Беиаԥҳа: ихацҳаркуеит Кавказ ахьчара 75-шықәса ахыҵра иазку аиԥыларақәа рцикл

© Sputnik Томас ТхайцукВладислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аҿы мшаԥымза 3 рзы имҩаԥысраны иҟоуп аиԥылара Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан Каваказ ахьчаразы аидыслара 75-шықәса ахыҵра иазку, уи аиҿкаараҿы иарбоу аусмҩаԥгатәқәа ртәы арадио Sputnik астудиаҿы еиҭалҳәеит амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

- Ишԥашәызцәырҵи аидеиа Каваказ ахьчаразы аидыслара 75-шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатә аиҿкаара?

— Нина Малышева аҭел даҳзасит, иҳалҳәеит ишлымоу Кавказтәи аиҿагыларақәа ртәы иазку адокументқәа, амаҭәахәқәа. Илҭаххеит уи ҳара ҳмузеи ахь иаалгарц. Ҳаигәырӷьан иҳадаҳкылеит иҳадылгалаз ажәа, избан акәзар иара амузеи аструктура анышьақәҳаргылоз ҳара ҳеибашьра, Аџьынџьтәылатә еибашьра мацара акәӡам уа ицәыргахо. Аибашьра афырхаҵара ануҳәа, Аԥсны аҭуорых дуӡӡоуп, аԥсуаа аџьабаа рбахьеит егьырҭ аибашьрақәа рҿы. Убри аҟынтә егьырҭ аибашьрақәа ртәы абжьаратә шәышықәсақәа инадыркны аҭоурыхқәа дҳарбар ҳҭахуп амузеи аҭааҩцәа, аус адаҳулеит уи макьанагьы.

Нас Нина Малышева ас ианҳадылгала, ҳәара аҭахума ҳаигәырӷьеит, иҳаӡбеит сынтәа 75-шықәса злахыҵуа ала Кавказ ахьчаразы ишьаарҵәырахаз аиҿагыларақәа мҩаԥысижьтеи. Убри инамаданы иҳаӡбеит лара дааҳаԥхьарц, аҩбатәи ашкол аҵаҩцәа адыԥхьаланы, илдыруа аҭоурых еиҭалҳәарц. 

- Дыдҳардырып аԥхьаҩцәа дазусҭоу Нина Малышева?

Беиа: аҿари аибашьра аветеранцәеи аимадара рыбжьаҵатәуп

— Нина Малышева дазҿлымҳауп 1941-1945 ашықәсқәа рзтәи аибашьра. Бзыԥтәи актәи ашкол аҿы еиҿкааны илыман "Ашьҭаҵааҩ ҟаԥшь" ҳәа захьӡыз аҭҵааратә штаб. Убасҟан ауп ианеизылга абарҭ аматериалқәеи адокументқәеи. Илымоуп ԥышәа ду волонтиорк иаҳасабала аибашьра аҭоурых аус адулара. Абарҭқәа ҳрызхәыцны дааҳаԥхьеит, ларгьы илыдылкылеит ааԥхьара, мшаԥымза 3, асааҭ жәаба рзы ашьыжь амузеи аҿы имҩаԥысуеит аиԥылара. 

Исҳәар сҭахуп Санчаратәи ахырхарҭаҿы еибашьуаз афырхацәа рыхьыӡқәа реиқәырхара аҵакы даара ишдуу. Ирацәаны иаҳзымдыруа аҭоурых ацкарқәа ыҟоуп. 

- Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ашьаарҵәыра ду зцыз еибашьран. Аԥсуаа усҟан иҭахеит хыԥхьаӡара рацәала. Зегьыҵҟьа рыхьыӡқәа макьана иҭҵаамкәа иаанхаз ыҟазар акәхап?

— Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҭоурхытә ҟәшаҿы аус адулара ҳаналага игәаҳҭеит ицәыргам ахьӡқәагьы шыҟоу. Аӡәаӡәала, ҩыџьа-ҩыџьала уажәы рыхьӡқәа цәырҵуа иалагеит. Аамҭа акыр шцахьоугьы, усҟантәи аибашьра абжьныҩра ҳгәеисра арццакуеит, избанзар уи иалахәын ҳабацәа, ҳабдуцәа. Урҭ рыхьӡ аиқәырхара ҳаргьы иаҳуалуп, еиҵагылаз аҿаргьы ируалуп ҳәа исыԥхьаӡоит ҳара ҳазхысыз Аџьынџьтәылатә еибашьра инадкыланы. 

Ааигәатәи аибашьра анышәҳәа, уажәы еиҳа имариахеит ауаҩы ихаҭара ашьақәыргылара усҟантәи аибашьра иаҿурԥшуазар. Заҟаҩы уаа иахьа Аԥсны рабацәа мамзаргьы рабдуцәа рыхабар рзымдырӡо иҟада иаанханы…

Иара сара схаҭагьы сабду, сабду иашьцәа аибашьра иалаӡит. Рыбаҩ ахьыҟоу ҳзымдырӡо. Маҷк инықәырԥшшәа иаҳдыруеит аха, макьана ишьақәырӷәӷәаны иҳамаӡам. Уи даара ихьаауп ҳара ҳзы. Амузеи аҿы аусура саналагоз доусы  имами ихықәкы, Аџьынџьтәылатә еибашьра саназхәыцуаз сабдуцәа рыӡра хьаас исыман, убри акәхар ҟалап еиҳагьы ари аус ахь агәыбылра сзыркыз. Амузеи аҿы аусуара аҭҵаара иадҳәалоуп, аԥхьа мап ацәыскуан исыздырӡом ҳәа, нас ауп уалс исымоуп абри ҳәа иӡбаны, исылшогьы ԥысшәап ҳәа сазхәыцны санақәшаҳатха. 

- Кавказ ахьчаразы аиҿагылара мҩасыижьтеи 75-шықәса ахыҵра иазкны ҳаиқшәеит астудиаҿы, аха уажәы ааигәа Аџьынџьтәылатә еибашьраан марттәи ажәылара арыцхә ргәаладыршәон шәмузеи аҿы. Сынтәа ашколхәыҷқәа алархәны мҽхакы ҭбаала имҩаԥыжәгаз ахәылԥаз абзоурала аҭоурых иагәылашәырԥшит зегьы. Хымԥада уи иахәҭоу усуп. Ақалақь школқәа рҵаҩцәа рымацара роума, мамзаргьы араионқәа рқыҭа школқәа рҟынтә ахәыҷқәа ыҟазу ахәылԥаз аҿы?

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Оҭырба: Марттәи ажәылара ашьҭахь аӷа еиликааит ҳамчқәа зеиԥшраз

— Сынтәа имааиц аха, ҳара лассы-лассы иаҳҭаалоит араионқәа рҟынтә ахәыҷқәа. Ҵыԥхи ҵыԥхцәеи ирылагӡаны иҟан. Ааигәа иаԥаҳҵеит аҭоурыхтә-документалтә фильм "Мы за Гумистой" Авто Гарцкьиа иажәабжьқәа рыла. Иҳауз алҵшәа ҳаздырӡомызт, аха ианыҟаҳҵа ашьҭахь еилаҳкааит иҟаҳҵаз закщыз. Ахәаԥшразы агәаҳәара зауз рацәаҩхеит. Анаҩс даҽа форматк алагьы ҳалагоит арбарақәа. Ҳаҽрымаҳдоит араионтә школқәа, изҭаху аӡәыр дҟалозар, иааԥхьаны идҳарбартә алшара ҳамоуп. 

Ҳәара аҭахума, аемоциа ӷәӷәа ацуп афильм, алаӷырӡгьы аҵоуп. Иахьыуадаҩугьы ыҟоуп, зны-зынла снеины срылаԥшуеит азал аҿы, згәаҵанӡа инеиуа рацәоуп. Хәыҷыкгьы саашәоит зны-зынла ахәыҷқәа ирԥырхагахару ҳәа. Аха ари ҳара ҳҭоурых ауп, ҳхы ҳгәы иалырсны иҳадҳамкылар изаку цқьа иаҳзеилымкаар ауеит. 

- Ашәахьаҽны имҩаԥыжәго аиԥылара Кавказ ахьчаразы аиҿагылара 75-шықәса ахыҵра инамаданы иааԥхьоуп шәҳәеит аҩбатәи Аҟәатәи ашкол аҵаҩцәа. Егьырҭ ақалақь школхәыҷқәа залахәымхои?

— Иаҳхәыцыз ари аиԥылара аформат маҷуп. Иаҭаххозар анаҩс ҳазхәыцуеит, ишцо гәаҳҭап, ишрыдыркыло гәаҳҭап, ԥышәоуп ари, раԥхьатәи шьаҿоуп, егьырҭ ашколқәагьы ҳрыԥхьоит. Нина Малышева лымацара лакәӡам, егьырҭ аҭоурых ҭызҵаауа ыҟами хатәгәаԥхарала, профессионалтә ԥышәала акәымкәа. Иҳаԥшаауеит, ҳрышьҭалоит, аус адаҳулоит уи атема, ара акы цәырҵуеит, ана акы цәырҵуеит, уззыԥшӡам аҭагылазаашьақәа аауҿагылоит, уамашәа иаҳбаша зны-зынла. Иҟоуп даҽа форматк ала аиԥыларақәа рышьақәыргылашьа. Мшаԥымза 3 инаркны ҳара ихацҳаркуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан Кавказ ахьчаразы аиҿагылара 75-шықәса ахыҵра иазку аиԥыларақәа рцикл.

Ажәабжьқәа зегьы
0