқәеи Транскавказтәи амҩа апроект анагӡара атәи дҳазрылацәажәеит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа. Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Асҭанда Арӡынԥҳа.

— Ииасыз амчыбжь азы Москва аилахәырақәа ҩба, китаитәи — China Railway урыстәылатәи – "Региональные проекты", рнапы аҵарҩит амеморандум. Аганқәа 2016 шықәса рзы алагара азыԥхьагәарҭеит Нхыҵ Кавкази Аԥсни еимаздо амҩа ласы…

Ашәаҩатә курортқәа рыргылара Кавказ аекологиа иаԥырхагахоит

— Сара ишысгәалашәо ала ԥшьынтәуп уажәы Аҟәатәи арратә мҩа аиҭашьақәыргыларазы апроект алацәажәара мҩаԥысуеижьҭеи. Уаанӡатәи аҽазышәарақәа лҵшәа рмоуит избанзар апроект дууп, намгьы иҟоуп ирацәаны акәама-ҵамарақәа. Уажәы аҭагылазаашьа аҽаԥсахит. Раԥхьа иргыланы аҽаԥсахит аекономикатә ҭагылазаашьа. Китаии Урыстәылеи иахьазы аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рымоуп. 40 миллиард доллар рҟынӡа аныхра иазыхиоуп Китаи Абырфын мҩа ду ҳәа изышьҭаз амҩа аиҭашьақәыргыларазы. Ари апроцесс хацыркуп. Иара Китаи абри ахықәкы азы аргыларақәа ирылагахьеит, апроектқәа рацәаны аинвистициақәа роухьеит. Абырфын мҩа ду ахәҭақәа руак Аԥсны иалсны ицон. Абри аконтекст иаҵаркны акитаиуаа аинтерес аадырԥшуеит.

Дара зинтерес рымоу автомобилтә мҩа амацара акәӡам, дара ринтересқәа амшынбаӷәазеи аихамҩеи ирыдҳәалоуп. Ари апроект алагалақәа аҽакӡоуп.

— Иарбан еихамҩоу зыӡбахә шәымоу?

— Аихамҩа, амшынбаӷәазаҟынтәи Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи, Азербаиџьани, Абжьаратәи Азиеи, Китаии рахь имҩаԥгахо. Иахьазы Одессатәии Прибалтикатәии амшынбаӷәазақәа Урыстәыла амаҵ руам. Новороссиисктәи апорт иахьазы амцхә иаҵоуп. Аԥснытәи абаӷәаза аинтерес амоуп амҩа иадҳәаланы. Егьыс – амҩа Краснодартәи атәылаҿацә атранспорттә инфраструктура иадҳәалахоит.

— Ус анакәха китаитәи аилак нагӡаҩы мацараны иҟам?
— Иарбанызаалак абизнес-проект аинтерес рымоуп ауаа. Апроект амч амоуп аганқәа зегьы ринтересқәа аназыԥхьагәаҭоу. Китаиаа ринтересқәа ҳрылацәажәеит. Урыстәылатәии европатәии аџьармыкьақәа рахь анеиразы абаӷәазақәа рызхом, убри азы иазыхиоуп апроект аинвестициақәа алагалара. Китаиаа – инвесторцәоуп. Ари аилахәыра аҿаҵа нагӡаны аԥара зырҳауа акәны иҟам. Китаиаа ажәалагала ҟарҵеит – миллион тоннала аидара амҩаԥгара алзыршо абаӷәазақәа раартразы, урыстәыла уи аинтерес азышьҭнахит.

Аус анапы алакуп Китаи аихамҩақәа рминистрра. Апроект напхгара анаҭоит Китаи Жәлар Рреспублика Акоммунисттә партиа. Раԥхьатәи етапны иҟан Аԥсны ахадареи дареи ҭелла реицәажәара, иара убасгьы Ҟабарда-балкариеи Ҟарачы-Черқьесски рхадареи рыҿцәажәара. Ҳаргьы абри апроект аинтерес ҳамкызҭгьы ҳәарада апроект аусура алшомызт.

Ҳара ҳганахьала иаҭахны иҟаз аилкаареи аилацәажәареи ракәын. Аинтерес ҳкит, аха иазгәаҳҭеит акәама-ҵамарақәа рацәаны ишыҟоу. Ҳара еилаҳкаароуп аганқәа дасу ринтересқәа ахьынӡаҟоу, иарбан инвистициақәоу зыӡбахә ыҟоу. Арҭ азҵаарақәа аусутә гәыԥ аҟны ирылацәажәахоит.

Москва анапы зҵаҩыз Амеморандум агәҭакқәа рзы ԥкаанҵоуп. Иара ишьақәнарӷәӷәоит аганқәа азҵаарақәа рылацәажәареи апроект аус адулареи ишырзыхиоу. Ииашам апроект аус адулоуп, аамҭа шьақәыргылоуп, Аԥснгьы аус ҳшазнеиз аӡәгьы издырам ҳәа аԥхьаӡара.

— Амеморандум анапаҵаҩраан Аԥснытәи аган ахьӡала иҟадаз?

— Аԥснытәи аганахьала анапаҵаҩра далахәын Аԥыза-министр Артур Амқәаб иара убасгьы атәыла Ахада Иабжьагаҩ Амиран Лагәлаа. Убри аамҭазы Муҳамед Кьылбеи сареи Ҟарачы-Черқьесск ҳаҟан.

— Амеморандум анапы анаҵаҩха ашьҭахь иарбан шьаҿақәоу иҟаҵахо?

— Иахьазы атема активла аус адулара ҳаҿуп. Ахылаԥшра аҳҭоит иҳамоу аҭагылазаашьақәа. идыру акоуп Кәыдрытәи аиҩхаала амҩа аиагара шзыҟамло – аекотуризм аԥхасҭа ҳзаҭом. Ҳара иаҳуалуп амаршрут Тҟәарчалтәи амҩа иақәшәо ашьҭра. Тҟәарчалтәи амҩеи Аҟәатәи арратә мҩеи рҽеиԥшьны Нхыҵ Кавказҟа ихыҵуеит. Ҳара ҳазыхиоуп ҳҵарауаа иҳадыргало егьырҭ альтернативатә планқәа рыхәаԥшрагьы. Аха иаадыруазароуп амҩа абаӷәаза адҳәаларада ҵак шамам. Абаӷәаза акәзар Очамчыра акәхоит иахьыҟало – уоуп амшынҵа ахьылаҟәу. ус анакәха, тҟәарчалтәи амҩа зегь раасҭа иманшәалоуп. Иахьазы аԥсра иаҿу ақалақь аиҭарҿиарагьы аиуеит.

Абри аус ала аԥара зырҳар зылшо абжьацәажәаратә наплакқәа рацәаны раԥҵара ауеит. Арахь иаҵанакуеит абаӷәазатә зона. Макьаназы ҳәарада, амҩеи абаӷәазеи иаҳзаарго афеида аӡбахә аҳәара заацәоуп, аха уи ареспублика абиуџьет иеиҳахар шалшо удырыртә иҟоуп. Уажәазы зегь иреиҳау проблеманы иҳамоу аекономикатәи афинанстәи ҭагылазаашьоуп, ҳхатә ԥарақәа рыла анхара азалмыршароуп.

— Ҳәарада апроект иамоуп агхақәагьы. Ҳара зегьы шәаны икапанны ҳрыхәаԥшыроуп. Аха иҟоу аобиективтә мзызқәа инарымаданы аҽаркра азин ҳамам. Ауаа рылшамҭақәа раарԥшразы атәыла иалҵны ицоит. Агхақәа ҳрылацәажәалоит, еилҳаргалоит.

— Шәинтервиуқәа руак аҟны шәара ишәҳәеит иахьазы Аԥсны наԥшҩык иаҳасабала ахы мҩаԥнагоит ҳәа. Иҳаилшәыркаа анаԥшҩы истатус аҵакы.

— Џьоукы апроект ҳара ҳалахәрада иӡбоуп ҳәа азырыԥхьаӡоит. Уи ус акәым. Иахьазы, апроект инагӡаны аус адулахаанӡа, ҳара ҳинтересқәа иныҭкааны иҭаҳҵаанӡа аӡәгьы иҿаԥхьа ҭакԥхықәра ҳадны ҳаҟаӡам. Ҳара иаҳҭахуп аԥсуа интересқәа ахьынӡазыԥхьагәаҭахо. Убри ашьҭахь ауп азҵаара алацәажәара нап анаҳаркуа. Ҳәарада зегьы зегь рдыруа иҟалоит. Азҵаара ауаажәларра алаҳарцәажәоит.

— Аԥсуа ган аусутә гәыԥ иалалома?

— Ҳәарада. Аԥсуа ган ақәшаҳаҭрада апроект анагӡара залыршахом.

— Шәара иазгәашәҭеит ареспубликаз апроект иалнаршо афеидара. Маҷк ҳазааҭгылап абри азҵаара. Аекономикатә ҟазшьа ада феидарас иаҵалозеи апроект анагӡара?

— Афеидарақәа акыр ирацәоуп. Раԥхьатәи, ҳәарада аекономикатәи афинанстәи ҟазшьақәа роуп. Абиуџьет ахаҭәаароуп. Иара убасгьы аусурҭа ҭыԥқәа рыҟазаара, адыгааи абазақәеи еиҳа ҳаизааигәахароуп. Иахьазы абаза қыҭақәа рахь анеира жәасааҭк уадхалозар, апроект нагӡахар – ҩба-хԥа сааҭ ракәхоит умҩа иаго. Ҳетнос азы аригьы акраҵанакуеит.

Витали Габниа: жәашықәса рахьтә знык Приднестровиаҟа ҳцалап

Иҟоуп агәаанагара – Аԥсны иахьазы иҭымиҭшәарроуп ҳәа. Ус акәӡам. Ҳара иҳамоуп ҩ-хырхарҭак: Ԥсоуҟа – Урыстәыла аганахь; Егрыҟа – иҳаӷоу Қырҭтәыла аганахь. Атәылаҟны акрааҵуеит хылаԥшра змам апроцессқәа мҩаԥысуеижьҭеи. Ҳауаажәлар Қырҭтәылаҟа ҽыхәышәтәраҳәа ицоит, ҳџьармыкьақәа рҟны атауарқәа реиҳарак уахьынтәи иааргоит. Арҭ апроцессқәа раанкылара уадаҩуп аконкуренциа узаԥымҵозар. Атранспорттә проект ҿыц ҳара Қырҭтәыла ҳавгара алнаршоит, иара убасгьы иалнаршоит абазақәеи ҳареи ҳаинырра аизырҳара, аԥара арҳара, анаплакқәа раԥҵара, ауааԥсыра усурҭаҭыԥла реиқәыршәара. Убри адагьы, шәхаҿы иаажәги Аԥсни, Краснаиа полианеи, Домбаии рзонақәа хә-еҵәак рыманы рыҟалара. Еицаку туристтә зонахоит. Амшынтәи ашьхатә екотуризми рҽеиларыӡҩоит. Ҳара хымԥада аекотуризм ҳҽадаҳкылароуп. Уи Шәача аҭыԥ змоу аурбанизациа иаҿырԥшны иугозар, еиҳа хра аманы иҟоуп. Атуристцәа, амал змоу, радыԥхьаларагьы алнаршоит.

Аҟәатәи арратә мҩа аиҭашьақәыргылара аԥсуаа еснагь ирҭахны иҟаз акоуп. Иара аус ауан, аха Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан анемец гәыԥ "Едельвеис" арахь ихымҵырц амҩа ԥыржәеит уи ашьҭахь еиҭашьақәыдмыргылеит.

— Ишәҳәаз иаҿагылоу ҳәа ишәшьои?

— Иҟоуп ашәарҭа аваххабитцәеи арадикал ислам иаҵанакуа ауааи арахь чечниантәии даӷьысҭанынтәии рааразы ҳәа рҳәоит. Иазгәасҭарц сҭахуп Чечниа иахьа аҭагылазаашьа аҽакны ишыҟоу. Арадикализм аҳәаақәа амам, амҩақәагьы аҭахны иҟаӡам. Аемиссарцәа Аԥсны аҭагылазаашьа еилажәга ҳәа адҵа роур амҩа адагьы уи алдыршоит. Анцәа иџьшьаны абри аганахьала макьана ҳахьчоуп. Аиҳаракгьы уи аншәарҭаз аолимпиада аламҭалаз акәын. Урҭ ирҿаҳаргыло ҳәа иҟоу афинанс ҵаҵӷәы змоу амилициа роуп. Иахьа иҳамазар 10 нызқьмааҭ зауа 1700-ҩык амилиционерцәа, 50 нызқьмааҭ роуа, ртехника ҳаракны, рхыԥхьаӡарагьы еиҳаҳтәыр – дарбанызаалак иҿагылара ҳалшоит. Ҳәарада аҳәаа изҭаху дахысуа иҟалом. Уаҟа игылоит ҳҳәаахьчацәеи ҳҳазалхыҩцәеи.

— Хаҭала шәара шәгәаанагара зеиԥшроуи, абри апроект анагӡара шәабанӡадгыло?

— Сара сыҩнапыкгьы азышьҭысхуеит. Уажәазы ихадароу – Аԥсны аинтересқәа рыхьчароуп. Ҳаилацәажәарақәа ирылархәхоит аекологцәагьы. Зегь ирхадоу апроект анагӡараан Қырҭтәылеи ҳареи ҳамҩақәа еивысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0