Емма Гамсаниаԥҳа: сусураҿы бзиарас исылшаз салхыҩцәа роуп изыбзоуроу

© Sputnik / Томас ТхайцукЕмма Гамсаниаԥҳа Аԥсны жәлар Апарламент III, IV и V ааԥхьарақәа рдепутат
Емма Гамсаниаԥҳа Аԥсны жәлар Апарламент III, IV и V ааԥхьарақәа рдепутат - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Емма Гамсаниаԥҳа – ауаажәларра-политикатә усзуҩы, афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент. 1995 шықәса инаркны аус луеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аполитологиеи асоциологиеи ркафедра еиҳабыс.

Емма Гамсаниаԥҳа Аԥсны жәлар Апарламент III, IV и V ааԥхьарақәа дырдепутатхахьеит. Апрель мза 2012 шықәсазы  рзы Аԥсны жәлар Апарламент аԥыза-спикерс далхын. Хәажәкырамза 16 аҽны Емма Гамсаниаԥҳа илхыҵуеит 55 шықәса.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

- Емма Алықьса–иԥҳа акыр шықәса ҵуеит аполитикаҿы аус жәуеишьҭеи. Ишԥаҟалеи шәара хаҭалатәи аполитикахь шәымҩахыҵра?

— Ҳара еснагь ажәлар ҳрылан, ҳхәыҷаахыс асистема ҳааӡон. Сҵара хсырқәшеит аполитилог иаҳасабала, акандидаттә диссертациа уи аганахьала исыхьчеит. Усҟантәи аамҭазы еиуеиԥшым апроцессқәа срылахәын. Исгәалашәоит, сызҭас ашкол аԥсуа сектор ақыҭа Чхәарҭал аҟны ианадыркыз. Схәыҷын исзеилымкааит изыхҟьаз уи, аԥсуа сектор уаҳа иҿиом рҳәан, Ҭҟәарчалтәи ахәбатәи абжьаратә школ ахь сиасит сандуи сабдуи рахь. Усҟан исзеилымкааз, саныҩеидыс абри сани саби сцәыхароуп, ара ашкол сҭоуп, сыкласс заки ҳәа — убрантәи исылааӡоуп ҳбызшәеи ҳареи џьоукы ҳшырҭахымыз.

Аԥсны Апарламент алахәылацәа Ашьха Ҟарабах имҩаԥысуаз ареферендум иалахәын - Sputnik Аҧсны
Емма Гамсаниаԥҳа: ареферендум адемократиатә ҟазшьа аманы имҩаԥган

Иахьа, урҭ аамҭақәа анысгәалашәо исҳәоит, аибашьра аҩбатәи акласс аҿы сшыҟаз иҟалеит ҳәа сҳәоит схазы. Иахьа ишыжәдыруа еипш аҳәынҭқарратә университет аҟны аполитологиа кафедра аҟны аус зуеит. Аколлектив бзиаӡа еиҿкааны иҟоуп. Иара абри сзанааҭ сарманшәалеит аполитикахь анеира, амаҵ азура, аҳәынҭқарра иаҭаху азҵаарақәа рыӡбараҿы. Насгьы, есымша ажәлар ҳазлагылаз зегьы рызҵаарақәа ирызцәырҵуаз ҳадгылон. Исҭахын ажәлар ргәаанагара ахьынӡасылшоз анагара. Убырҭ ашықәсқәа рзы исылаҽыз акы ауп ҳәа ишызбо аполитика.

- Аԥсны Жәлар реизара х-ааԥхьарак рдепутатс шәалхын. Аҵыхәтәантәи хә-шықәса апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩс шәыҟан. Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны шәусураҿы шәзықәныҟәоз принципкақәа ыҟазма?

— Зынӡа имариаӡам ажәлар агәрагарреи агәыӷреи иуырҭо ашьтыхра. 2002 шықәсазы Аҟәа аԥшьбатәи аокруг аҟны депутатс салырхит. Ауниверситетаа сҩызцәа сыдгылеит, сгәылацәа, сҩызцәа, сара схаҭа сазхәыцаанӡа исыдыргалеит ари аус, "бнеир  бхәарҭоуп" ҳәа сазҳәаз рацәаҩхеит.

Ҳаҭыр зқәызҵо ахатәрақәа иансыдыргала, саргьы акыр сылшап ҳәа иазыӡбаны сацныҟәеит. Усҟан хә-ҩык ҳақәгылан, ҩ-турк ыҟан, ашьҭахь аиааира сара изгеит. Актәи ааԥхьараҿы "ауаҩы изинқәа зыхьчо" акомитет сахагылан. Уаҟа аусруа мариаӡамызт. Ихадароу принципс иҟоу, уус зырԥшӡо, изырманшәало – ажәлар гәык-ԥсыкала рымаҵ аныууа, рарзаҳал анудукыло, дара рахь уаннеиуа, дара анудукыло. Азакәанԥҵаратә мчраҟны ихадаратәу — азакәан аҩроуп.

Имаҷымкәа азакәанқәа Апарламент иаднакылахьеит жәыхә шықәса рыҩнуҵҟа. Урҭ анҳадаҳкылоз принципс ҳақәныҟәон аҳәынҭқарра иазеиӷьу, ауаа зыхьчо еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны. Адепутат ихала изыҩӡом азакәанқәа, Апарламент аҿы азинтә ҟәша ҳәа иҟоуп, уаҟа азиндырыҩцәа бзиақәа еизҳаит. Абас ҳнапы еидкылан, уаанӡа адепутатцәа иҟақәаз русура иацҵо аус аауит. Абасала есышықәса исымаз аԥышәа еизҳауан. Аҩбатәи ааԥхьара анҳадгыла, еиҭах адепутатра сыдызгалаз ауаа рацәахеит.

Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы аҩаша, жәабран 14 рзы Апраламент адепутатцәа Емма Гамсаниаԥҳаи, Ахра Бжьаниеи, Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭелла Акаԥҳаи. - Sputnik Аҧсны
Гамсаниаԥҳа агендертә закәан иазкны: ҳара ҳҿы уи рхы иадырхәом

Уаԥсамзар, аус узымуазар аӡәгьы уалихӡом. Санырҭахха, ҳәарада, ажәлар срыдгылеит, даргьы сыдгылт. Иахьа бзиарас ҳәа акыр сымазар сара сызлагылаз сыуаажәлар, салхыҩцәа роуп изыбзоуроу. Егры инаркны Ԥсоуынӡа еилых ыҟаӡам, сара иахьынӡасылшоз ауаа рызҵаарақәа сырхаҵгылон.

Ихадароу принципс иҟоу аиашара, ацқьара ауп, избанзар уеилызымкаауа ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Ухатәы ухаршҭны, ауаа рыпроблемақәа уара иухатәушәа урхаҵгылароуп. Сара сеибаркны сызку, аӡәы изҵаара, ипроблема аӡбара ахьсылшоз ауп. Сгәаанагара сымоуп еснагь, цқьарыла аус ахьызуаз даара исԥылеит ҳәа сгәы иаанагоит.

- Хаԥсҭазаараҿы аԥсуа ԥҳәыс — аҩнԥҳәыс ҳәа дыԥхьаӡоуп. Шәгәаанагарала илзымариоума аԥсуа ԥҳәыс аполитикаҿы лхы аарԥшра? 

— Зынӡа сақәшаҳаҭӡам, аԥсуаа аҳәса даара иҟәыӷоу ҳамоуп, ажәларгьы ирдыруеит. Ражәеи руси еимаданы иҟоу. Иаҳгәалашәозар Саҭанеи Гәашьа, Камаҷыҷ, Гәында-ԥшӡа, Сариа Лакоба, Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра ианалага аӷацәа раԥхьа игылаз аҳәса афырхацәа. Аполитикаҿы акәзар "Ахьтәи парламент" ҳәа ззырҳәоз иалаз Наҭелла Акаԥҳа. Арҭ реиԥш аҟәыӷара згым аҳәса рацәаӡаны иҳамоуп.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Гамсаниаԥҳа: ажәа ԥшӡақәа рнаҩсангьы, аус ииашаны имҩақәҵалатәуп

Апарламент аҟны аусура мариаӡам, зегьы уахьнаргӡоит аҭаацәаратә ҳәоуеиқәшәара аныҟоу. Сеихьӡарақәа, абас аус зуртә сҟазҵаз сҭаацәаратә ҳәоуеиқәшәара ирлыҵшәоуп. Абри ааигәа ҳазлацәажәоз аквота сақәшаҳаҭамызт, аха абас аҭагылазаашьа ҟалеит, аҳәса рхыԥхьаӡара маҷхеит, убри аҟынтә уи иатахуп ҳәа сыҟоуп. Ашьха Ҟарабах сахьыҟаз ес-хәышықәса ԥҳәыск далазароуп ҳәа апҟара рымоуп. Уи ҳаргьы иаҳҭаххоит ҳәа сахәаԥшуеит, избан акәзар ахацәа апҳәыс лҟәыӷара анрыцу иднарҟаҵо рацәахоит. Иахьа аԥҳәыс лымч маҷхоушәа збоит, лпышәа, мамзаргьы лыхшыҩ азымхоушәа збоит. Убри аҟынтә, системак аԥцатәуп аҳәса апарламент аҟны иҟаларц азы. 

- Емма Алықьса-иԥҳа сполитикатә усура хсырқәшоит ҳәа шәҳәеит, арҵара-ааӡаратә ус шәнапы алашәкуама?  

— Сара акафедра анапхгара азызуижьҭеи жәыхә-шықәса ҵуеит. Алекциақәа арыԥхьареи сусуреи аилагӡаразы азин сыман. Убри аҩыза акафедра еиҿкааны иҟоуп иахьазы, уахьынтә ҩыџьа адепутатраз акандидатцәа ықәгылан абыржәтәи алхрақәа рҿы. Аиааира акәӡам ихадо, дара рхы шаадырԥшуа ауп. Абарҭ русура ахылаԥшреи, иҵегьы иҭаҳҵааша азҵаарақәеи снапы рыласкоит. Схы сырхоит анаукахь. 

Ажәабжьқәа зегьы
0