Шьенер Ҳәмарба: аԥсуара саналацәажәо сгәы ԥшаауеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаШьенер Ҳәмарба
Шьенер Ҳәмарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьенер Ҳәмарба диит Ҭырқәтәыла, Ефҭениа ақыҭа. Аԥсуара игәы азыбылуеит, ажәытә аамҭа дазхьаауеит, иара дахьизи, аус ахьиуази, инапы злакуи ртәы дазааҭгылеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

— Шьенер, ҳаиҿцәажәара ҳалагар сҭахуп аҭоурых ала. Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз шәабшьҭра Ҭырқәтәыла иабанхоз?

— Сара излаздыруа ала сабду Ҭырқәтәыла диит. Сабду иаб Аԥснынтә амҳаџьырра аамҭазы ахҵәара иақәшәаз аԥсуаа дреиуан. Ҳара ҳқыҭа Диузџьа иаҵанакуа Ефҭениа ақыҭа ауп. Даара аԥсуаа рацәаҩны инхоит ари ақыҭаҿы. Нырцә-аарцә ҳәа аҽеиҩнашоит. Сара сахьиз аҭыԥ — Бзыԥаа рҭыԥ ахьырҳәо ауп, уа егьсызҳаит. Агимназиа Ҭырқәтәыла салгеит. Уи саналга ашьҭахь, Германиа сцеит. Сани саби уа иҟан.

Џьенгиз Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Џьенгиз Гогәуа: ҳахьыҟазаалак ҳаԥсадгьыл ахьӡ аҭгара ҳашьҭазароуп

Саб раԥхьа Австриа дыҟан, нас Германиаҟа диасит. Ҳабдуцәа рҳәамҭала излаҳаҳаз ала, арантә ианнеиуаз ԥшьҩы аишьцәа еицнеит. Урҭ рыхьӡқәа: Мысҭафа, Зафас, Бадраҟ, Ҭоқсоу. Мысҭафа сабду иаб ихьӡ акәын. Егьырҭгьы иашьцәа ракәын. Амшынла аӷба иақәтәаны ишнеиуаз балонк џьара рылаԥш ақәшәазаап. Аишьцәа руаӡәк уи закәу збоит ҳәа дыӡсауа ааигәа даннеи, итҟәацит. Минан, изымдырит, иара уа иԥсҭазаара далҵит. Ԥшьҩык рыԥсы ҭаны иӡхыҵгәышьеит, ахәбатәи амҩан дҭахеит. 

— Занааҭла шәнапы злакуи?

— Занааҭла сархитекторуп. Сара Урыстәыла акрызуан шықәсқәак. 1993 шыкәсарзы Волгоград шықәсыки бжаки аус зуан, анаҩс Ленинград арратә қалақь ҳаргылон. Урыстәыла зегьы ааидкыланы 40 рҟынӡа ақалақь хәыҷқәа ҳаргылеит. Аԥсны амобилтә еимадара "Аҟәафони" Ҭырқәтәылатәи афирмеи аиқәышаҳаҭратә ҟазшьа ирыбжьаз инақәыршәаны шықәсқәак аус зуит Аԥсны.

— Шәыжәла аҭоурых иаҳзеиҭашәҳәарц ишәылшои?

— Сара сан д-Аҭрышԥҳауп. Сан лан Кәаӡԥҳан. Сара Ҳәмараа сырхылҵшьҭроуп, сы-Ҳәмарбоуп. Ҭырқәтәыла аус зуаз Аԥсны ахаҭарнак Владимир Аҩӡбеи сареи лассы-лассы ҳаибаблон, сиазҵаауан сыжәла аҭоурых. Иара убас,  Урыстәыла сзықәшәоз аԥсуаа сразҵаауан сыжәла ахабар акыр идыруазар ҳәа. Аха, издыруаз уаҩ дысмықәшәагәышьеит. "Иҟазар ҟалап", рҳәон. Издыруада, Аԥсны издыруа аӡәыр дсықәшәозар?! 

Владимир дсазҵааит: "Аԥсны иахьықәҵыз удыруама Ҳәмараа?" ҳәа. Излаздыруаз ала, Ҟарачы-Черқьесскынтә ауп ишықәҵыз. Камбашь кәара ҳәа иашьҭан ажәытә иахьтәаз. Уи аҩыза ахьӡ зху Ҭырқәтәылагьы иҟоуп. Ҟарачы-Черқьесскҟа сыҽрымаздеит, сразҵааит. Сара иҟасҵаз аҳәарала ԥҳәыск аиҳабацәа дразҵааит. Изларҳәаз ала, ихҵәаз хҵәагәышьеит, иҟоуп иԥсқәазгьы, уажәы уаҩ днымхеит. Ҟарачы-Черқьесск иазааигәаны, 60 километра набжьаны иҟан Ҳәмаара рқыҭа рҳәеит. Сара сыжәлантәқәа рыԥшаара сашьҭоижьҭеи акрааҵуеит. Аха, уаҩы сиқәымшәац макьана. Издыруада, мышкы зны ҳаиқәшәар!.. Уи разҟхон сареи сҭынхацәеи рзы!

Мураҭ Бабал-иԥа - Sputnik Аҧсны
Мураҭ Бабал-иԥа: сыԥсадгьыл аӡбахә ансаҳа Аԥсныҟа сызлаара амҩа сашьҭалеит

— Шәгәалашәарақәа ирылышәкаауа аҟынтә хҭыск.

— Сара ақыҭаҿы сиит. Аԥсшәа ақыҭаҿы исҵеит. 30 шықәса атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы аусура аганахь ала саанхазаргьы, аԥсшәа схамшҭӡеит. Германиа ҳанынхоз, сани саби еснагь ԥсышәала еицәажәон, еснагь аԥсшәа саҳауан сҭаацәа рҿы. Саҳәшьцәагьы аԥсшәа бзианы ирдыруеит. 1993 шықәса рзы саб рыцҳа Германиа дыԥсит. Германиеи Ҭырқәтәылеи еснагь ҳцо ҳаауа хабжьан. Германиа аџьықәреи шыла ҳауӡомызт. Еснагь Ҭырқәтәылантәи иаҳгон. Саб ус иҳәалон: "Абысҭа сымфар, сгәы ҭәӡом" ҳәа. Сан еснагь абысҭа луан, аԥсуа хәқәа ҟалҵон. Ҳахьцалак аԥсуара ҳацын.

— Шәара шәеилкаараҿы изакәузеи аԥсуара?

— Аԥсуара саналацәажәо сгәы ԥшаауеит (илаӷырӡқәа идырҳәом). Саб рыцҳа ихгьы игәгьы аԥсуара акәын иҭаз. Ажәытәра аамҭа саназхьаԥшлак, аԥсуара зынӡа даҽакала сазнеиуеит.  Усҟан даҽакала иҟазшәа збоит. Аԥсуара ҽырбагаӡамызт, аныҟәгара уадаҩын. Аха гәыла-ԥсыла ианныҟәуго, шаҟа аџьа адубалаз аҟара убриаҟара уарԥшӡоит. Ҳхәыҷқәан, аха ҳаиҳабацәа ахьтәаз иахьеицәажәоз ҳрыдтәаламзаргьы, ирҳәо ҳаҳартә еиԥш рааигәара ҳаҟан, ҳлымҳа кыдҵаны ҳарзыӡырҩуан. Абыржәы убарҭқәа зегьы сыла иаахгылеит, аиаша басҳәап сгәы акыр иԥшааит. 

1993 шықәса рзы раԥхьа Волгоград санца, амчыбжь анҵәамҭазы аџьармыкьахь сцеит. Атәым милаҭ ихәаахәҭуаз, аус зуаз, џьара аԥсыуак дрылазар ҳәа сеимдауан, сразҵаауан. Фымз ааҵуаны еиԥш, аԥсыуак сиқәшәеит убра, д-Ҭарбан. Аухагьы аҩныҟа сигеит, ԥсыуа ҵасла сидикылеит. Уи ашьҭахь Ленинград Аҟәысбак сиқәшәеит раԥхьа. Иара ианхәа д-Кәаӡԥҳан. Сара сандугьы д-Кәаӡԥҳан. Ажәакала, ҳаибабо ҳалагеит. Аха, уажәы ҳаицәыӡит аамҭала. Уижьҭеи уажәшьҭа 15 шықәса инареиҳауп. Саб рыцҳа Аԥснынтә аԥсыуак дизымбакәа дыԥсгәышьеит. Уи цәгьа сгәы иалоуп. Сгәы былуеит, исаҩсхьо аамҭа цәгьа ихьаазгоит. Аԥсуара ишахәҭо исызныҟәымгозаргьы, сашьҭоуп, сықәныҟәар сҭахуп. Аԥсуара аԥхашьара ацуп. Ажәытә еиԥш иҟазарц сҭахуп, уи ҳахьчоит. 

— Иҭабуп Шьенер ҳаиҿцәажәаразы! Аихьӡарақәа шәзеиӷьасшьоит!

Ажәабжьқәа зегьы
0