Вахтанг Дбар: аибашьра алагеит анырҳәа, агәра сзымгеит

© Sputnik / Саида ЖибаВетеран ОВНА Вахтанг Дбар
Ветеран ОВНА Вахтанг Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа егьараан, ақырҭцәеи дареи аибарххарақәа рыбжьан. Аха аҭынчуаа рхахьы ирзаагомызт, уи ишьаарҵәыроу еибашьрак аҟны икылнагоит ҳәа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аналага амша аҽны, ажәабжь хлымӡаах иаҳаанӡа, игәы рҭынчны, асахьаҭыхыҩ-аиқәыршәаҩ Вахтанг Дбар Гагра иусураҿы дыҟан.

"Аибашьра аԥхьаҟа, сара салахәын Борис Кьехьыриԥа напхгара зиҭоз Жәлар Рфорум "Аидгылара", иара убас Пицунда еиҿкааз амилаҭтә гвардиа. Убри аҟнытә, изныкымкәа ацәажәарақәа саҳахьан аибашьра иаламгар ҟалом ҳәа. Аха агәра сызгомызт. Нанҳәа 14 аҽны, аусураҿы сшыҟаз, ааигәа инхоз Руслан Бениа дааин, ақырҭцәа ҳақәлеит иҳәеит. Руслан даара дуаҩ ҭынчын, убри аҟнытә цәаныррада ажәабжь ансаиҳәа, уамак гәҩарас иҟасымҵеит", — аибашьра раԥхьатәи амш игәалаиршәоит Вахтанг.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡагьы, амилаҭтә гвардиа алахәцәа еибыҳәаны ирыман, ақырҭцәа ҳақәлоны иҟалозар, зегьы гәыԥк аҟны рышҽеидыркыло. Убри аҟнытә, Вахтанг Дбар, ари ажәабжь шҵабыргыцәҟьаз агәра анига, иаразнак Пицундаҟа ддәықәлеит, аха Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, агвардиа ирымаз абџьар мышқәак раԥхьа ирымырххьазаарын.

"Пицундантәи сгьежьны сшаауаз, исаҳаит, аԥсуаа гәыԥҩык Гәдоуҭа, Урыстәылатәи архәҭа иақәланы абџьар шыргоз. Заур Хәыпориеи, Зураб Цкәуеи сареи ҳаиманы уахь ҳдәықәлеит. Убраҟа раԥхьатәи ахәрагьы соуит. Аурыс офицар, абџьарҵәахырҭахь шәымнеин арҭҟәацгақәа рыҵоуп иҳәеит, аха аранӡа ҳанааи, сыҩналароуп ҳәа сыӡбеит. Сшьапы ааихызгоны еиԥш, арҭҟәацга сахаҳан, ахәра соуит. Иаразнак Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь сдәықәырҵеит", — игәалаиршәоит аибашьҩы.

Ахәшәтәырҭаҟны Вахтанг Дбар дҭырҵаауа иалагеит, иара ибзианы еиликаауан, ихьӡи ижәла хаҭеи иҳәар, иаԥхьаҟа апроблемақәа шизцәырҵуаз.

"Сыхьӡи сыжәлеи иашамкәа ианысҳәа, сымц ыҵҵыр ҳәа сшәан, раԥхьатәи ацхыраара ансырҭа ашьҭахь, сыҽӡаны сцеит", — иҳәоит Вахтанг.

© Sputnik / Саида ЖибаВетеран ОВНА Вахтанг Дбар
Ветеран ОВНА Вахтанг Дбар - Sputnik Аҧсны
Ветеран ОВНА Вахтанг Дбар

Вахтанг Дбар дахьӡеит Гаграҟа ахынҳәра. Хымшҟа ихәра иахҟьаны ахәшәтәырҭахь дымнеир ҟамлеит. Нас амедеиҳәшьцәа игәы иҽанырҵеит, уаҳа дмааирц, акәымзар дышҭадырхо.

"Гагра ақалақь аԥсуаа пату рықәызҵоз Гиви Самсиани ҳәа шәаныуаҩк дынхон, иара ибзоурала 25-ҩык рҟныӡа, аӷа амацәаз иҭаикыз аԥсуаа, ақырҭцәа рылаԥш иҵамыршәкәа, Ԥсоу аҳәаа иахигеит, рыԥсы еиқәирхеит. Сҭаацәеи сареи убарҭ рхыԥхьаӡараҿы ҳаҟан", —  еиҭеиҳәоит аветеран.

Ветеран ОВНА Геннадий Гицба - Sputnik Аҧсны
Геннади Гыцба: аибашьрагьы шьцылароуп

Вахтанг Дбар, аҳәаа данахыс, иӡбеит ӷбала Гәдоуҭаҟа ацара. Убри аҟнытә, Адлертәи абаӷәазаҿы, аӷбақәа аидара рықәҵара далагеит, ус ԥшьала, Аԥсныҟа ицо ҟалозар, иҽдмырбаӡакәа, аҩнуҵҟа дҭаларц.

"Ҭаҭарсҭанынтә Гәдоуҭаҟа агәыҳалалратә еидара мҩанызгоз ӷбак Адлертәи абаӷәазаҟны иаанҿасит, ааҵәақәа ақәсҵозшәа, маӡала аҩнуҵҟа сҭалеит", — игәалаиршәоит аветеран.

Вахтанг Дбар Гәдоуҭа данӡхыҵ, иаразнак Бзыԥҭаҟа дааит. Араҟа еизаз аибашьцәа ирымаз абџьар еиҩыршахьан, доусы иҭыԥқәа ааникылахьан.

"Гәыԥк сҽадыскылар сҭаххеит, аха, абџьар змамыз шьҭахьҟа шәаанха ҳәа адҵа ҳарҭеит. Сашьа Фата Дбар Мгәыӡырхәаа рыҷқәынцәа иманы, шьхала Гагра ахырхарҭахь дцахьан. Дара рҟынтәгьы бџьарк сақәгәыӷратәы иҟамлеит", — ҳәа азгәеиҭеит аветеран.

Вахтанг Дбар, иҩыза Леонид Ҭарба даашьҭхны, адҵа иазымԥшкәа, аибашьцәа ирышьҭаланы, Ԥсахара аиҩхаа ибжьалеит. Араҟа, ибџьардаз адҵа роуит, ахәцәа алыжәгароуп ҳәа.

"Гагра алаларҭаҟны иалаҳгеит, ахәрақәа зауз Едуард Ажьибеи, Зурик Габниеи, иара убас аӷацәа иҭадырхаз Ешыратәи Тәанба ҷкәынак", — игәалаиршәоит Вахтанг.

Абас, бџьарда, Вахтанг Дбари Леонид Ҭарбеи шьапыла мацара, аибашьцәа ирышьҭагыланы Ԥсоунӡа инаӡеит.

© Sputnik / Саида ЖибаВетеран ОВНА Вахтанг Дбар
Ветеран ОВНА Вахтанг Дбар - Sputnik Аҧсны
Ветеран ОВНА Вахтанг Дбар

"Амҩахь иҳақәшәеит ирацәаҩны Жьиааи Леиааи рыҷқәынцәа. Сқыҭауаа анызба, хымԥада сгәы шьҭыҵит. Гагра араион аҭарцәраҿы, акырӡа иҳахәеит, ақырҭцәа рыҩнуҵҟа зықьҩыла ачеченцәа аԥсуаа ирыцхраарц иааит ҳәа идәықәлаз ацәажәарақәа. Уи аиашазы ҳаӷацәа "рыбӷа ԥнаҵәеит". Ԥыҭҩык ишәаны мацара, ақалақь нрыжьит", — ҳәа азгәеиҭоит Вахтанг.

Ростислав Кетия - Sputnik Аҧсны
Ростислав Кьетиа: Гагра ахақәиҭтәра аибашьцәа агәыӷра ҳнаҭеит

Гагра араион ахақәиҭтәра аибашьцәа агәыӷра рнаҭеит, уи инаваргыланы аԥышәа дугьы.

Бџьарда амцашыра ианысыз ракәзаргьы рхы ԥыршәеит.

"Гагратәи ажәыларатә аоперациа ашьҭахь, ҩымз, акомендатураҟны сыҟан. Анаҩс, Оҭар Хьециа напхгара зиҭоз Гагратәи амилициа аусзуҩцәа ргәыԥ салалеит. Дара сышрыцыз ауп Аиааирагьы сшаԥылаз", — иҳәоит аибашьра аветеран.

Вахтанг Дбар иԥышәа иаҳнарбоит, апатриотцәа нагацәа, махәҿыла мацарала аӷа Аԥсны иалцара шрылдыршоз.

Ажәабжьқәа зегьы
0