Гәында Кәҵниаԥҳа: ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы ҷыдала аҿар аус рыдырулоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны алитературатә фонд аиҳабы Гәында Кәҵниаԥҳа
Аԥсны алитературатә фонд аиҳабы Гәында Кәҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны алитературатә фонд аиҳабы Гәында Кәҵниаԥҳа Sputnik иалҭаз арадиоинтервиу аҟны дазааҭгылеит афонд аусушьеи, имҩаԥнаго апроектқәеи ртәы.

Sputnik 

- Гәында Сергеи-иԥҳа ааигәа напхгара зышәҭаз Аԥсны алитературатә фонд аҭагылазаашьа шԥаҟоу, усқәас инанагӡои?

— Асовет ҳәынҭқарра аамҭазы ашәҟәыҩҩцәа реидгыла анеиҿкааз иаԥҵан алитературатә фондгьы. Иара шьақәгылан ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иалаз иршәоз аԥарала. Иҟарҵон есымзатәи алагалақәа. Алитфонд ахықәкы хада уи ашәҟәыҩҩцәа ацхыраара рыҭара ауп. Иара убас рышәҟәқәа рҭыжьра, рынхара-рынҵыра аума, анхарҭақәа рыла реиқәыршәара аума. Ажәакала, ирацәан имҩаԥнагоз аусқәа, ашәҟәыҩҩцәа рзы ицхыраагӡа дуун уи. Асовет ҳәынҭкарраҟны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ишазыҟаз, ашәҟәыҩҩцәа раҳаҭыр зеиԥшраз шаҟа иҳаракыз. Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алалара мариаӡамызт, аԥҟарақәа рацәан, шаҟа ирҿиара ахьынӡаҳарку инаркны, шаҟа шәҟәы ҭижьхьоу аҟынӡа дгәарҭон, ус машәыршәа баша аӡәы даднагаломызт. Иара убасгьы алитературатә фонд ала иргылан аԥсшьарҭа ҩнқәа, ҳара ҳтәы Пицунда ақалақь аҟны игылоуп. 

Гәында Кәыҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Гәында Кәыҵниаԥҳа: ҳдиаспора ахьынхо рҭаара, сара сзы даара акраҵанакуеит
 

- Иахьа ашәҟәыҩҩцәа ирымоума арҿиараз алшара разҭоз Пицундатәи алитфонд аҿы аԥсшьара рзеиҿкааразы?

— Аԥснытәи алитературатә фонд хазы Асовет ҳәынҭқарра хыбгало ианалага, Аԥсны аибашьра ҟалаанӡа 1992 шықәсазы иаԥҵан. Сынтәа 25 шықәса ахыҵуеит ҳлитературатә фонд. Аԥсшьарҭатә ҩны аҿы ашәҟәыҩҩцәа неины рыԥсы ршьартә еиԥш аҭагылазаашьа рыман, дара реидгыла абаланс аҟны иҟан. Анаҩс аиҿкаарақәа руак қьырала ирыҭан "Литфонд". Шықәсык миллионки шәкыи нызқь мааҭ рҟынӡа аҳәынҭқаррахь иаланагалоит. 

- Аԥара ахархәара шԥашәҭои?

— Алитературатә фонд аҿы еиҿкаауп ашәҟәыҩҩцәа рыла ишьақәгылоу ахеилак. Урҭ ирыӡбоит аусушьа шеиқәыршәатәу. Аԥсшьара ицар зҭаху ашәҟәыҩҩцәа аӡынра рсиа шьақәдыррӷәгәоит, урҭ рыԥсшьара аиҿкааразы алитфонд иамоу аԥара аҟынтәи ирзыршәоит. Ашәҟәыҩҩцәа рыԥсшьаразы иазԥхьагәаҭоу аԥара 250 нызқь рҟынӡа инаӡоит, зны-зынла иҳаракуп, зны-зынла еиҵахоит. Иаанхаз аԥара уи ашәҟәыҩҩцәа ацхыраара рҭахханы ианыҟала уаантәи ирзаҳшәоит. Ас еиԥш асовет ҳәынҭқарра аамҭазгьы иҟан. Уажәгьы шықәсык ахь знык аматериалтә цхыраара роуеит ашәҟәыҩҩцәа.  

Гәында Кәҵниаԥҳа Sputnik иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

- Алитературатә фонд еиҳабыс ааигәоуп шәанарҭа. Иара аусураҿы ишәыԥсахырц ишәҭахыи, ҿыц лагалақәас иҟашәҵои, шәрызхәыцхьоума?

— Алитературатә фонд аҿы еиҿкаан алитература аларҵәаразы, апропаганда азуразы абиуро. Уи даара аус бзианы иауан. Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рыҟны. Уа ианнеиуаз ашәҟәыҩҩцәа алитературатә хәылԥызқәа мҩаԥыргон. Уажәы ус имариаӡам, аха зегь ак ауп ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахадацәа еснагь ари аус ахшыҩзышьҭра арҭон. Иахьагьы иахьынӡауала ашколқәа ҳарҭаауеит. Аиубилеи дуқәа азгәаҳҭоит, урҭ инарыдҳәаланы ақыҭақәа ҳарҭаауеит. Ашәҟәыҩҩцәа уахь ианцо, рацәак идуумзаргьы финансла цхыраарак рнаҭоит. Аҭагылазаашьа ҟалар, насгьы алитфонд ахеилак иаӡбар, алитература апропаганда азуразы, уи аларҵәаразы иаасыртыр сҭахуп абиуро. 

- Аҿара иахьатәи аамҭазы иҳамоу ҳшәҟәыҩҩцәа зегьы рбахьазар ауп, ирыҿцәажәахьазар ауп, рырҿиамҭақәа рдыруазар ауп. Уи аус иацҵатәуп ихымԥадатәиуп ҳәа шәыԥхьаӡома?

— Анкьа алитература "модан" ус уҳәар ауазар, иахьагьы иазхьаԥшуа, ганха иаанырмыжьуа аҟаҵара аҭахуп. Шықәсқәак ыҟан ашәҟәыҩҩцәа хатәрақәа ирывагылоз аҿарацәа аныҟамыз, уи азы ҳшәаны ҳаҟан аиашазы. Аха уажәы даҽа аамҭоуп, ирацәоуп абаҩхатәра злоу аҿар. Уи сара даараӡа сеигәырӷьоит. Аҿар ҷыдала аус рыдырулоит ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы, аӡәгьы дгәыгәҭажьны дыҟаӡам.

Ажәабжьқәа зегьы
0