Леиԥҳа: ахәыҷы иара игәаанагара ааирԥшратәы аҭагылазаашьа аниуҭо, ииҵогьы еиҳа ирацәоуп

© Фото : Нонна Ҭхәазԥҳа"Альфа" ашкол арҵаҩы Гәыльнара Леиԥҳа
Альфа ашкол арҵаҩы Гәыльнара Леиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аамҭа еиҳа-еиҳа аҽахьаԥсахуа иахҟьаны ашколқәа рҿы аҵара рҵарц имҩахыҵуа ахәыҷқәагьы рҽырыԥсахуеит. Нонна Ҭхәазԥҳа дзыҿцәажәаз "Альфа" ашкол аҿы аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус зуа Гәыльнара Леиԥҳа иахьатәи аамҭа иақәшәо ахәыҷқәа рааӡараҿы лара илымоу лхатәы знеишьа ҷыдақәа дырзааҭгылеит.

Sputnik 

Ашкол аҿы ауп ахәыҷы анаҩстәи иԥсҭазаара зегьы иагәылсраан ииҭаххо адыррақәа рышьаҭа ахьалаго. Ашкол хәыҷқәа зхысуа амаҭәарқәа рызнагараҿы апрограмма мыруадаҩкәа ахәыҷы ихдырра аҟынӡа инеиртә еиԥш иахьа ирацәоуп арҵаҩы ихы иаирхәаша, дзыкәныҟәаша. Аԥсуа школқәа рырҵаҩцәагьы ирацәаоуп еиуеиԥшым аформақәа зхы иазырхәо, астандарт иацәхьаҵуа. Урҭ аҵаҩы идыргало зегьы аинтерес кны иҵартә, аамҭагьы даҵамхартә еиԥш азнагашьақәа ирызхәыцуеит, аметодикатә знеишьа ҿыцқәа рхы иадырхәоит.

ООН Ахәыҷтәы фонд (ИУНИСЕФ) Аԥснытәи ашколқәа ҳамҭаны ирынаҭеит алабҿабатә цхыраагӡақәа - Sputnik Аҧсны
ИУНИСЕФ Аԥснытәи ашколқәа ҳамҭаны ирынаҭеит алабҿабатә цхыраагӡақәа

Аамҭа ԥхьаҟа ицоит, аҽаԥсахуеит, ахәыҷқәагьы рҽеиҭаркуеит аамҭа иашьашәаланы иҟаларц азын, ашколқәа рҿы изхысуа амаҭәарқәа ргәыблра ркырц азы арҵаҩы есымша ихы аус адиулазароуп, дыԥшаауазароуп. Ҳара иҳамоуп ус иҟоу арҵаҩцәа маҷымкәа. Урҭ азнеишьа ҿыцқәа ирызхәыцуеит, ирыԥшауеит аформа ҷыдақәа. Ахәыҷқәа рацәак аџьабаа дмырбаӡақәа ражәаҳәа зырҿио, рдунеихәаԥшышьа зырҭбаауа, ргәынкылара зырҵауло. "Альфа" ашкол аҿы аус зуа арҵаҩы Гәыльнара Леиԥҳа илымоуп ахәыҷқәа аҵара дырҵараҿы лхатәы знеишьақәа. 

"Сара бзиа избаӡом акласс аҿы сааины иаразнак шәҽыриашаны шәтәа ҳәа аурок алагара. Шәа шәӡырҩы ҳәа зныкгьы аурок саламгаӡац. Акласс аҿы итәоу зегьы ргәынкылара еиԥшӡам. Аӡәы еиҳа иԥсыҽны игәникылоит, аӡәы еиҳа иҵауланы дхәыцуеит, аӡәы рҿиарала дазнеиуеит. Убри аҟынтәи иарбан урокзаалакгьы ахәыҷы издырӡом, изеилымкааӡеит ҳәа сҳәар сҭахӡам. Сара исҭаз акәӡам иара ихатәы гәаанагара ауп сара зыхә сшьо. Аурок хыркәшо еснагь атестқәа рысҭоит.

Атестқәагьы стандартла иҟаӡам, доусы иқәнаго атестқәа исҭоит. Рхәыцшьа зымдыруеи, рыхшыҩ ахьцо зымдыруеи убри аҟынтә хазхазы дара рҟынтәи еилыскаарц исҭаху зырҵабыргуа атестқәа роуп ирысҭо. Атестқәа схала ишьақәсыргылоит. Ҳазхысуа атемақәа ирықәнаго атестқәа шьақәсыргылоит.

Ҳара "Альфа" ашкол ус ҳааӡеит.  Ҳдиректор Фатима Дауҭиаԥҳа ԥҟарак шәықәныҟәала ҳәа мацара акәымқәа ахақәиҭра ҳалҭеит аҿиара аус аҿы. Уи иабзоураны ҳара есымша ҿыцк-ҿыцк ҳаԥшаауеит аҳәыҷқәа рызнеишьаҿы, амаҭәарқәа рызнагараҿы. Убри иаҳнарҵо рацәаӡоуп. Иара ахәыҷгьы хәыҷык игәаанагара ааурԥшратәы аҭагылазаашьа аниуҭо, ииҵогьы еиҳа ирацәоуп. Сара миссиас исымоу иахьа абри аԥсҭазаара ҿыц, ахәыҷ ҿыцқәа иҳамоу, ус зысҳәо ахәыҷқәа аԥсҭазаара даҽакала иҟанаҵеит, убырҭ аамҭа ҿыц иақәшәо ахәыҷқәа рдыррақәеи, рхәыцрақәеи рарҭбаара абри ауп сус.

Аҟәатәи ажәабатәи ашкол арҵагатә мыругақәа ҳамҭаны иаиуит - Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи ажәабатәи ашкол арҵагатә мыругақәа ҳамҭаны иаиуит

Атестқәа рҿы ахәыҷы ахақәиҭра имоуп, уаҟа иануп — "уара угәаанагара", ҳәа аҳәоу. Абри атемаҿы уара угәаанагара ҳәа ианиаҳҭалак ахәыҷы хажәак рыда аниимҵаргьы игәаанагара аниҵеит. Ус грамматикатә гхак амазаргьы сара сахәаԥшӡом. Сара исҭаху иҩныҵҟатә хәыцшьоуп. Хәыҷы-хәыҷла рхәыцшьа ҭбаахоит. Иарбан проблемазаалак аиааишьа, иҭышәынтәаланы ахимҩаԥгашьа даара иақәшәо иҟалоит. Сара арҵаҩи аҵаҩи реизыҟазаашьа, реилибакаара абри ауп еиҳа пату зқәысҵо. Сара сзын зегь раԥхьа игылоу ауаҩы дуаҩны иааӡароуп.

Аинформациа ауаҩы иаур иҭахызар инапы кнопкак инақәирӷәӷәар ииҭаху зегьы иԥшаауеит. Убри аҟынтә абри ирауа аинформациа ииашан ахархәашьоуп идсырдырырц исҭаху.

Ашкол ҿыц аҟаҵара иазхәыцлатәуп. Ашкол ҿыц ҟауҵозар апрограмма зегьы ԥсахтәуп. Зегь раԥхьа иргыланы арҵаҩ ҿыц дааӡатәуп. Ашкол аҿы убри аҩыза аҭагылазаашьа ыҟазароуп, ахәыҷы изыҳәаны зынӡа уадаҩрак аҵамкәа, иҩныҟа игәы ихо акәымкәа, ашкол аҿы данааи нахыс ихәҭоу адыррақәа иоуны, уаҳа ус имаӡамкәаны аҩныҟа дцалартә еиԥш", — ҳәа азгәалҭеит Леиԥҳа.

Аҵаҩцәа хәыцларц, ргәы ацԥыҳәаны аус рурц азын арҵаҩы ирыдигало аматериал иалаигалозароуп аинтерес зҵоу, ахәыҷы игәы змырҿыӷьуа, аамҭа ахьцаз имбо ицартә иҟазҵо еиуеиԥшым азнеишьақәа.

Ахәыҷы ихаҭара ахьышьақәгыло, идунеихәаԥшышьа ахьыҿио ашкол аҿы аус идызуло арҵаҩцәа дара ирҳәо мацара давымсуа ихатәы гәаанагара хырҩа азыруа иалагар, уи ихәыцшьа ианыԥшуеит. Убри аҟынтә ахәыҷқәа дара хаҭа-хаҭалатәи рызнеишьа азҿлымҳара азуны аус рыдызуло арҵаҩцәа маҷӡам. Иахьа аҽыԥсахрақәа ианраамҭоу ахәыҷы ихәыцшьагьы аҽакуп. Уи ашкол аҿы идыргало аматериал дазҽлымҳахартә аҟаҵарагь мариаӡам.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ахатәы бызшәазы аӷарра

Иахьа уажәраанӡа аԥсуаа ҳатрадициатә культура, ҳанхашьа, ҳабзазашьа дара ирбо ираҳауа иалааӡан ахәыҷқәа. Аха ҳазҭагыло аамҭазы уи еиҳа-еиҳа иаҟәыгахо ишалагаз рныԥшуеит ашколқәа рахь имҩахыҵуа ахәыҷқәа. Урҭ анырра ӷәӷәа рызнауа иалагеит атехналогиатә аамҭа. Абри аҭагылазаашьа иаҭаху иҿыцу азнеишьа есымша дазхәыцуеит, аурокқәа рҿыгьы лхы иалырхәоит Гәыльнара Леиԥҳа.

"Уажәтәи ахәыҷқәа рҽырыԥсахит. Ақыҭа иаҵанакуа зынӡа ирзеилкааӡом. Дырмит Гәлиа иҩымҭа "Амхы" ҳахысуан. Иалырхуеи амхы, ҳәа исазҵааит. Аџьармыкьаҿы инеир ирҭаху аарымхәои, ҳәа иазхәыцуеит. Амхы рымбаӡац. Сара ҿырҳәала ирасҳәо уи азхаӡом. Сара ишызбо еиԥш дара ирбаӡом. Ақыҭаҿы инхо ирдыруеит, аха ақалақь аҿы даҽакала иҟалеит.

Ма сахьала идҳарбароуп, ма аныҟәарақәа ҟаҳҵароуп ақыҭақәа рышҟа. Актәи акласс рҿы аҽбыга анраҳа, изырҭахуи аҽбыга, "акасилка" ыҟами рҳәеит. Аха усгьы идҳарбароуп, идҳарҵароуп. Сара аԥсуа инхашьа инҵышьа, имыругақәа рсахьақәа зегьы сымоуп. Урҭ дсырҩуеит. Ҳазхысуаҿы иаҳԥыло, иаҳҳәап акәаскьа ҳԥылар асахьа  дсырбоит. Аԥацха закәу дсырбоит, аха дара "Теремок" ҳәа  ауп ишашьҭоу, ирзеилкааӡом.

Нас аԥацха ҳәа дара ирдыруа инеины акрахьырфо, убри ауп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аԥацха аԥсуа изыҳәан изакәу дҳарҵароуп, ари иансасааирҭазгьы ыҟан, иагьчеиџьыкан. Убри зегьы дзырбо асахьақәа ҳамоуп. Нас амузеи ахь иаҳгоит. Амузеи аҿы ианырбалакь уамашәа ирбоит, изкьысыр иҟало иакьысуеит. Амузеии аԥсуа литературеи еидыумҳәалар деилыркаара даара ицәгьоуп", — ҳәа азгәалҭеит арҵаҩы.

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба - Sputnik Аҧсны
Какоба: аҵаратә система аинформациатә технологиа ҷыдақәа алагалахоит

Адунеи аҿы ашәҟәы аԥхьара еиҳа-еиҳа иаҟәыҵуа иахьалагаз иахҟьаны аклассикатә ҩымҭақәа аҵаҩцәа дара рпрограмма иалоу рҵартә аҭагылазаашьа рзаԥҵаразынгьы арҵаҩцәа аметодикатә знеишьа ҿыцқәа ирықәныҟәар акәхеит. Усҭ, уаԥхьа ҳәа мацара идуҵар аҵаҩы игәы ишаҭахым даԥхьаргьы инаҭо маҷхоит. Ажәытәи-аҿатәи неиԥшьны араҟагьы азнеишьа ҷыдақәа азырԥшауеит арҵаҩцәа.

Ҳҳәынҭқарра еихазҳаша, ԥхьаҟа изгаша абиԥара реиҵааӡара иаҿу арҵаҩцәа рыжәҩа иқәу рацәаӡоуп. Аха аԥсыуала ихәыцуа, рхы иақәиҭны руаҩышьа ҳаракны аҵеира реиҵааӡара хықәкыс измоу арҵаҩцәа рхы иамеигӡақәа ирылшо зегьы ҟарҵоит.

Ахәыҷқәа зхысуа амаҭәарқәа рызнагараҿы аметодикатә цхыраагӡақәа маҷымзаргьы, арҵаҩцәа ишырҭаху рхы иадырхәартә еиԥш аҭагылазаашьа ахьрымам еиҵахарақәак ҟанаҵозаргьы дара есымша иԥшаауеит рхы аус адырулоит, аҿыц иашьҭоуп ирааӡо абиԥара иахьеи-уаҵәи еимаздо ҵеицәа иашақәаны иҟаларц азын.

Сара хаҭала сгәы иаахәоит аметодикатә знеишьа ҿыцқәа ирыкәныҟәо арҵаҩцәа русура. Иахьа уажәраанӡа иҳамаз аҵаратә система даара ибзиан, аха уажәшьҭа маҷ-маҷ иумԥсахыр ԥсыхәа амамкәа иҟало иалагеит. Иаҭаххо иалагеит аҵаҩцәа рааӡараҿы аметодикатә знеишьа ҷыдақәа.

Арҭқәа азгәаҭаны, аамҭа иақәшәо ахәыҷқәа зааӡо арҵаҩцәа ҳамоуп. Урҭ ахәыҷы ихаҭара, уи игәаанагара аԥхьа иргыланы, ихәыцшьа иаԥырхагамхакәа иацхырааны аҵара идырҵоит. Сгәы иаанагоит усала дара аԥсурагьы, ауаҩрагьы злоу, аҵара аганахьалагьы адырра ҳаракқәа змоу аҿар хзырааӡоит уаҵәазын ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0