Жәабран - арахә реизҳаразы, ԥырхага рымамкәа рааӡаразы аԥсуаа иныҟәырго аныҳәара

© Foto / Нонна ҬхәазԥҳаЖәабран ныҳәа
Жәабран ныҳәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәытә-натә аахыс аԥсуаа ирымоу аныҳәарақәа рхыԥхьаӡара рацәоуп, урҭ зегьы рхатә ҵакқәа рымоуп, рхыҵхырҭақәагьы азқьышықәсақәа ирыларсуп. Аԥсуаа рныҳәарақәа рыуак иахьа уажәраанӡагьы еиқәханы иҟоу -жәабран ныҳәа шымҩаԥыргоз еилылкаауан Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа аетнолог Валери Бигәаа иҿы.

Аетнологиатә интерес рыҵоуп, иара убас, акульттә символқәа, аныҳәатә мгьали ацқьашәи рформақәа, дара аныҳәарақәа разырхиашьақәа рҟынӡа зегьы. Иахьазы иҵакыдоушәа иҟоу арҭ асимволқәа зегьы магиатә еидарак иаҵоуп ҳәа иԥхьаӡоит аетнолаг Валери Бигәаа. 

Аԥсыуа ҵасла Жәабранмгьал ахьыӡтәу аҩны ахәышҭаараҿоуп. Жәабран аҵанакуеит арахә ааӡара Аиҭар дызхылаԥшу абыжьнцәахәык рахь. Аԥсуаа ирымоу анцәахәы рацәақәа зегьы реиԥш, Аиҭаргьы Анцәа ду ихылаԥшраҿы дыҟоуп. Убри аҟнытә Аиҭар анцәахәдуқәа рахь даҵанакуеит. Уи ус шакәу аанарԥшуеит арахә рынцәахәқәа зегьы Жәабрангьы убрахь иналаҵаны аныҳәарақәа ишрылаго: "Акыр зымчу Аиҭар –  Абыжьеиҭар" ҳәа – аныҳәара, ҳәа азгәеиҭеит аетнолог.

Абхазская семья. Фотогравюра. - Sputnik Аҧсны
Ирҳәоит аԥсуаа ауаҩы дыԥҵәазар деиԥызшьуа ауаа ҳаман ҳәа

"Иара убас, уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит арахә ааӡара иадҳәалоу аныҳәақәа зегьы Аиҭар ныҳәақәа ҳәа иахьрышьҭоу. Аиҭар аҩнытә ԥстәқәа ирхылаԥшу, изыхьчо нцәахәуп. Аҵарауаҩ Валери Бигәаа Аиҭар ныҳәақәа ахьҭиҵаауа ишазгәеиҭо ала, ажәытә еиԥш иахьагьы Аиҭар ныҳәақәа рымҩаԥгара мчыбжьык аԥхьа аҽазыҟаҵарақәа ирылагоит. Амала агәаҟра ахьыҟалаз аҩнаҭаҿы шықәсык ҵаанӡа арҭ аныҳәақәа мҩаԥыргаӡом", — иҳәеит Бигәаа. 

Валери Бигәаа иажәақәа рыла, Жәабран ныҳәа анымҩаԥырго мышқәак шыбжьоу ахацәа "Анцәа ду – абри зыхьӡала иааҳго аныҳәа ԥшӡала ҳаԥыжьла", ҳәа ҳәаны амҿы ааргоит. Ари аныҳәа амҩаԥгараан зегь раасҭа еиӷьу ҳәа иԥхьаӡоу аџьымҿ ауп, аха уи ааигәа иҟамзар, иааргоит алакациамҿы. Ахәышҭаара ианаало иԥҟаны ахыбра иҵарҵоит. Аныҳәа ааигәахо ианалагалак ԥшьашак аҽны иааргоит ахәажә маҵәқәа абӷьы иаҵәа зҿоу, иара убас араса махәқәа. Араса махәқәа ирылхны иҟарҵоит амысҭхәагақәа, ԥшь-лабак, урҭ ахәышҭаараҿы амажәа анкарҭәо иааннакыларазы ауп изыҟарҵо. 

"Жәабран ныҳәа иазку ачыс аҟаҵара зыхәҭоу аԥҳәыс цқьа лоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Жәабран фымш шагу амҽышаҽны арахә рынцәахәы диҳәаны аҵәырса ҟалҵоит. Уи ҟалоит зынӡагьы иҵаӷамкәа мыцхәгьы ижәпамкәа. Абри аҵәырса акы иҭаҭәаны ампахьшьы шкәакәа акәыршаны иахьыԥхароу ҭыԥк аҿы иқәлыргылоит. Ибзианы иааирц азы, мышкы ҩынтә хынтә еилалырҩынтуеит: ашьыжь, шьыбжьон, ахәылбыҽха расатә ҵәыла", — иҳәеит Бигәаа. 

Жәабран ныҳәа амш аҽны аҭаацәа ашьыжь ишыҩагылалак аҭаацәа реиҳабы Анцәа ду диҳәоит – Ҳазшаз Анцәа ду, сукәыхшоуп! Иҭабуп, абас, ҭаацәала зегьы ҳаибга ҳазҩыда иахьатәи аныҳәа ҳаԥыларатә еиԥш аамҭа ахьҳауҭаз, ҳәа. Анаҩс дасу русқәа рҽырзыркуеит. 

Аԥсуа фатәқәа рыҟаҵашьа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа фатәқәа рыҟаҵашьа Ҭырқәтәыла иахьа ишеиқәырхоу

Аԥшәма ԥҳәыс ашыла хәны ахәыӡ шылеи амахәыдеи еилалыԥсоит, нас уи иҟаҵан илымоу аҵәырса аҭаны амажәа акәаҳара далагоит. Уахь иалҭоит аџьыкахыши ацхеи. Ари амажәа даараӡа иӷәӷәаны аҩра аҭахәуп лара дааҟәымҵӡакәа илыҩуеит, аха иара ирацәаны аҩра ахьаҭахәу азы лара илыцхраауеит аиҵбацәа, аиҳарак аҷкәынцәа. Иахьа ахәыӡи амахәыдеи маҷны иахьаадрыхуа азы аиҳарак рхы иадырхәо ашылоуп. 

Аԥшәма хаҵа иус ахәышҭаароуп. Аҭаацәа дахьреиҳабу азын амца аиқәҵара зуалу иара иоуп. Анаҩс уи иахылаԥшлар ауеит аиҵбацәагьы. Жәабран мгьал анырӡуа амца ӷәӷәаӡаны еиқәҵатәуп, ахәышҭаара бзиаӡаны ишырц азыҳәаны, ҳәа азгәеиҭеит аетнолог.  

"Амажәа бзиаӡан ианырыҩлак ашьҭахь, аҩнаҭа аиҳабы – аныҳәаҩ ихылԥа ихыхны амрагыларахь иҿы рханы ашьамаҟа рынцәахәы диҳәоит абас: Жәабран, акыр зымчу Аиҭар – Абыжьеиҭар инцәахәы суҳәоит, ҳарахә ҳхааӡага улаԥш хаа иахумбаан, урхылаԥш, амышьҭацәгьеи алаԥшыцәгьеи ирцәыхьча, абна бааԥс иацәыхьча, машәыр думырхьын, еигумырхан, рхәыжәи-рҟьыжәи рыда ԥхасҭа рмоуратәы, иҭәы-иԥха иҟаҵа! Ирзырҳа! Хыш-хырҵәы ҳагумырхан. Ҳара иҳалшоугьы угҳархом, иахьа еиԥш ианакәызаалакгьы умаҵ ҳаулоит. Аҭаацәа зегьы амин рҳәоит. Нас амажәа аҩны аҭӡамцқәеи аҭуани рахь иҟьоит.  

Анаҩс, иара иныҳәо, ма аҩны иҟоу аиҳабацәа аӡәы амца еиқәхихуеит, аԥырӷқәа хазы еизганы ишьҭеиҵоит, ахәышҭаара рхы иадмырхәац ицқьоу ҩымсагла иԥссоит. Нас ахәышҭаараҿы араса иалху алабақәа ԥшьба шьҭеиҵоит, амажәа џьарак иаанхарц азы. Аԥшәмаԥҳәыс ирбааӡан иҟоу ахәажәабӷьы ала ахәышҭаара хылҟьоит ҩынтәны еиқәҵаны. Нас, ахаҵа амажәа зҭоу иманы, арахә ныҳәо – зны ашьхарахь ирхо, зны амшын ахь ирхо амажәа ирхианы иҟоу ахәажәабӷьы илеиҭәоит. Анаҩс, арасатәы ҳәызбала еиҟареитәуеит. Аԥшәмаԥҳәыс иаанхаз ахәажәа бӷьы ҩынтәны еиқәҵаны хыхь иақәылҵоит. Хазы ишьҭоу аԥырӷы ааган хыхь иақәлыԥсоит, амгьал хыхьгьы-ҵаҟагьы еиԥшны иӡырц азын", — иҳәеит Бигәаа. 

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуааи абазақәеи реинаалара аҭоурых

Аетнолог излазгәеиҭаз ала, амгьал анӡлак аԥшәмаԥҳәыс хыхь иақәу аԥырӷы ҩымсагла иақәылхуеит, нас ахәажәабӷьы ақәхны, аҩн иҟоу аиҵбацәа лыцырхырааны амгьал шьҭыхны ахәышҭаара арӷьарахь ала игылоу, ашкәакәа зқәыршәу аишәа иқәырҵоит. Уи шыҟарҵо ашьшьыҳәа ауп. Избанзар, амгьал ԥҽыр бзиам ҳәа иԥхьаӡоуп. Амгьал агәҭа иақәылҵоит  – ацқьашә.

Ари зегьы ҟаҵаны ианалгалак аамҭагьы ахәылбыҽхахь инеиуа иалагоит. Арахәгьы гәарлоит. Аныҳәаҩ ихылԥа ихыхны, иарӷьа напала ацәашьы кны, ихы амза ахьгыло аганахь ирханы даҽазнык дныҳәоит раԥхьа дышныҳәаз еиԥш. Нас ацәашьы ашә арӷьарахь ала ашәвазаҿы икыдиҵоит. 

"Уи ашьҭахь Жәабранмгьали ацқьашәи араса иалху аҳәызбала ԥшьыџьаран иԥиҟоит. Нас, ахәҭақәа руак иссаны иԥҟаны иара агьама ибоит нас, иҭаацәа зегьы ирзишоит. Егьырҭ ахәҭақәа уа аишәа иқәуп. Ари зегьы аныҟарҵалак ашьҭахь аишәа дырхиоит. Асасцәа рҭазар хымԥада Жәабранмгьал зегьы ирҿарҵоит. Аҭаацәа рҟынтәи аӡә хара дыҟазар, дзымаазар, ихәы рҵәахуеит", — иҳәеит Бигәаа. 

Аетнолог излазгәеиҭаз ала, иҟоуп, амгьал ахәышҭаара иҽҳәымхӡакәа иныҳәоугьы. Уи зыҟарҵо амгьал рцәеиҩшьар ҳәа ишәоит азоуп. Ианԥырҟалак ашьҭахь ауп ианышьҭырхуа. Арҭқәа зегьы ианрылгалак аҭаацәа еиҳаб-еиҵбыла ирхиан иҟоу аишәа иахатәоит, еиҳаб-еиҵбылагьы акрыфара нап адыркуеит. 

Аишәа ианахыҵлак амгьал зларҳәоз алабақәеи иара зларҟьази дрыцқьоит, ирыӡәӡәоит, ирҵәахуеит. Амгьал зларӡыз ахәажәабӷьи ахәышҭаараҿ ишьҭаз алабақәеи ахкаара аҵыхәахь џьара ишьҭарҵоит, амала иҭыргаӡом.  

Абас ашьамаҟа рныҳәа Жәабран аныҟарҵалак мчыбжьык ашьҭахь ирныҳәоит аԥсаса – уи Џьабран ахьӡуп.

Арҭ аныҳәақәа рыҩбагь арахә реизҳара, рааӡара ԥырхага рымамкәа иҟазарц азы аԥсуаа жәытә-натә аахыс есышықәса имҩаԥыргон. Рхыԥхьаӡара рацәамзаргьы иахьа уажәраанӡа иаанханы иҟоуп арҭ аныҳәақәа мҩаԥызго ауаа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0