Зеҳни Ԥыс-иԥа: сара сыԥсы Аԥсны иатәызарц сҭахуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаЗеҳни Ԥыс-иԥа
Зеҳни Ԥыс-иԥа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ишәыдаагалоит 20 шықәса Америка инхоз, ааигәа Ҭырқәтәылаҟа ихынҳәыз, аԥхьаҟа Аԥсныҟа нхара аара згәы иҭоу Зеҳни Ԥыс-иԥа иҿцәажәара.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа.

— Ҳаҭыр зқәу Зеҳни, шәара шәыжәла аҩыза Аԥсны иуԥылаӡом, иаҳзеиҭашәҳәарц ҳҭахуп шәара шәыжәла Ԥыс-иԥа аҭоурых.

— Раԥхьа иргыланы сыуаажәлар сныҳәар сҭахуп. Абзиарақәа рацәаны ирԥеиԥшзааит. Ирхыргахьо шьарда ирацәоуп. 

Қадем Гәылиа: Аԥсны ҳамбаӡац, анеира схьаауп, сыԥхыӡ иалоуп

Ҳара, Цәыжьаа  рхылҵшьҭра ззырҳәо иалҵыз ҳауп, жьрацәарак ҳаиуоуп. Ҭырқәтәыла, Ԥсы-иԥа ҳәа иҳашьҭоуп. Ҳара ҳажәлантәқәа Адлер азааигәара инхон. Ашьха ҳхәыҵанакны ҳаҟан, ҳарахә арха иоужьны иқәын. Сан лан Бараҟәааԥхан, Фердес лыхьӡын. Убри лҟынтә изласаҳаз ала, жә-нызқьҩык рҟынӡа инаӡон Цәыжьаа рхылҵшьҭра. Анаҩс, Благә-иԥа Фаҳреҭҭин захьӡыз иҳәоны исаҳаит уантәи ианықәҵуаз зқьи хәышә иреиҳан ҳәа. Сара исаҳаз, издыруа ахыԥхьаӡара убарҭ аҩба роуп.

Арантә ихҵәаны Ҭырқәтәыла ианықәнагала, Бурса ақалақь инанагеит ҳәа ауп иаҳдыруа. Аԥсыӡ шкәакәа ҳәа ззырҳәо қыҭак ыҟоуп, убра инеины иҟан ҳәа ауп сгәы ишаанаго. Уажәгьы аԥсуаа рнышәынҭрақәа ҳәа ахьӡ аманы иҟоу аҳаҭгәынқәа рацәоуп. Ҳабдуцәа ачымазара бааԥсқәа ирго ианалага, ианрылымша, иахьынхоз аҭыԥ иахылаԥшуаз аиҳабы рҭыԥ иԥсахит. Мрагыларахь, Иншьаҳар ҳәа иахьашьҭоу раион хәыҷык ахь идәықәиҵеит. Уа еиҳагьы аҭагылазаашьа цәгьан. Аӡмахра ыҟан иахьабалак. Ашьхарантә илбааны уа инеиз ҳабдуцәа, изҭашәаз аҭагылазаашьа цәгьа еиҳагьы анҵәарахьы инанагеит. Агәаӷьра змаз шьоукы наԥшааԥшуа иахьықәыз, уажәы ҳахьыҟоу ахқыҭак (Қәынчаз, Ельмабаҳча, Ҳасанкәара) ҭырҭәааны инхартә иҟарҵеит. Инхогьы хылҵшьҭрак еиуоу роуп. Ихьшәашәараны, ишьхаҭыԥны ианырба, аӡәгьы изымҵаакәа уахь нхара ииасит.

Ааигәа-сигәа иҟаз аҭырқәа қыҭақәа рҟынтә иааны, хыҵакырҭас идыргылоз ақьалақәа рбылуан. Уи аԥсуаа ирыларыгӡомызт, ирыжәло иалагеит. Нас анхарҭа ҭыԥ дгьылқәа рзыршеит, аҳәаақәа ҟарҵеит. Уи нахыс ԥырхага ҳмоукәа ҳааит. Уажәы еиҳарак Цәыжьаа рхылҵшьҭрақәа Белеџьиқь ақалақь аҿы инхоит. Ақыҭақәа рҿы иаанхаз маҷуп уажәшьҭа. Сан лқыҭа, Ельмабаҳча ахьаҳҳәо, ҩ-ҭӡызаҵәык роуп иҟоу.  Егьырҭ Ҭырқәтәыла иԥсаҟьаны иалаԥсоуп. 

—  Шәара арҿиара шәнапы алакуп. Ажәеинраалақәа шәыҩуеит, аԥсуара шәазҿлымҳауп.  Аԥсыуак ибжьы анбашәаҳаи Аԥснынтә?

— Ҭырқәтәыла, 1989 шықәсазы, ҳашьак дааит. Схәыцуеит даара, аха ижәла сгәалашәом, саҭамзааит. 

Сабдуцәа арантә ихҵәеит, сара Ҭырқәтәылантә Америка сагеит. Убра, Валери Ҭарба, Илларион Аргәын, ансамбль "Афырҭын" акәашацәа ҳаиқәшәеит,  жәохә мшҟа ҳаицын.  

Ҳара ҳабызшәа, адунеи абызшәақәа рышьаҭа зкыз бызшәоуп ҳҳәарц ҳалшоит. Абызшәаҭҵааҩцәеи сареи даара аус еицаҳаухьеит, иҭысҵаахьеит. Адунеи аҿы иуадаҩу абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Ҳҭоурых ҵаулоуп, ҳтоурых ахьӡ-аԥша амоуп. 

— Аԥсышәала аҩреи аԥхьашьеи шԥашәҵеи?

— 1974 шықәса рзы Ҭырқәтәылантә Аԥсныҟа иааит аделегациа. Раԥхьатәи агәыԥ иалан Омар Беигәаа, Орҳан Ашамба уҳәа жәаҩык инареиҳаны ҳџьынџьуаа. Усҟан алицеи сҭан. Игьежьны ианнеиуаз Анбан шәҟәқәа ҳзааргеит. Саргьы снапаҿы иҟалеит руак, убрантә ауп ишысҵазгьы. Сыжәеинраалак сышәзаԥхьап уажәы:

                             Аԥсадгьыл

Адгьыл ԥсадгьылызтәуа, излаӡәӡәаз ашьоуп,

Ҳаԥсадгьыл аҵлабыӷьқәагьы џьашьахәуп. 

Ианҿалогьы, ианҿыҵуагьы, ианкаԥсогьы ишьахәуп.

Ҳаԥсадгьыл иалаҵәоу ашьа уаҩы изыкапанрым,

Ахьӡ-аԥша знаргақәаз уаҩгьы изыԥхьаӡарым. 

Иалаҵәаз ашьарҩаш аӡәӡәара Амшын Еиқәа азхарым, 

Шьарҩашла иахьанӡа иаазгаз рҳақ ҳазшәарым. 

Ари адгьыл сасеиԥш иазрыцҳау амҳаџьыргьы,

Иаланхогьы ахә зынӡа иҳазшәарым. 

Убри азоуп Аԥсадгьыл захьӡу,

Убри азоуп Аԥсны ҟаԥшь захьӡу!

—  Шәара ишәылшеит Ҭырқәтәыла, шәабдуцәа иргаз шәқьабзқәа реиқәырхара. Ажәытә аамҭа иаҿҳарԥшуазар, ҳазҭагылоу аамҭазы рыԥсы абанӡаҭоу урҭқәа?

Ирфан Хәаҷаа: Ахатәы бызшәа амырӡроуп зегь реиҳа ҳзышьҭоу

Сара аԥсшәа сани саби ирҿысҵааит. Сан лан дыбзан, егьырҭ зегьы нарцәымҩа иагахьан. Сан Бӷажәԥҳан. Саб иаб ԥшьышықәса ракәын ихыҵуаз Аԥснынтә амшын нырцә даннанага. Сан лаб дарԥызбаны дыҟан уи аамҭазы. Иахьанӡа, Ҭырқәтәыла аԥсышәала аҩреи, ацәажәареи ҳрықәиҭмызт. Саб иаб Кытыжь ихьӡын. Саби сабдуи мышкы ақалақь ахь ахҭырԥа рхаҵаны ианнеи, закәанла ирхарҵар ҟалаӡомызт, аруаа иаархырԥаан иркәыкәны инкарыԥсеит. Убри нахысгьы сара сабду Кытыжь иԥсы ҭанаҵы, уаҳа ақалақь ахь дымцаӡеит. 

Убас еиԥш агәхьаақәа ҳаман ҳшааиуазгьы, ҳабызшәа еиқәхеит. Аамҭа дуӡӡак ашьхақәа ҳарҵәахит, ҳаԥсы ҿырхит, ҳаиқәдырхеит. Ашкол аҿы арҵаҩы иужәлоузеи ҳәа дансазҵаа, Ԥыс-иԥа анысҳәа, слымҳақәа рыла сааникылеит. Избанзар, ашәҟәаҿы ианыз сыжәла Шьенер акәын, аҭырқәшәан. Санхәыҷыз аԥсшәа ада, аҭырқәшәагь сыздырамызт. Уажәы ҳабызшәа ԥсыҽхо иалагеит. Ақалақьқәа рахь ҳагеит. 

Сара сашьеиҵбы Раҳми Ԥыс-иԥа, Аԥсны дынхоит. Дҭаацәароуп, ирызҳауеит ихшара. Аҷҷаҳәа аԥсышәала ицәажәоит, уи даара гәахәас исымоуп. Сара сыԥсы Аԥсны иатәызарц сҭахуп. Ҳаԥсадгьыли ҳабызшәеи ахаан иӡраны иҟаӡам, уи агәра згоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0