Ԥлиаԥҳа: ауаа ирыздыруам аҭыԥантәии Жәлар Реизарахьи алхрақәа злеиԥшым

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАлхрақәа
Алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зураб Ачба ихьӡ зху аҵарадырратә центр аиҳабы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аполитологиа акафедра адоцент Далила Ԥлиаԥҳа Sputnik арадио иалҭаз аинтервиу аҿы дазааҭгылеит Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа реиҿкаашьеи Апарламент аилазаара ҿыц аҟынтәи дзызԥшуи ртәы.

Аполитолог Далила Ԥлиаԥҳа Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭалҳәеит Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа реиҿкаашьа дшазыҟоу.

– Далила Чич-иԥҳа, Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа хара имгакәа имҩаԥысуеит, шәыззыԥшузеи шәара Апарламент аҿыц еилазаара аҟынтә?

– Иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы иара амилаҭтә хаҿсахьа ҵаҵӷәыс ианамоу, уи ҳәынҭқаррахаӡом. Досу имоуп азин алхрақәа рылахәра, Апарламент ахь анеира, аха уахь анеира иагьакуп иагьаҩбоуп. Аҵыхәтәантәи алхрақәа раан аума, уаанӡа иҟаз алхрақәа раан аума, анаԥшцәа ааны ауаа ианрыҿцәажәоз агәынамӡара рыман.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Ақьаад ианхалаз азакәан

Избан акәзар уахь имнеиша аннеиуа ыҟоуп, абри аанызкыло амеханизмқәа ҳамаӡам иахьа. Ажәлар еилкааны ирыздыруам аҭыԥантәи алхрақәеи Жәлар Реизархь алхрақәеи злеиԥшым. Џьоукы уразҵаар ирҳәоит – ари амҩа ҳзыҟаиҵеит, ани алашара ҳзыҟеиҵеит ҳәа. Хымԥада урҭ зегь аҭахуп, уи гәыҳалалратә проблемақәоуп, аха уи ҟазҵаша аҭыԥантәи алхрақәа рҿы иалырхыз ауаа роуп.

Аконституциа аашьҭыхны уахәаԥшыр, ҭакԥхықәрас ирыду аус аиҿкаара ауп. Жәлар Реизарахь иалҳхуа имазар ауп аԥсҭазааратә ԥышәа, Апарламент аҿы аусуразы иаҵанакуа аҵара. Иҭышәынтәалоу аҳәынҭқаррақәа урыхәаԥшуазар, уаҟа еиҳауп аекономистцәа, азиндырыҩцәа, аполитика аусзуаҩцәа. Абарҭ зегьы Апарламент аҟны ианнеи, урҭ ҳәынҭқарратә знеишьоуп ирымоу.

Адепутатраз акандидатцәа рыбжьара аҿар рхыԥхьаӡара рацәоуп. Џьоукы ирҳәоит Жәлар Реизара ахь инеиуа ауаа рықәра 35 шықәса еиҵамзар ауп ҳәа, шәышԥахәаԥшуа шәара уи?

– Аԥсуаа ирҳәоит "ихәыҷымкәа идухахьада", ҳәа. Ақәра хымԥада акраҵанакуеит, аха дыҟоуп 60 шықәса зхыҵуа, аха гәыла иарԥысу, дыҟоуп 20 шықәса зхыҵуа, аха гәыла иҭаҳмадоу. Ақәреи аԥсҭазааратә ԥышәеи еицызар ауп, мамзар иқәыԥшу Апарламент ахь инамышьҭра иашаӡам уи аԥсҭазааратә ԥышәа имазар. Сара сахьынаԥшааԥшуа сгәы снархьуеит ауаҩы аҵара далганы дааины аусура далагоит аминистр ихаҭыԥуаҩыс.

Уи аҵара ду иоуит, аха аԥсҭазааратә ԥышәа имаӡам, убри аҟынтә аԥсҭазааратә ԥышәа акыр аҵанакуеит. Аҿар Апарламент ахь инеир зҭаху адырра рымоуп, аха урҭ аԥышәа рымам, ҩбагьы ҽыҳәҵәыла аҭарчеи анырго еиԥш ижәыланы Апарламент ахь идәықәлеит. Рыцҳарас иҟалаз, Апарламент иаҵанакуа афункцақәа ҽеила иҳаздыруам, иара убас, уаҟа ахатә мал арҳаразы иманшәалахеит.

Избирательная урна - Sputnik Аҧсны
Далырхит – дырхашҭит

Даара пату рықәсҵоит иҟаз Апарламент алахәылацәа, даара аҵареи аԥышәеи змоу роуп, аха даргьы еиԥхныҩланы алхрақәа рахь идәықәлеит. Абраҟа азҵаара дуӡӡа цәырҵуеит, урҭ аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчаразы ицома, мамзаргьы иззы. Ус азҵаара цәырҵуеит русура алҵшәақәа ҳанрыхәаԥшуа. Ажәлар ирыздыруам иаҳтәу дазусҭоу, абри ауп иахьа Аԥсынра хьаас иҟоу. Иахьа алхрақәа ирылахәу рыбжьара аҳәса маҷуп, атәым милаҭқәа рхаҭарнакцәа ыҟаӡам.

–  Уажә ааигәа ауаажәлар рхаҭарнакцәа гәыԥҩык ааԥхьара ҟарҵеит Жәлар Реизара адепутатцәа рзинқәа аиҵытәразы, шәара шәадгылома ари ажәалагала?

– Ихадароу азакәан – Аконституциа, аполитикатә закәанқәа урыхәаԥшуазар, аҭагылазаашьа имоуп изинқәа инарықәыршәаны аус иуларц. Аха иоуа ауалафахәы ииуа аус уахәаԥшыр иуҳәар ауеит уи имоу бжьаратә ԥсҭазаароуп, ҳәа. Аха иаарту ацәажәара аныҟала, шәахәаԥш шаҟа гектар адгьыл ара ирыдкылоу, шаҟа хан дыргыло.

Ԥшӡала Анцәа ириҭааит, ирымоу еиҳахааит, аха уи дара рхатә џьабаала еиқәдыршәаз аума? Апарламент ахь инеиуа адепутат ауалафахәы имоуп, аха ҳазҿыԥшуа аҳәынҭқаррақәа ҳрыхәаԥшуазар, Швеицариа Апрламент адепутат иоуа ауалафахәы, ашкол аҟны арҵаҩы иоуа ауалафахәы иаҟароуп. Уи аҳәынҭқарра инаҭо альготқәа имоуп. Уи аҩыза макьана ҳара ҳҟны иҟаӡам, иҳагу рацәоуп, аха уи ҿырԥштәыс иааҳгалар ауми. Адепутат имоу азинқәа Аконституциа инақәыршәаны еиҿкааны аус иур ауп.   

Далила Ԥлиаԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

– Иахьа Апарламент ахь адепутатраз иқәгылоу ауаа шәахьрыхәаԥшуа шәгәы ишԥаанаго профессианалтә ҩаӡарас иаиуазеи Жәлар Реизара аҿыц еилазаара?

– Хымԥада иҟоуп угәы шьҭызхуа, узыргәырӷьо акандидат абзиаӡақәа. Аха убри инаваргыланы, сгәы сзырхьуа уи ауп, урҭ уахь инарышьҭӡом. Аҵара ду змоу аекономистцәа збоит, аҳәынҭқарра аргылараҿы аԥышәа ду змоу ауаа збоит. Ҿыц инеиуа аҵарадырра змоу, аус зурц зҭаху ицқьоу ауаа рацәоуп. 

Ажәабжьқәа зегьы
0