Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа: Гагра иаарту Аконсултә ҭыԥ аԥсшьаҩцәа рзы иманшәалоуп

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы
Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 6 инаркны Гагра аусура иалагеит Аконсултә ҭыԥ. Уи аартра ахҳәаа аиҭеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Турал Джавадов.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

— Урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыҭаразы Гагра Аконсултә ҭыԥ анбаартхеи?

— Аконсултә ҭыԥ аартын Аԥсныи Урыстәылеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҿырҳәалатәи реилацәажәарала, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров 2009 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны иҟазаараан. Аконсултә ҭыԥ аартын 2010 шықәса рзы. Убри аахыс иара аус ауеит ԥхынрала, акурорттә сезон аан. Сынтәа иара аусура хацнаркит рашәара 6 рзы.

— Аконсултә ҭыԥқәа раартра аизырҳара аҭахны иҟоума?

— Гагра иҟоу Аконсултә ҭыԥ ес-ԥхынра аус ауеит. Аҭагылазаашьа ишаҳнарбаз ала аброуп еиҳарак Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа ахьаангыло. Урҭ рыбжьара иҟоуп здокументқәа зцәыӡуа, аԥара зцәыӡуа. Урҭ арахь идҵаалоит, иахәҭоу ацхыраарагьы роуеит.

— Заҟа Консултә ҭыԥ аус руазеи Аԥсны иахьаҵанакуа?

— Аконсултә ҭыԥ ахьыҟоу Гагра заҵәык ауп.

— Аԥсны ишԥалшо Урыстәыла аҳәаанырцәтә паспорт аиура?

— Урыстәыла аҳәаанырцәтә паспорт зауа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа заҵәык роуп. Апаспорт аиуразы ишьақәыргылоу адокументқәа реиқәыԥхьаӡа Аԥсны, Аҟәа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәшахьы инагатәуп. Мамзаргьы – Гагра иҟоу Аконсултә ҭыԥ ахь инагатәуп. Иара аиура алшоит хымз рыҩныҵҟа, адокументқәа аналоуҵа инаркны.

Иахәҭаны иҟоу адокументқәа реиқәыԥхьаӡа Ацҳаражәҳәарҭа асаит аҟны ицәыргоуп: www.abkhazia.mid.ru

Ажәабжьқәа зегьы
0