Ҳдоуҳатә мазара еихазҳауаз, ҳсахьаркыратә напҟазара зырҿиоз: Кәыҷа Лакрба иҭоурых

анапҟаза Кәыҷа Лакрба
анапҟаза Кәыҷа Лакрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рыбзазараҿы рхы иадырхәоз реиҳарак зегьы рнапала иҟарҵон, анапҟазацәа рацәаҩын, урҭ дреиуан ԥсабарала иҟаза дууз Кәыҷа Лакрба. Уи изкуп Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥҳа иҟалҵаз анҵамҭа.

Аԥсуаа рыҩныҵҟа есымша иҟан ҳдоуҳатә мазара еихазҳауаз, ҳсахьаркыратә напҟазара зырҿиоз ауаа. Машәырны акәымкәа, рыжәлар рдоуҳа иахылҵуа амч рыҵгәон уи ала еиԥыршьуам шҭахьҟа инҳажьхьоуи ԥхьаҟа иаҳԥеиԥшуи дара. Убас ала иԥымҵәаӡакәа ҳкультура ахырхырҭақәа зегьы еидыркылон.

Куча Лакрба
Куча Лакрба - Sputnik Аҧсны
Куча Лакрба

Шьала-дала ирылаз аҟазара зымпыҵаманшәалахаз ауаа ирааӡон изыԥсахша абиԥара. Ус ала еиқәдырхон, еимардон. Қыҭа цыԥхьаӡа жәла цыԥхьаӡа иҟан аҿаԥыцтә ҟазара злаз, амҿы аус адызулоз, ижьиуаз, ихьиуаз. Убас, даҽа шьоукы ҳрылазмырҩашьо ҳҿаԥыцтә рҿиамҭақәеи ҳсахьаркыратә напҟазареи рбеиара, рыԥшӡара еиқәырханы ҳара ҳҟынӡа иаазгаз дреиуоуп жәлар рынапҟаза, Ҟәланырхәа ақыҭан ииз, зыхьӡ иахьа уажәраанӡагь ирхамышҭуа Кәыҷа Лакрба.

Аныҳәара - Хәажәкыра - Sputnik Аҧсны
Инга Шамԥҳа: хәажәкыра гәырӷьарала, хәмаррала, ччарала инҵәон

Кәыҷа Лакрба аҟыбаҩ ду злаз ҟазан. Иара, илшоз зегьы ҟаиҵон аамҭа рыцҳашьарак ҟамҵақәа иаманы ицоз ҳқьабзқәеи ҳҵасқәеи реикәырхаразын. Ибон иабдуцәа иабацәа иахьеи уахьеи ирыцыз изланхоз рыбзазаратә маҭәарқәа, рынхашьа-рынҵышьа аҽыԥсахратә аамҭа ишҭагылаз. Уимоу ибжьаӡыргьы шалшоз. Убри аҟынтә ихы дамеигӡақәа аус рыдиулон еиқәхарц азын.

Кәыҷа Лакрба даныхәыҷыз инаркны агәыблыра икхьан жәлар рнаԥҟазара. Иаб иашьа Мақьҭаҭ Лакрба инапала иҟаиҵон амузыкатә арҳәагақәа. Иара уи дазыҿлымҳан, дидгылан дихәаԥшуан. Аамҭа ԥыҭк аныбжьыс Кәыҷа данхәыҷыз иибахьаз анапҟазара инаԥы аликит. Иҟаиҵо далагеит аԥсуаа рыбзазараҿы рхы иадырхәоз амыругақәа, амаҭәарқәа зегьы.

Иара ихы иаирхәон амҿы, аиха, агьыԥс. Аха еиҳарак аус здиулоз амҿы акәын. Иҭиҵаауан, дрықәныҟәон урҭ рхатәы еиҿартәышьатә ԥҟарақәа. Абыргцәа дразҵаауан. Абиԥара рацәала еимырдоз ажәытәра аԥхарра хааӡа ирхылҵуеит инапы иҵижьыз амаҭәарқәа. Уаҟа ирацәоуп иахьа аԥсуаа рхы иадмырхәо, уимоу ӡынӡа ирхашҭхьоугьы, иаҳҳәаԥ: амҿтәы жьхәага, абамбагәылхга, асахҭан рҵәыга, аласкәыгә, ахәымџьарсыга, ахьаҭра, аҭамҳа, алаҳәага, агьаргьаласа ухәа. Иара убас аҩны рхы иадырхәоз амаҭәахәқәа: ачаҟәа, ачмысҟәыл, ахмаҷыр, аирыӡ, амҿтәы мҳаҵәқәа, аныга. Иҟаиҵон амузыкатә арҳәагақәа зегьы. 

Кәыҷа ашьыжь шаанӡа дҩагылан, какалк аакны иҟазарҭа дыҩналон. Иҭаацәа иманы нхара Гәдоуҭаҟа диасхьан, аха аус еиҳарак иахьиуаз, иҟазарҭа ахьыҟаз Ҟәланырхәа акәын. Иара деилукаарц уҭахызар аус иҽаназыҟаицо, ианиуа, нас ианхиркәшалак ашьҭахь дубароуп. Уаниҿцәажәозгьы иныԥшуан ацәажәра еиҳау уск шизыԥшыз, иаразнак уахь иҿынаихон амҿы инапқәа рыла иҵаулаӡоу гәалашәарак азцәыригарц — уи ныҳәан иара изын. Ҳара ҳныҳәа аналагоз ирҿиамҭақәа ҳбартә аҭагылазаашьа анҳаулак акәын. Уи насыԥ ду змаз уаҩны дҟанаҵон, ҳәа иҳәоит есымша иҩны инеиуаз-иааиуаз, ихшареи иареи ирҩызаз Геннади Аламиа. 1982 шықәсазы иара Аҟәа еиҿикаахьан Кәыҷа инапҟазаратә маҭәарқәа еидызкыло ацәыргақәҵа.

Аҟазацәа дуқәа ажәа хыркла еиҭарҳәоз, ҿаԥыцла еимырдоз аҳәамҭақәа Кәыҷа ирацәаны иаҳахьаз иахьынӡауаз ибжьаӡыртә иҟаимҵеит, еиқәирхаит. Урҭ ирылхны иара иҭижьит "Иҭамбаӡо аӡыхь", " Иҿымцәауаа ахәышҭаара" ҳәа ашәҟәқәа ҩба. Абас дызҿыз зегьы рнаҩыс иара еизигон, ақьаад ианиҵон ажәытә маҭәарқәа рыхьыӡқәа. Урҭ рхыԥхьаӡара 1000 инахыҳәҳәаит. Урҭ ирылоуп иахьа ахархәара змам амаҭәарқәа рыхьӡқәа рацәаны. Абас ганрацәала еиларсын Кәыҷа Лакрба ирҿиаратә ԥсҭазаара.

Аамысҭа дуқәа, Алакрбақәа рышьҭа деиуан иара. Иаԥхьагылаз, игәымшәаз, ифырхаҵаз, зыуаҩышәара ҳаракыз аамысҭацәа ршьа иалҵыз социалтә еилазаарала мацара акәымызт, уаҩышьала даамысҭашәан иара.

Лакрба Кәыҷеи иԥшәмаԥҳәыс Аи-ԥҳа Адушьеи ираӡеит хә-ҩык ахшаара. Хҩык аԥацәа Олеги, Виталии, Зураби ҩыџьа аԥҳацәа Еммеи Ҭамареи. Рԥа асахьаҭыхҩы, аскульптор Витали Лакрба иаамҭамқәа идунеи иԥсахит, аха иҭынхеит иҟазаратә аԥҵамҭақәа маҷымқәа. Алакырбақәа рыҩнаҭаҿы еизоз абыргцәа нагақәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа зегьы еиламырсӡақәа рымаҵ зуаз Кәыҷа иԥшәмаԥҳәыс Адушьа Аи-ԥҳа лакәын. Уи анаҩсгьы лара дԥон, дӡахуан, дықәҵон.

Хьымца Хынҭәба - Sputnik Аҧсны
Жәлар рмузыкатә ҟазара зшьа-зда иалоу арҿиаҩы: Хьымца Хынҭәба иҭоурых

Хҩаха ҟамҵақәа ҳауаажәлар рсахьаркыратә напҟазара хьыршәыгәқәа знапала аԥсы рхазҵаз, еиҭашьақәзыргылоз Кәыҷа Лакрба инапкымҭақәа рхыԥхьаӡара еизҳауан, насгьы иара иҭахын урҭ ауаа иахьырбарҭоу џьара иҟазар, амала дахьымӡақәа 1986 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит. Аха иԥҳа Емма иҟалҵоз агәцаракреи илыцхраауази рыбзоурала анаҩс Афонҿыц ақалақь аҿы иаартын Кәыҷа Лакрба иусумҭақәа ахьцәыргақәҵаз амузеи.

Ԥсабарала аҟазара ду злаз Кәыҷа Лакрба иӡыр хәа дшәаны ажәытә ҟәырҷахақәа аус ахьрыдиулоз иабзоураны иаҳзынижьит иахьа иаҳхашҭхьоу амаҭәарқәа, амыругақәа рыҟаҵашьақәа, рсахьақәа. Иаҳҳәозар: амгьал уардын захьӡыӡ ауардын. Уи иаҵагылоу агьежьқәа амжәаҵла агәыцә иалхәуп, хәажәбыцала ишышны иҟоу акәыцҳа ҭагылоуп.

Анхаҩы амҿы ааигозар акәыцҳа ахихуан, аџьықәреи ма имаҷу даҽа еидарак ааигозар иахаиргылон. "Ауазарҳәага" захьӡу амузыкатә инструмент иара иҟаиҵоз ауп иеиқәханы иҟоу. Иара иҟаиҵоз амаҭәарқәа зегьы зны рсахьа ҭихуан, нас акәын ианыҟаиҵоз. Абас аҟыбаҩ злаз арҿиаҩ ду иҟазара иара иҿы иаанымгылеит.

Иԥа Олег анапылампыл азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз зыҟаҵаҩуп. Виталаи еицырдыруа сахьаҭыхҩын, иԥҳа Ҭамара дархитекторуп, Емма днапҟазоуп. Урҭ рышьҭа дхуп Олег иԥҳа Саида, ларгьы дархитекторуп. Изаамҭанымқәа зыԥсҭазаара иалҵыз Витали иҷкәын Алмасхан бзиа ибон асахьаҭыхра.

Ара ҳазлацәажәо аҟаза иаҳзынижьит хәы змаӡам аԥҵамҭақәеи арҿиамҭақәеи.

© Фото : Нонна ҬхәазԥҳаКәыҷа Лакрба инапкымҭақәа
Кәыҷа Лакрба инапкымҭақәа - Sputnik Аҧсны
Кәыҷа Лакрба инапкымҭақәа
Урҭ ирныԥшуеит ҳкультура злеиларсу аҿыгҳарақәеи даҽа жәларык ҳрылазмырҩашьо ҳхаҿреи. Дара хьыршәыгәқәан ҳдоуҳатә беиара иаласоуп. Иеиҵагыло абиԥара рдац-ԥашә ианагәылаԥшуа иаҿыԥшыртә, иалаҽхәартә. Аамҭа цацыԥхьаӡа иҳаракхоит рыхәшьара, иҵаулахоит рҵакы.

Ажәабжьқәа зегьы
0