Акәашара иацуп мцаԥшь ҷыдак

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсни Нхыҵ-Уаԥстәылеи жәлар рартист Кандид Ҭарба.
Аԥсни Нхыҵ-Уаԥстәылеи жәлар рартист Кандид Ҭарба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара, Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызара ахьӡала аорден занашьоу, Аԥсни Ахыҵ-Уаԥстәылеи жәлар рартист Кандид Ҭарба иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи дазааҭгылоит Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа.

Уи амцаԥшь зыцралаз ауаҩы дарбанызаалакь дыԥсаанӡа ицуп, ахаангьы ицәаран иҟаӡам. Еинҟьабжьык шаагалакь ишьапқәа дара рхала икәашо иалагоит. Абри акәашара иацу амцаԥшь дышхәыҷыз ицралеит Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи жәлар рартист Ҭарба Кандид.

Иара акәашара агәыбылра икит Мықә ақыҭаҿы инхоз иаб Тарас Ҭарба иашҭаҿы. Кандид иаб Тарас изааигәаз акәашаҩ ҳәа ишьҭан. Абас, заб иашҭаҿы акәашара агьама зкыз Кандид иԥсҭазаара зегьы акәашара иадҳәалахеит. Ашкол дышҭаз акәашаҩцәа дрыларкаауа иалагахьан.

Ансамбль Кавказ. - Sputnik Аҧсны
"Кавказ" Кандид Ҭарба ида

1960-тәи ашықәсқәа рзы илаз аҟыбаҩ ҷыда гәазҭаз Тҟәарчалтәи ашәаҳәаратә-акәашаратә ансамбль аиҳабыс иҟаз Гьаргь Шьакаиа дааигеит ансамбль ахь. Араҟа Кандид иҟазара еиҳагьы еизҳаит, дук мырҵыкәагьы диаргеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә-акәашаратә ансамбль ашҟа. Ари ҟалеит 1962 шықәсазы.

Уи аамҭазы ари ансамбль напхгаҩыс даман Ражьден Гәымба. Усҟан Кандид 15 шықәса ракәын ихыҵуаз – аха иара илаз аҟазара ауаҩы илаԥш хнакуа иалагахьан. Кандид Ҭарба аԥсҭазаараҿгьы аҟазараҿгьы иҟаиҵоз зегьы ҟаҵан. Ихы акы ала деигӡомызт, аџьабаа аирбон. Аҽазыҟаҵарақәа ирылагаанӡа дааны ихала акыраамҭа дкәашон. Ианынҵәалакгьы даҽа ҩ-сааҭк имала иҽазыҟаиҵон.

Ԥсабарала илаз аҟыбаҩ дақәгәыӷны дтәомызт, дааҟәымҵӡакәа аус адиулон. Абасала акәашара еиҳа-еиҳа даанахәон, иҟазара аҽыҳаранакуан. Аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә-акәашаратә ансамбль аҿы даныкәашоз 19 шықәса ракәын ихыҵуаз Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ҳаракы анирҭаз. Ари ахьӡ ианашьахеит 1963 шықәсазы шықәсык ари ансамбль аҿы даныкәаша ашьҭахь. Дышқәыԥшызгьы ари ахьӡ ҳаракы иднаҵоз аҭакԥхықәра ду еиликаауан. Уи иҟазара аҩаӡара ашьҭыхра иацхраауан, дҳаранакуан, имҩа ԥхьаҟа иарҭбаауан

Кандид иҟазаратә мҩаҿы ирлас-ырласны акәын аиҭакрақәа шымҩаԥысуаз. Иара иҟыбаҩ ҷыда, иҟазара ҭбаа ахәаԥшцәеи аҟазара абзиабаҩцәеи ирымбар, далрымкаар залшомызт. Хара имгакәа 1968 шықәсазы ирҿиаратә мҩаҿы иҟалеит даҽа хҭыскгьы. Усҟантәи аамҭазы ахьӡ ду змаз Нино Рамишвили Илико Сухишвили напхгара зырҭоз Қарҭтәи академиатә акәашаратә ансамбль ахь днарԥхьеит. Ари ансамбль аҿы мариала аӡәгьы дрыдыркыломызт. Акәашацәа абрыҵкал икылырхуан. Кандид Ҭарба уа иреиӷьу асолистцәа дреиуан.

Асҭамыр Малиа: Сыԥсҭазаара аҟазара иазкуп

Уи иара иҭакԥхықәра иацнаҵон. Шықәсыбжак ансамбль аҿы даныкәаша ашьҭахь дцеит раԥхьатәи игастрольқәа Германиа, Австриа, Швеицариа аҳәынҭқаррақәа рышҟа. "Сухишвили Рамишвили" ансамбль аҿы Кандид иреиӷьӡоу хәҩык акәашаҩцәа рахь даҵанакуан. Анаҩыс ари ансамбль ахь дрыдыркылеит Кандид иашьа аиҵбы Арвелод Ҭарбагьы.

Кандид дызҿыз иус даараӡа бзиа ибон, уи иара иԥсҭазааран. Зҟазара ҳараку акәашаҩ ихы аџьабаа анаирбо, данҿио иус иқәманшәалахоит, ирҿиаратә мҩа ҭбаахоит. Абас иҟаз аҟазацәа дреиуан иара. Кандид кәашаҩык иаҳасабала асцена ду ахь дцәырҵит 1962 шықәсазы. Ихиркәшеит 1980-тәи ашықәс анҵәамҭазы.

Усҟан 15-шықәса ҵуан Кандид Қарҭ дыҟазижьҭеи. Аха Аԥснытәи Ашәаҳәаратә-акәашаратә ансамбль анапхгаҩы Царгәыш Уасили иареи машәырла уа еиқәшәеит. Убасҟан Уасил Царгәыш Кандид диҳәеит Аԥсныҟа дгьежьырц. Қарҭтәи ансамбль ауаа алырцон, мамзар хатәгәаԥхарала аӡәгьы иаанижьӡомызт.

Кандид арзаҳал аниҩы анапхгаҩцәа даара иџьаршьеит, дымцарцгьы иарҳәеит, аха иара даанымгылеит. Даныгьежь Аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә-акәашаратә ансамбль аҿы балетмеистер хадас аусура далагеит. Аамҭак азын дыҟан директорсгьы. Ԥыҭрак ашьҭахь ари ансамбль ахь игьежьит иашьцәа аиҵбацәагьы Вианор Германиантә, Арвелод Қарҭынтә. Иҟан аамҭақәак аишьцәа ахҩык еивагыланы асолақәа анынаргӡоз ахәаԥшцәа андыршанхоз.

Аҳәынҭқарратә ансамбль аҿы балетмеистер хадас даныҟаз Кандид иқәиргылон акәашара ҿыцқәа. Урҭ аамҭақәа рзы ари ансамбль аҿы икәашон Маиа Герзмааԥҳа, Манана Кәыҵниаԥҳа, Валери Ҭаниа, Аркади Аршба, Зураб Маршьан уҳәа реиԥш иҟаз аԥсуа кәашацәа нагақәа.

Усҟан ансамбль агастрольқәа рыла адунеи иакәшеит: Аргентина, Африка, Европатәи Азиатәи аҳәынҭқаррақәа жәпакы уҳәа даара ирацәоуп иахьцахьаз.

1990 шықәсқәа рылагамҭазы Кандид Ҭарба ааԥхьара иоуит Ҭырқәтәыла инхо ҳдиаспора рышҟа уаҟа ансамбль аиҿкааразы. Дук мырҵыкәа иара имҩагь уахь ирхеит. Адаԥазар ақалақь аҿы еиҿкаахеит Кавказ хылҵшьҭрақәа рхаҭарнакцәа рацәаҩны излаз ансамбль "Кавказ" ҳәа хьӡысгьы иаиҭеит.

Ансамбль аамзы анахыҵ Ҭырқәтәыла аҩныҵҟа имҩаԥнагеит агастрольқәа. Кандид иқәиргылаз кавказжәларқәа рыкәашарақәа, ажәытәтәи акәашара "Рынаа", "Аԥсуа кәашара" уҳәа ҳдиаспораҿы инхо ҳауаажәлар даараӡа ибзианы ирыдыркылеит, ргәы шьҭнахит. Анаҩс, Кандид иӡбеит ансамбль иман Аԥсныҟа даарц. Нас Нхыҵ_Кавказ ҳаиашьаратә республикақәа рахь ицарц. Уи аамҭазы Кандид иашьа аиҵбы Арвелод Ҭарбагьы ацхырааразы Ҭырқәтәыла днеины дыҟан.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуааи абазақәеи реинаалара аҭоурых

Аха иаалырҟьаны адырра роуит дара рашьа Вианор машәырла дҭахеит ҳәа. Рҩыџьегь иаразнак Аԥсныҟа ихнымҳәыр ада ԥсыхәа ҟамлеит. Ҩымчыбжь ааҵуаны Ҭырқәтәыла Кандид еиҿиказ ансамбль "Кавказ" Аԥсныҟа иааит. Араҟа аконцертқәа рацәаны имҩаԥыргеит. Ахәаԥшыҩцәагь дара гәахәарыла ирыдыркылт. Нас рымҩа Нхыҵ-Кавказҟа ҳаиашьаратә Республикақәа рышҟа идырхеит. Кандид иашьа Арвелодгьы иаргьы ргәы ааԥсахны урҭ ирыцны ицеит – Нальчик, Черкесск, Маиҟәаԥ уҳәа ақалақьқәа рахь агастрольқәа рымҩаԥгаразы. Уаҟагьы даараӡа иеигәырӷьан ирыдыркылт ари ансамбль.

Кандид Ҭырқәтәыла еиҿикааз ансамбль иадҳәалаз игәҭакқәа рацәан, аха хара имгакәа Аԥсны аибашьра иалагеит. Ансамбль алахьынҵагьы уа иааҿахҵәеит. Аҟазарада ԥсҭазаара змамыз Кандид аибашьра шцоз изцәырҵхьан даҽа идеиак – ара Аԥсны "Кавказ" захьӡыз акәашаратә ансамбль аԥҵара.

Аибашьра шааилгаз игәҭакы зегь раԥхьа Кавказ жәларқәа рконференциа аиҳабы Муса Шанибов иаиҳәеит. Уи деигәырӷьан идикылт. Анаҩс, Кандид дцеит Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ишҟа. Иеиҿкаа сара суцхраауеит, иҳәеит Владислав Григори-иԥа. Ас адгылара аниоу Кандид имҩа ирхеит Нхыҵ-Кавказҟа ҳаиашьаратә Республикақәа рышҟа.

Аҟазаратә ашкол Абаза афестиваль аҟны рықәгылара - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ахәыҷқәа "Аҟазара адунеи еиднакылоит" аконкурс аҿы иаиааит

Уаҟа ивагылеит – анаҩс акыраамҭа балетмеистер хадас аус ицызуаз ансамбльқәа "Нальмеси", "Исламеи" напхгаҩыс ирымаз Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартист Мурадин Хоџьаеви, акәашаҩ ду Ҟабарда-Балкариеи Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартист Нодар Ԥлиеви. Иара  убас уахьынтә иааигеит 25-ҩык акәашацәа. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны ансамбль еиҿкааны, ашьапы иқәиргылеит.

Ансамбль "Кавказ" раԥхьатәи аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит нанҳәа мза 8 1994 шықәсазын. Ҩымз мҵыцкәа ахәаԥшцәа рышҟа ицәырҵит Аиааира шықәсык анахыҵ аҽны – астадион ду аҿы. Абри инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль ашьаҿа ҟанаҵеит аԥсҭазаара ду ахь. Аха урҭ аамҭақәа Аԥсны азын даара ианыуадаҩыз аамҭақәан. Кандид Нхыҵ-Кавказынтәи иааигаз акәашацәа ԥыҭҩык нхон иара иҩны. Даҽа ԥыҭҩык дара усҟан рҽахьазыҟарҵоз, иахьа "Интер-Сухум" захьӡу асасааирҭаҿы.

Арҭ рызегь ныҟәгатәын, акрырҿаҵатәын. Ари зегьы иаҵагылаз Кандид иакәын. Акәашацәа ркастиумқәа иҩны иҟан. Агострольқәа рахь ианцоз зегьы уа инеины акәын рыҽшеибырҭоз.

Усҟан рхәы рхианы дырԥылон рымаҵ луан – иара есымша деилызкаауаз иԥшәмаԥҳәыс Ҟәыруаԥҳа Нонна. Лара лаҟара издыруадаз акәашара шакәыз иара иԥсҭазаара зегьы ҵакыс иамаз.

Ансамбль Аурашьа. - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла еиҿкаау акәашаратә ансамбль "Аураашьа" Аԥсныҟа иааит

Ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩыгьы, директорсгьы иҟаз Кандид Тарас-иԥа иҭахын адунеи зырхыџхыџуаз, ахәаԥшцәа хызхуаз ансамбль аԥҵара. Ус иагьыҟалеит – иара хамеигӡаралатәи иусуреи ивагылаз иҩызцәеи рыбзоурала.

Ансамбль "Кавказ" анеиҿкааха ашьҭахь раԥхьаӡа гастроль ҳасабла иахьцазгьы Ҭырқәтәыла ҳдиаспора рышҟа ауп. Уаҟа ақалақь дуқәа Анкара, Сҭамԥыл, Бурса, Измир, Кониа имҩаԥысуаз аконцертқәа зегьы ақәҿиара дуӡӡа рыман. Иахьцәырҵлакь  анапеинҟьабжьқәа еихсыӷьуамызт. Уамакала иргәаԥхон. Анаҩс, ансамбль "Кавказ" хыԥхьаӡара рацәала Ҭырқәтәыла афестивальқәа, аицлабрақәа ирылахәхахьан. Аамҭак азын есымша аԥхьахә дара иргон. Анаҩс сасцәақәак раҳасабала инарԥхьо иалагеит уахь.

Ансамбль "Кавказ" ҟалеит Нхыҵ-Кавказтәи ҳаиашьаратә республикақәа еидызкыло культуратә хыҵхырҭаны. Ахьӡ шьҭыҵуан, амҽхак еиҳа-еиҳа иҭбаахон. Агострольқәа рҳәаақәа еиҵыҵуан. Дара рылахәын хыԥхьаӡара рацәала афестивальқәа аконкурсқәа. Ирлас-ырласны ицон Нхыҵ-Кавказҟа.

Уаҟа аныҳәақәа, афестивальқәа рыҽрыладырхәуан. Иқәгылахьан Москва Чаиковски ихьӡ зху азал ду аҟны. 2003 шықәса азын ансамбль "Кавказ" алахәын Санкт-Петербург 300 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа ду. Иара убас "Кавказ" алахәын афестиваль ду "Мир Кавказу". Ари афестиваль анаадыртуаз уахь днаԥхьан Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба.

Иара асценахь данхалоз аԥсуа кәашацәа наҟ-ааҟ игыланы амҩа изаадыртит. Уахь данхала ахәаԥшцәа ршьапы иқәгыланы рнапеинҟьабжьқәа еихсыӷьуамызт акраамҭа. Абас, ансамбль "Кавказ" аколлектив ахьнеилакгьы Аԥсны ахьӡ ҭыргон, иӡырыргон ҳкультура. Иара ианашьоу аҳамҭақәа адипломқәа хыԥхьаӡара рымаӡам. 1996 шықәсазы Волгодонск имҩаԥысуаз афестиваль аҿы "Кавказ" ианашьан ахьтәы медаль. Изныкымкәа ицахьан Германиа. Уаҟа ирылахәын европатәи Аҳәынҭқаррақәа рфольклортә кәашарақәа.

Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Аԥсны Жәлар рартист Оҭар Хәынҵариа

Иахьнеилак "Кавказ" иацыз аиааирақәа, ахәшьара ҳаракқәа, ақәҿиарақәа рацәан, уи ргәы шьҭнахуан акәашацәагьы, иара анапхгаҩгьы.

Кандид Ҭарба иҟазара ҳаракын, ажәлар дыртәын, ажәлар бзиа дырбон. Иаргьы кәашаратә ҟазарыла ижәлар рымаҵ иуан. Иара иԥсҭазаараан инапала еиҿикаахьаз ансамбль "Кавказ" аҵыхәтәантәи имш аҽнынӡа игәыҵхаз, дзыхӡыӡаауаз иара акәын. Иман аԥхьаҟатәи апланқәагьы инагӡамхеит акәымзар. 

Кандид аҟазараҿы еиԥш аԥсҭазаараҿгьы игьама ҳаракын. Иҩнаҭа, иашҭа, игәара зегьы еиҿкаан – имӡырха есымша асас дагмызт.

Ишаҳҳәахьоу еиԥш абарҭқәа зегьы рҿгьы, иҟазараҿгьы дарӷьажәҩаны дивагылан иԥшәмаԥҳәыс Ҟәыруаԥҳа Нонна. Дара ирааӡеит ҩыџьа ахшара аԥеи аԥҳаи. Аха рыԥсҭазаараҿы иҟалахьан атрагедиа ду, рыҷкәын Ҭемыр 29 шықәса дшырҭагылаз машәырла иԥсҭазаара далҵит. Арҭқәа зегьы дыриааиуан Кандид. Ԥсыуа хаҵак ишихәҭоу еиԥш ихы мҩаԥигон. Акыршықәса ицәа иалаз ачымазарагь даиааины ирҿиара еихеиҳауан, ԥхьаҟа игон. 

Кандид Ҭарбеи Ҟәыруаԥҳа Ноннеи ирхылҵыз рԥа Ҭемыри рыԥҳа Илонеи рҟынтә ирымоуп хҩык амоҭацәа. Ҩыџьа арԥарцәеи ҭыԥҳаки. Рԥа ҷкәынзаҵәык дызҭынхаз иԥа Ҭемыр иҷкәынгьы Кандид ихьӡырҵеит. Абри имаҭа Кандид иакәын Кандид Тарас-иԥа рабиԥара еихеиҳап, сыҵәҩаншьап имырӡып ҳәа дзықәгәыӷуаз. Кандиди Ноннеи рмоҭацәа Аминеи Кандиди зааӡаз дара роуп. Дара рзын Кандид дагьабын, дагьабдуун.

Напхгаҩык иаҳасабала Кандид илеишәа цәгьан, аус аниуаз ишаҭахыз ихы мҩаԥигон. Аха уаҩык иаҳасабала – даҽаӡәын, иҟазшьа бзиан, иахьаҭахыз диашан, иахьаҭахыз дҩызан, иколлектив дрывагылан есымша.

Кандид ҭарба кәашаҩык иаҳасабала, Аԥсынтәи Аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" анапхгаҩыс даныҟаз дызлахәхахьаз афестивальқәа, аныҳәақәа, аиԥыларақәа хыԥхьаӡара рымаӡамызт. Иара ианашьан ҵҩа змам аҳамҭақәа, адипломқәа, амедальқәа. Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны иҟоу ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев Кандид пату иқәиҵон.

Уи акәым еиҩызцәан ҳәа уҳәар алшоит. иара акырынтә ансамбль "Кавказ" дацны агастрольқәа рахь дымҩахыҵхьан. Иҟан ансамбль данацхраауазгьы. 2012 шықәсазын Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызара ахьӡала ҳәа Дмитри Медведев Кандид ианаишьаз амедал Шәача ақалақь аҟны инапаҿы изыркыз Семион Виачеслав-иԥа иоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада иусԥҟа инақәыршәаны Кандид Ҭарба ианашьан "Ахьӡ-аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара. Арҭ ахьӡ ҳаракқәа дрыԥсан иара. Избанзар дзызхәыцуаз ижәлар ркультуреи ртрадициеи адунеи ажәларқәа дырбара, дырдырра акәын. Убри азын илшоз зегьы ҟаиҵон.

Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны
Ҷкотуа: Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа алархәны ансамбль еиҿикааит

Уи акәзар ҟалап игәабзиара ҵызшәаазгьы. Ачымазара бааԥсы ицәа иалазижьҭеи акыр ҵуан, аха иара уи азын даангыломызт аус иуан. Иҿаԥхьа иқәиргылон ахықәкы ҳаракқәа, нас инаигӡон. Аха ицәа иалаз ачымазара имҩа ҿахнаҵәеит. Идунеи иԥсахит даныхәыҷыз аныҳәақәа зегьы иреиӷьишьоз, игәы хыҭхыҭуа дыззыԥшыз Амшаԥ ныҳәа ду аҽны – бзиа дызбоз иансамбль "Кавказ" аколлективи ижәлари ргәаҵаҿы гәыблыла игәалашәара ааныжьны. Иԥсы зыхҭниҵоз аҟазара еихарҳарц иагырмыжьырц рҭахуп ансамбль "Кавказ" аколлектив.

Урҭ раԥхьа дгылоуп ари ансамбль аболетмеистер хадас акыр шықәса аус зухьоу Аԥсни Ҟарачы-Черкесски жәлар рартист Арвелод Ҭарба. Кандид иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩыс дҟарҵеит иара. Иеиликаауеит ижәҩа иқәлаз аҭакԥхықәра шыхьанҭоу, аха иашьа иҟазара аихаҳара, ԥхьаҟа агароуп иара хықәкыс имоу.

Аҳамҭа ҳаракқәа "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара, Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызара ахьӡала аорден занашьоу Аԥсни Нхыҵ-Уаԥстәылеи жәлар рартист Кандид Ҭарба аԥсуа шықәсынҵырала уахәаԥшуазар ихыҵыз рацәам – 72 шықәсагьы цқьа изынамгӡеит. Аха ари аамҭа ҟазак кәашаҩык иаҳасабала иҭаигӡаз даараӡа ирацәоуп. Иара иқәиргылаз акәашарақәа рахьынтә ихаҭа еиҳа иаликаауан: "Аԥсуа кәашара", "Ауаԥсаа трыкәашара", "Алирикатә кәашара", "Ашьхаруаа рыкәашара".

Кандид дышқәыԥшӡаз ицралаз акәашара иацу амцаԥшь ицын иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амш аҽнынӡа. Уи ала иара Аԥсны мацара акәымкәа адунеи иахьигӡеит аԥсуа жәлар ркультуреи, рдоуҳаи. Ишьҭахьгьы иаанижьит уи амцаԥшь ҿыцәаара ақәымкәа еибаркны.


Ажәабжьқәа зегьы
0