Ԥсабарала, шьала-дала иеибашьҩыз - Мушьни Хәарцкьиа

© Foto / из архива семьи ХварцкияМушни Хварцкия
Мушни Хварцкия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ иадхәалоуп раԥхьатәи афронт, раԥхьатәи ахрыӷәӷәарҭа, раԥхьатәи абаталионқәа реиҿкаара. Иара ԥсабарала деибашьҩы дуун. Аибашьра ианалагаз атактикеи астратегиеи еибашьра дук иаиааихьоу камандирк иеиԥш ахырхарҭа аиҭон. Абарҭқәа ртәы иалацәажәоит дздыруаз Sputnik аналитик Нонна Ҭхәаӡԥҳа.

Мушьни Хәарцкьиа аибашьра астратегиеи атактикеи бзиаӡаны идыруан. Аԥсны Ахақәиҭратә еибашьра иалаӡит агәаӷь зызҭаз, згәы цҳауаз усҟантәи абиԥра ҿа реиҳараҩык. Иҭахаз ҭахеит, аха иаанхаз рахьынтәи аибашьра ашьҭахь рхы зқәыркра рзымдыруа инхазгьы рацәаҩуп.

Аԥсабара ишаԥу ала урҭ рыԥсадгьыл ахьчара, ахақәиҭра ашьакәыргылара иазшазар акәхарын. Рыԥсы ҭаны иеиқәхазҭгьы, иахьанӡа изааизҭгьы ирацәҩын иҭахаз рахьынтәи ҳаҩныҵҟа ҳаҽрыцкьараҿы, ҳамҩақәҵараҿы алшара ӷәӷәақәа змазгьы. Урҭ дреиуан Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа. Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ ззымдыруа Аԥсны ахы-аҵыхәа аӡәгьы дыҟаӡам.

Аршба Едуард - Sputnik Аҧсны
Аснаипер Едики авинтовка "Ажәҵыси"

Мушьни ихьӡоуп изыдҳәалоу аибашьра аԥхьатәи амшқәа инадыркны Мраташәаратәи Мрагыларатәи афронткқәа реиҿкаара. Раԥхьатәи ахрыӷәӷәарҭақәа раԥҵара, ахыхчара аиҿкаара. 1992 шықәса нанҳәа мза 14 инаркны иара аԥхьа дгылан. Аибашьра ианалагаз аҽны "Ацҳаҟаԥшь" аԥсуаа рнапахьы ианааргаз инаркны иара даҿын афронтқәа реиҿкаара. Аибашьра иаҭахыз здыруаз дмаҷын. Иара аԥышәа ду имазшәа зеьы иара ила иалаган.

Аибашьра ҟалаанӡа иеиҿкааз амилаҭтә гвардиа еиҳабыс даман Владимир Аршба, уи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан Мушьни Хәарцкьиа. Аибашьра ианалагаз аҽны рҩыџьагьы арратә дҵа рыманы Гагра аиԥылараҿы иҟан. Убра ауп иахьраҳаз дара рҩыџьегьы аибашьра ишалагаз. Ҳәарада иаразнак Аҟәаҟа игьежьит. Владимир Аршба ишеиҭеиҳәо ала, аибашьра ианалагаз еиҿкааны иҟаз иара дызхагылаз абаталион еихшаны иҟан. Мушьнии Владимир Аршбеи раԥхьатәи аибашьратә еидыслара иахьӡеит Ацхаҟаԥшь аҿы. 

Иааидикыланы 45-ҩык рҟынӡа ауаа еизеит. Мушьнии Владимири адҵақәа рзықәыргыланы ауаа еихыршеит. Зегьы раԥхьа зҵаара хаданы рҿаԥхьо иқәдыргылеит Агәыӡера иҟаз агвардиа аиқәырхара. Убри азын амшын аԥшаҳәахьы ицаны анышьқәа руак ааныркылар акәхеит абџьар ала иршәаны. Уахь шьоукы дықәырҵеит. Дара Агрба Гиви инапхгара аҵаҟа иаангылеит Ацха ҟаԥшь аҿы. Владимир архәҭа маҷқәа реиҿкаара далагеит. Мушьни ахрыӷәӷәарҭақәа реиҿкаара далагеит ахыхьҷараз иаразнак. Уброуп раԥхьатәи атанк ахьыргаз.

Сергеи Габниа. - Sputnik Аҧсны
Аибашьҩы Габниа: Руслан Габлиа ссахьа ҭихит сыԥсы сшьарц санаатәа

Аибашьра раԥхьатәи ауха Мушьни Хәарцкьиа агәыԥ еидкыланы Агәыӡераҟа дцеит, уантәи агвардиа иалаз аруаа раагаразын. Ари архәҭа иалаз реиҳараҩык Кәыдры аиҩхаақәа рахь ицеит, нас уантәи Тҟәарчалҟа ииасит. Ԥыҭҩык амшын аҟәараҿы икҿаханы иҟан. Убарҭ Мушьни уантәи иалигеит.

Уи анаҩс Аҟәа ааныжьраз адҵа аныҟала дара иаразнак мап ацәыркиҭ, аха Владислав Арӡынба ауаҩы дизыршьҭын ишидыруаз анеилыркаа иақәшаҳаҭхеит Аҟәа ааныжьра. Уи аамҭазы дара ахыхьчараз ахрыӷәӷәарҭа еиҿыркаарц иаҿын Мушьни Ацҳашкәакәаҿы, Владимир Ацҳаҟаԥшь аҿы, аха иаанырмыжьыр ада ԥсыхәа аныҟамла Ачадара иахьнеиз ирацәаҩӡаны иеизахьан, аха Мушьнии Владимири ргәыԥ рыманы, уи аамҭазы 60-ҩык рҟынӡа иҟалахьан дара, уа иаанымгылаӡакәа ицеит Аҩада Ешыратәи ацҳахь уи аҩадахьы ахыхьчараз аҭыԥ аиҿкаара иалагеит.

Адырҩаҽны рҩыџьагь Владислав Арӡынба дрыԥхьеит. Ԥшьба-хәба мшы рыла абаталион еиҿыркаарцгьы рыдиҵеит. Амза 17 рзы Владимир дырхәит, ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Мушьни Гәымысҭатәи афронт еиҿикааит напхгаҩысгьы иҟаз иара иакәын. Дыздыруаз ишыргәладыршәо ала иара уахгьы-ҽынгьы дмыцәаӡақәа аԥхьа дгылан ар мҩақәиҵон.

Ирҳәоит иара зегьы ихала аиҿкаара далагон ҳәа. Сара иҟасымҵар иҟазҵода, сара исыхәҭоу даҽаӡәы изыҟаиҵарызеи ҳәа иԥхьаӡон. Усҟан аибашьратә ԥышәа рымаӡамызт, аха иара идыруан иҟаҵатәыз зегьы, избанзар иара ԥсабарала, шьала-дала деибашьҩын. Аибашьра ҟалаанӡагьы иара идыруан ишыҟалоз. Хԥа-ԥшьба ҽны раԥхьа аҽазыҟаҵара далагахьан.

Дыздыруаз даныргәалдыршәо иазгәарҭоит аибашьра иара ишиԥсҭазаараз. Аибашьрада хрыцқьашьеи дара рықәцашьеи ҳамаӡам ҳәа иԥхьаӡон. Мушьни Нарҭ Сасрыҟәа диҩызан ҳәа иазгәазҭогьы ыҟоуп. Ихы иҭаз Аԥсуа жәлар реиқәырхара акәын.

Мушьни иоуп еиҿызкааз раԥхьатәи Мраҭашәаратәи афронт. Ешыратәи актәи абаталион деиҳабын. Ирҳәоит ажәак иҳәаанӡа убри ажәа убри аҟара дазхәыцуан, ианиҳәалак зегьы рҟынӡа инеиуан. Иара ихы зынӡа дазхәыцӡомызт, иԥсадгьыл иуаажәлари ракәын дзхәыцуаз. Есымша аԥхьа дгылан, аԥхьа ҽаӡә дыргылан иара ашьҭахь дынхаӡомызт, еснагь аԥхьа дцон. Иара ианианшьахаз ԥшьымз заҵәык роуп аибашьра, аха есымша аԥхьа игылаз уаанӡагь инеира зыбзороу иара иҟәыӷароуп.

Аҧсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа игәалашәара иазкыз амитинг мҩаҧысит

Аибашьра анцоз знык дзацәажәаз ауаҩы иаразнак дыҩуа иара дишьҭалон, рҳәеит аибашьраан дызбоз, ицыз аветеранцәа. Иҟәыӷарала иара ауаа драԥысны идыруан аибашьышьа. Ауаа рԥсихологиа идыруан азын аӷа дызҿу иҟаиҵо зегьы иара дахьыҟаз аҭыԥ аҿы идыруан. Убри аҟынтә аибашьратә тактикеи астратегиеи рҿы илиршоз рацәан.

Ԥшьба ҳәба метра аӷа и-БМП аԥхьанӡа днеиуан дымшәаӡақәа. Уи аамҭазы иара иеиԥш ииашаны иҟәыӷаны умҩақәызҵоз иԥшаара цәгьан.

Аибашьра аветеран Руслан Инаԥшьба иџьашьаны иеиҭеиҳәоит раԥхьатәи Аҩада Ешыратәи аиҿахысра иаҟәыҵны, рышьҭахьҟа ихынҳәны иандәықәла: "сара бинокльла сыԥшуан атанкқәа гежьны иахьцоз уамак аабжьамқәа аӡә дхахаӡа дрышьҭагылан днеиуан, абас 100-80 метра рҟынӡа акәын ирыбжьаз. Днышьҭасынгьы ак аашьҭихеит, икәша-мыкәша уаҩ дыҟаӡам. Усҟантәи аамҭазы уи аҩыза аҟаҵара даара иуадаҩын". Нас Руслан ацҳахь дылбааит сааҭк аҟара ааҵхьан убрахь дааит Мушьни. Абас, гәымшәарыла аӷа диабашьуан иара.

Мраташәаратәи афронт шьақәыргыланы ианалга, 1992 шықәса, жьҭаарамза анҵәамҭазы Мушьни диасит Мрагылараҟа. Уаҟагьы иара иоуп афронт еиҿызкааз уҳәар алшоит. Абас, зехьынџьара даԥхьагылан иара. Аибашьра ианалага инаркны агәра ганы дыҟан Аиааира ҳара ишаҳгоз. Аха зыжәлари зыԥсадгьыли рхьаа зыӷрыхоз Мушьни ҭамхашьа имаӡамызт, избанзар иара ихы зынӡа игәаиҭаӡомызт. Иара дҭахеит 1992 ԥхынҷкәын мза 6 рзы Мрагыларатәи аибашьра ахырхарҭаҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0