Владимир Кәакәасқьыр: ажәыларақәа раан Алик зегь раԥхьа дгылан

© Фото : из личного архива Алика ЦимцбаАлик Цымцба (хыхьтәи ариад, арымарахьынтәи ахәбатәи).
Алик Цымцба (хыхьтәи ариад, арымарахьынтәи ахәбатәи). - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иацнаҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәыла, Леон иорден занашьоу Алик Цымцба иҭоурых.

Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа 60 ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апроект ҿыц "Иҭыхым аибашьцәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны ицәыргоуп асахьаҭыхҩы аибашьраантәи иҭыхымҭақәеи уи ифырхацәа ирызку аочеркқәеи.

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа - Sputnik Аҧсны
Руслан Габлиа: аибашьраҟны ауаа сабарда рҿаӡам

Диит Алик Цымцба 1956 шықәса рзы Бзыԥҭа ақыҭан. Аџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны аԥсадгьыл ахьчараз дгылт. Далахәын Гагра ахақәиҭтәраз ажәылара, нас диасуеит Гәымсҭатәи афронт ашҟа. Дрылахәын ианартәи, марттәи уҳәа егьырҭ аоперациақәа. Игәымшәареи ифырхаҵареи рзы данҭаха ашьҭахь Леон иорден ианаршьеит.

Алик иӡбахә далацәажәоит иашьа гәакьа Давид.

"Бзыԥ ҳахьынхоз акәша-мыкәша ашәанцәа ракәын инхоз. Иара еснагь урҭ дырҿагылан, акыргьы ицәшәон. Аибашьраан дрымпыҵашәазҭгьы иԥсы ҭаны дрымпыҵрыжьуамызт. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа ҳаизыҟазаашьа цәгьамшәа иҟан, аха дхәыҷаахыс рцәымӷра иман", — иҳәоит аиашьа.

Алик Цымцба аҭаацәара ду аҟны изҳауан, ҩыџьа аишьцәеи аиаҳәшьеи иреиҳабыз иара иакәын.

© Sputnik Руслан Габлия Леон иорден занашьоу алик Цымцба ипатреҭ.
Портрет кавалера ордена Леона Алика Цимцба - Sputnik Аҧсны
Леон иорден занашьоу алик Цымцба ипатреҭ.

Ашкол аҟны ахәыҷқәа еизганы, ацәаҳәа иқәыргылан ианрацәҳауаз, лассы-лассы изацәҳауаз дрылашәалон. Знызаҵәык дырҽхәо далыргеит аџьеи абаҩырҵәыразы иоуз ахәшьара бзиақәа рзы. Еснагь диашан ихы ишьон.

"Еихацәҩыс, машьынарныҟәцаҩыс уҳәа еиуеиԥшым азанааҭқәа рыла аус иухьан, аха амакра бзиа ибон. Џьаргьы даабуамызт. Аҭаацәараҿ аԥшьҩык ҳҟынтә егьырҭ ахҩык рацәак ҳабжьы уаҳауам, иара абас дыҟан", ҳәа еиҭеиҳәоит Давид Цымцба.

Еснагь дгәаҭеиуан, ҳәа иажәабжь иациҵоит Давид.

"Зны аҽы дканажьын, аҽы шьхәала исны имгәа ԥнажәеит, дшеиқәхаз лакәуп. Ашьҭагь иԥсы ахьынӡаҭаз ианыӡаауамызт. Арра дыргомызт убри иахырҟьаны, аха иара, ҩеижәаҟа шықәса ихыҵуан, авоенкоматахь днеиит "арра сшәымгар ҟалом" ҳәа. Иҟарҵоз. Ҟазахсҭанҟа, аргыларатә баталион ахь ддәықәырҵеит. Ус акә егьыс акә аррамаҵзура дахысит",- иҳәоит иара.

Аибашьраан Алик Цымцба 36 шықәса ихыҵуан. Ицеибашьуаз иахьагьы дырхамшҭуа дыргәалашәоит.

"Ахаангьы ахылԥарч иханы сымбацызт. Алента аҭан иныҟәигон. Иахьааигазгьы сыздырам. Данызба иџьасшьеит", — иҳәоит Давид.

Аибашьра анцоз аишьцәа рҽеиҭныԥсахло аҩныҟа ицалон.

"Сара саар, иара дцон. Ҳҽаҳаԥсахуан. Агәыбжьанытә усҟан Ҟрым дыҟан, ҳаҳәшьа лхәыҷқәеи лареи Москва иҟан".

Давид далацәажәоит иашьа аҵыхәтәаны акәны данибаз амш.

"Ажәылара март 15 рзы иалагеит. Ҳара март 16 рзы ҳдәықәлеит. Уаанӡагьы ҳаибашьратә мҩақәа еихыслон аха абри амш аҽны џьарак ҳаицыҟан. Сара хабарда сыбжьаӡит ҳәа сыршьон, Бениа Толики сареи ҳаҭҟәаны ҳаҟан. Ҳгәыԥ аҟынтәи иаанхазгьы ҳамацара ҳакәхеит. Насоуп иԥсыз инхаз ртәы аныздырыз", — иҳәоит иара астол иқәыз аҭаҭынпачкахь инапы нархханы.

Владимир Квеквескири рассказал, как весть о начале войны застала его на гастролях в Греции - Sputnik Аҧсны
Асценаҟынтәи ажәыларахь. Владимир Кәакәасқьыр еибашьраҟны

— Аҭаҭын сахар ҟалома?

— Ҳәарада, — сҳәоит сара.

"Аимадара ҳамамызт. Иакыз командаҟаҵарагьы ҳмоуит. Зегь рышьҭахь ҳаанхаз џьаҳшьон, егьи зегь раԥхьаҟа ҳаҟазаарын", иажәабжь иациҵоит Давид.

Иашьа иԥсыбаҩ анырыԥшаауаз даналацәажәо ажәақәа рыԥшаара ицәыуадаҩуп.

"Нас иҳаԥшааит аԥсыжырҭа. Ирацәаны аԥсцәа еилажьын, акьыр рықәыԥсан ирбылхьан. Имгәа ианыз ашәахсҭа алеи ишьацәкьарақәа рылеи (урҭ ҩба еидиаан иҟан) дыздырит. Ихы-иҿы удырыртә иҟамызт. Избаз ачҳара ахаангьы исылшап ҳәа сыҟамызт", — иҳәоит иара.

Алик Цымцба иӡбахә ҳзеиҭеиҳәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Леон иорден занашьоу Владимир Кәакәасқьыр.

"Ҳара ҳаибадырит Белаиа речкаҟны абаталион аиҿкаара ианаҿыз. Сара арота акомандирс сыҟан. Аибашьраан ҳара ҳбаталион ауп раԥхьатәи аҭоуба шьҭазҵаз. Усҟан иҭыхыз апатреҭгьы ыҟоуп".

Ажәыларақәа раан Алик зегь раԥхьа дгылан. Алик дуаҩы ԥшӡан, деиҩыҳаҳа – дҳаракын. Даара дуаҩгәыҭбаан. Иҭаацәа рзы ихы хиҵәон, еснагь рыӡбахә иҿыҵакын» — иҳәоит Кәакәасқьыр.

"Апозициаҟны ҳаныҟаз ҳхәы ҟаиҵалон. Аибашьрагь еибашьроуп, аха акрыфалатәуп иҳәон иара. Ихааны иҟаиҵон афатә. Зны акониак иԥшааит. Раԥхьатәи аҵәца "зегь зымчу илԥха" ҳәа ишьҭихит. Даара бзиа ибон аварение. Аҩны 400 литра рҟынӡа адыркуеит иҳәон.

— Сара сцоит – иҳәеит ҽнак.

— Уабацо?

— Аварение аԥшаара.

— Ҩнеибга ыҟаӡам, иабауԥшаауеит?

— Исыԥшаауеит – иҳәеит.

"Ҩбаҟа сааҭ ааҵхьан, банка дук аварение иманы даакылсит", ҳәа еиҭеиҳәоит Кәакәасқьыр.

Марттәи ажәылара

Аҭоурыхҭҵааҩ: марттәи ажәылара аибашьра афырхаҵаратә даҟьақәа ируакуп

"Ҳара 320-ҩык ҳаҟан. Иҟан егьырҭ Авҭандил Гарцкиа, Гена Марганиа, Руслан Ладариа напхгара зырҭоз абаталионқәа "Евкалипт", "Град", "Беркут". Ҳара напхгара ҳаиҭон Виачеслав Амԥар. Ҳара дҵаны иҳаман: Ачадаратәи амҩаду ала жәафны еихагыло аҩнаҟынӡа анеира. Ианартәи ажәылараан еиԥш уажәгьы Алик ҳаԥхьа дгылан. Аҵыхәтәан акәны уи аҽны дызбеит", — иҳәоит Кәакәасқьыр.

Аԥсадгьыл ахьчараҟны иааирԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы Алик Цымцба Леон иорден ианаршьеит данҭаха ашьҭахь. Ихшара, ҩыџьа иԥацәеи иԥҳаи ирхылҵыз ирзеиҭарҳәоит рабду ифырхаҵарақәа ртәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0