Гәарамиа: Аҵара аминистрра иҭнажьуа ашәҟәқәа рҭиӡом

© SputnikАԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашколқәа шәҟәыла реиқәыршәара сынтәа имҩаԥгахараны ишыҟоуи, ашколхәыҷқәа ироураны иҟоу ашәҟәқәеи, урыстәылатәи арҵагашәҟәқәа раахәара ахьалшои дрылацәажәоеит Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

- Иаҳзеиҭашәҳәа сынтәа ашколқәа шәҟәыла ишеиқәыршәахо атәы.

— Сынтәа, Аҵара аминистрра ашәҟәҭыжьра аганахь ала абиуџьет ҩынтәны иацҵахоит. Ииасыз ашықәс азы иара 5 миллион мааҭк артәозар, сынтәа – 10 миллион мааҭк артәоит. Амала, арҭ аԥарақәа рыхәҭак арҵагашәҟәқәа рҭыжьра акәымкәа ашколқәеи аколлеџьқәеи ирылгаз рдипломқәеи раттестатқәеи рҭыжьра иазҳархар акәхеит. Хԥаҟа миллион мааҭ уи иақәҳарӡит.

Арҵагашәҟәқәа рҭыжьра акәзар, сынтәа даара ибзианы аус ууп. Иахьатәи аамҭазы иҭҳажьхьеит 11 шәҟәы. Иаҳгәиҭоуп аԥсуа рҵагашәҟәқәа рзы иҟоу аҭахрақәа рхыркәшара.

- 11 шәҟәы ҭҳажьхьеит шәҳәеит. Урҭ иарбақәану?

— 5-9 аклассқәа рзы аурыс литература арҵагашәҟә, иаԥсыуам ашколқәа рзы аԥсуа литератураз ашәҟәы, 6-8 аклассқәа рзы аԥсуа бызшәа ашәҟәы. Иара убасгьы иҭҳажьраны ҳаҟоуп 1-2 аклассқәа рзы "Иааҳакәыршаны иҟоу адунеи", ҿыц аус зыдуло, грант ҳасабла зҭыжьра еиҿкаау 3 акласс азы арҵагашәҟә "Иааҳакәыршаны иҟоу адунеи". Ари арҵагашәҟә аҭыжьра адагьы 170 000 мааҭ азшәоуп автортә гонорарк аҳасабалеи аус адулара аҳасабалеи.

- Ишеилыскаауа ала ашәҟәы аԥсышәала иҩуп. Автор дызусҭада?

— Ааи, аԥсышәала иҩуп. Уа автортә коллектив аус руан. Аматериал ахаҭа еизигеит аҵарауаҩ Пиотр Кәыҵниа. Асахьақәа ҭылхит асахьаҭыхыҩ қәыԥш Сангәлиаԥҳа. Ишаабо ала ашәҟәы ахаҭабзиара ҳаракуп. Акыр азхьаԥшра аҳҭоит атипографиатә усура ахаҭабзиарагьы. Сынтәа ҳара ҳалагеит Урыстәыла иреиӷьу ҳәа ирыԥхьаӡоу Акьыԥхь аҩны "Просвещение" аус ацура.

- Иҟоума уаҳа абри ашәҟәада агрантқәа ззоурыжьуа?

— Заанаҵы акгьы сызшәаҳәом. Уи азы имҩаԥыргоит аконкурс. Уажәазы ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәа рзи алагарҭатә классқәа рзи ашәҟәқәа рҭыжьра азҵаара ҳаӡбоит.

Арҵагашәҟәқәа разырхиаразы аусура ду мҩаԥнагоит аԥсуа бызшәазы Аҳәынҭқарратә еилакгьы.

Ҳазыԥшуп Аԥсны агеографиазы арҵагашәҟә иныҭкааны аус адулара мҩаԥгахап ҳәа. Уаанӡа иҭыжьыз ашәҟәы инагӡаны ишахәҭаз еиԥш аус адуламызт. Иахьатәи арҵагашәҟәқәа аҽа знеишьак рымазароуп. Даара иаҳҭахуп Аԥсны аҭоурых азгьы аԥсышәала арҵагашәҟә ыҟазарц.

Арҵагашәҟәқәа рыдагьы ҳара иҭҳажьуеит ахәыҷқәа рзы аусутә тетрадқәа. Аматериал аилкааразы дара акыр ихәарҭоуп.

- Иҭшәыжьуа ашәҟәқәа рыла ашколтә библиотекақәа реиқәыршәара шԥазалыршахо?

— Атираж анышьақәҳаргыло шықәсык, ҩышықәса ҳәа ҳазхәыцуам. Дарбанызаалак аҵаҩы имазароуп арҵагашәҟә. Бжьаратәла рҵагашәҟәык атираж 3-4 нызқь еиҵахом. Ареспубликаҿ акәзар урҭ аклассқәа рҿы итәоу аҵаҩцәа рхыԥхьаӡарагьы 2 000 – 2 5000-ҩык инаӡоит. Аԥышәа ишаҳнарбо ала 3-4 нызқь цыра 2-3 шықәса ирызхароуп.

- Аҭирахь акыр нажәгараны шәыҟоума?

— Аҵара аминистрра иҭнажьуа ашәҟәқәа аҭирҭахь инеиӡом.

- Аурыс школқәа рҿы, аурыс программала аҵара ахьырҵо ашәҟәқәа рганахь ала ишԥаҟоу? Аҭаацәа Урыстәыла иҭрыжьуа ашәҟәқәа аархәоума?

— Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьан аиқәшаҳаҭра шҳабжьоу урҭ ашәҟәқәа еизаку ахә ала иҳауларц. Ҳтәылаҿы ашколқәа реиҳарак рҿы ашәҟәқәеи урҭ ахьыҭрыжьуеи еиԥшӡам. Убри аҟынтә доусы иааихәоит уи аамҭазы иибаз ашәҟәы. Ашәҟәҭыжьырҭақәеи ҳареи ҳаиқәшаҳаҭрала аҭаацәа ироуеит алшара урыстәылантәи ашәҟәқәа рыхә еиҳа имаҷны раахәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0