Иури Ҭориа: "Афырҭынаа" ҳҽеибаркны аибашьра ҳцеит

© Sputnik / Саида Жибаветеран ОВНА Иури Ториа
ветеран ОВНА Иури Ториа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа гәыԥқәа Гагра араион аҭарцәразы имҩаԥыргоз аҽазышәарақәеи, аиааира аазгаз аҵыхәтәантәи ажәылареи игәалаиршәоит аибашьра аветеран Иури Ҭориа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы, ақырҭуа мпыҵахалаҩацәа бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит. Адырҩаҽны аӷа инапахьы иааигеит Гагра ақалақь. Аибашьра Мраҭашәаратәи ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан. Гагра араион аӷа импыҵакын 48 мшы.

Иури Ҭориа нанҳәа 13 аҽны имш иира азгәеиҭон. Адырҩаҽны, ахкы нагӡаҩыс дахьыҟаз ансамбль "Афырҭын" алахәцәеи иареи ирыӡбеит, Гагра ақалақь, рҭаацәа рыманы иахьыҩназ азеиԥшнхарҭа аҵаҟа еиқәшәаны аныҳәа иацырҵарц. Аха, "аныҳәаҿақәа" рцынхәрас, аӡәи-аӡәи ажәабжь еиқәаҵәа аибыҳәара рықәшәеит.

"Ҳзеиԥшынхарҭа аҵаҟа, "Афырҭын" иалаз ахацәа ҳаизеит уарашк еицаҳжәырц. Ус аԥенџьырқәа рҟнытә аҳәса еибарҵәыуо, аибашьра алагеит ҳәа иҳазҿырҭит. Иааҳамхацәгьахан, доусы ҳуадақәа рахь ҳцеит, уи аамҭазы, ателевизор ала, Владислав Арӡынба иуаажәлар ирылеиҳәон ҳазҭагылаз ахлымӡаах", — аибашьра раԥхьатәи амш игәалаиршәоит аветеран.

Ҩаԥхьа ахацәа ндәылеибаган, актәи ашкол аҟны маӡала аԥсуаа ахьеизоз ицеит. Араҟагьы рнапы зларкуаз рыздыруамызт, избанзар зегьы бџьарда иҟан.

"Аԥсуа школ ааныжьны, Алик Чуази, Рудик Аибеи, Лениа Анқәаби, Вахо Пандалиони сареи Бзыԥҭаҟа ҳдәықәлеит. Ԥсахара ҳанлеи, ақырҭцәа ҳамҩа ааныркылеит. Ҳмашьына ҳамхны, ҳахәҩык хаҵак инапы ианырҵеит, ҳганы ҳҭаикырц. Аха, иара ҳрыцҳаишьан, амҩа ҳаиҭеит",— еиҭеиҳәоит Иури Ҭориа.

Ветеран ОВНА Арзаабеи Григолиа - Sputnik Аҧсны
Григолиа: абџьар сырҭарц азы, амшынтә флот салан ҳәа амц сҳәар акәхеит

Еицқәаз ахацәа Бзыԥҭа ианлеи, араҟагьы аилагьежьра акәын изҿыз, инҭкааны дҵак ықәыргыламызт. Анаҩс, зҭаацәа Гагра иалаханы иҟаз "Афырҭынаа" ирыӡбеит, раԥхьа иргыланы, дара ақалақь ралгара.

"Бзыԥҭантә Гаграҟа ҳдәықәлеит. Ԥсахара ҳшааиуаз, "мхьедриони" иалаз ҳааныркылеит. Ус Бзыԥҭа иатәыз ашәанцәақәакгьы даргьы аиҿцәажәарақәак мҩаԥырган ҳаурыжьит. Уи азымхошәа, аҭыԥантәи ақырҭцәа ҳарҿаҳахт. Акыр аибарххарақәа ҳрықәшәеит, аха аҵыхәтәаны азин ҳарҭеит ақалақь ахь ацара", — иҳәоит аветеран.

Азеиԥшынхарҭа еицыҩназ "Афырҭынаа" рҭаацәа, Џьофик Цкуа автобусла Бзыԥҭаҟа игеит. Ус аҩ-ганк рыбжьара раԥхьатәи аидысларақәа ирхырҟьаны аԥсҭбарақәа ҟалеит. Цандрыԥшь адесант анӡхыҵ, аӷацәа дҭадырхеит Иури Қаԥшь.

Иури Ҭориеи, Оҭар Бганбеи, Миша Қаԥшьи, Лиониа Анқәаби, Рудик Аибеи аԥсы дҵәыуаны, иҭоубыҭ ақыҭахь ианырго, иацны ицарц рыӡбеит. Аха, иҭахаз аибашьҩы иан, лыҷкәын иҩызцәа дрыхӡыӡаауа, аҳәара рылҭеит, рхы ашәарҭара иҭадмыргыларц. Избанзар, Ԥсахара ақырҭцәа еиқәных рҽеидыркылахьан.

"Ан лҳәатәы ҳацныҟәеит, аха зегь акоуп Бзыԥҭаҟа ицатәын. Ԥсардиак амҩахәасҭақәа ҳарбо, Мамзышьхала, Арасаӡыхь ҳлыбааигеит", — игәалаиршәоит аибашьҩы.

Бзыԥҭа ақыҭсовет аҟны ианлеи, "Афырҭынаа" досу адҵақәа рыҭан.

"Бзыԥҭатәи ахыхьчаратә хырӷәӷәарҭахь Сергеи Дбар даанӡа, урыс маиорк иакәын иахагылаз. Иара, Нхыҵ-Кавказтәи ахатәгәаԥхаҩцәеи аԥсуа еибашьцәеи рыла агәыԥ шьақәыргыланы, Мамзышьха абахәрақәа рҟны арҭҟәацгақәа ыҵашәҵа, аӷа итанкқәа арахь рхы дырхеит ҳәа адҵа ҳаиҭеит",— еиҭеиҳәоит Иури Ҭориа.

Ветеран ОВНА Зураб Сергегия - Sputnik Аҧсны
Зураб Сергьегьиа: Мамзышьхантә раԥхьатәи аҭҟәаҩы дылбааҳгеит

20-ҩык ахатәгәаԥхаҩцәеи, 30-ҩык аҭыԥантәи анхацәеи, Закан Агрбеи, Тониа Агрбеи, Динарик Ӡаӡбеи амҩаԥгаҩцәас ирыцҵаны, Арасаӡыхь ала Мамзышьхаҟа идәықәлеит.

"Иазԥхьагәаҭаз аҭыԥ ҳазааигәахоны еиԥш, аӷа ивертолиотқәа ажәҩан ишахаԥыруаз ҳбеит. Тониа Агрба, абарҭ ҳашьклаԥшуеит, маҷк сҩаскьаны иҟоу иану гәасҭоит иҳәеит. Аамҭакы ашьҭахь, аԥшыхәра иҟаз абырг дхынҳәит. Аӷа итанкқәа, арҭҟәацгақәа ыҵаҳҵараны иахьыҟаз аҭыԥқәа рымҽхаркхьан. Убраҟа иагьеилкаахьеит, адҵа ҳзықәзыргылаз аурыс маиор дшыԥсахҩыз. Уи гәҭакыс имазаарын, раԥхьатәи ахатәгәаԥхаҩцәа иршәарц, дара рҭархарала рҩызцәа Аԥсныҟа рымҩа ԥиҵәарц, аԥсуа еибашьцәа ргәы каҳарц", — ҳәа азгәеиҭоит аибашьҩы Иури Ҭориа.

Еицқәаз иаразнак алада илбаарц рыӡбеит, аха хатәгәаԥхаҩык, сара аибашьразы ауп Аԥсныҟа сшааз, ԥхьаҟа акәымзар, шьҭахьҟа схьаҵраны сыҟам ҳәа ҿааиҭит. Уи заҳаз аибашьцәа, хьаҵшьа рымамызт.

Ветеран ОВНА Геннадий Гицба - Sputnik Аҧсны
Геннади Гыцба: аибашьрагьы шьцылароуп

"Аӷа итанкқәа ахьиргылаз аҭыԥқәа рыҵаҟа ҳалбааит. Абахәқәа ршьапаҟны арҭҟәацгақәа шыҵаҳҵоз, ақырҭцәа ҳалахысуа иалагеит. Дара хыхьынтә иҳалырҵон аҟнытә, иаҳхыуаа ицон. Иҳацыз ахатәгәаԥхаҩцәа ирылшеит ақырҭуа танкгьы аҭархара. Уи иаргыгшәыгит аӷацәа. Абраҟа аиҿахысра ӷәӷәа ҟалеит. Ҳгәыԥ иалаз рҟнытә иҳацәҭахеит Витали Смыри, аҟабарда ҷкәынцәа Нургали Канукови, Ибрагим Науржанови", — раԥхьатәи еибашьратә мҩа далацәажәоит аветеран.

Мамзышьхатәи аиҿахысра ашьҭахь, ақырҭцәа бналеит, аха ҳаибашьцәа аҽеидкылара рцәыцәгьахеит. Иҭахази ихәызи еидкылатәын.

"Мамзышьха ҳшыҟаз иаҳцәыхәлеит, уаҟа иҳаршар акәхеит. Ауха ақәоурагьы иалагеит. Џьофик Цкуеи сареи шаанӡа, ихәыз аҟабарда ҷкәынак даҳҷаԥшьон. Ихәра ӷәӷәа иахырҟьаны имцашоура шьҭыҵын, дыхьҭшьуа далагеит. Аҟәарҭ ақәҷарақәа анаҵаку еиԥш, ақәа иқәымҭәырц азы, ҳаихагылан, излауоз ала дҳарԥхон. Ус иԥсгьы еиқәҳархеит", — игәалаиршәоит аибашьҩы.

Адырҩаҽны, Бзыԥҭаҟа илбааз аибашьцәа адырра ҟарҵеит, аурыс маиор рҭархара дшашьҭаз.

"Рыцҳарас иҟалаз ихьӡи ижәлеи сгәалашәом, аха ҳганахь иааирԥшыз агәымхара наунагӡа исхашҭуам. Ҳҭархаразы аӷацәа ҳрыжәызҵаз аурыс маиор Гәдоуҭаҟа дрыманы ицеит. Анаҩс иразҟхаз атәы сыздыруам. Убри ашьҭахь ауп, Сергеи Платон-иԥа Бзыԥҭатәи ахырӷәӷәарҭа данахагыл",— иҳәоит аибашьҩы.

Иури Ҭориа, Гагратәи аоперациа ахырқәшаранӡа, арҭҟәацгақәа рыҵаҵаҩс дыҟан. Шьапыла мацара Ԥсоунӡа днаӡеит.

"Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы ианақәиҭаҳтәа, аибашьцәа акырӡа ҳгәы шьҭыҵит. Убри аҽныцәҟьа, ԥхьаҟа Аԥсны ахыи-аҵыхәи аҭарцәразы ҳдәықәырҵаргьы, ҳҽеибаркны ҳжәылон", — иҳәоит аветеран.

Ростислав Кетия - Sputnik Аҧсны
Ростислав Кьетиа: Гагра ахақәиҭтәра аибашьцәа агәыӷра ҳнаҭеит

Гагра араион ахақәиҭҭәра ашьҭахь, Иури Ҭориа далалоит Гәдоуҭатәи ахԥатәи абаталион, аҩбатәи абригада. Раԥхьаӡа акәны, уи командаҟаҵаҩс даман Валикәа Багаҭелиа, анаҩс диԥсахуеит Фата Дбар.

"Шроматәи ажәылараан ахәра ӷәӷәа соуит. Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны, сызшьапык хырҵәоит ҳәа иалагеит. Аха скәашаҩымзи, уи сызхгомызт. Сшьапы аиқәырхара рылшеит, Маиҟәаԥтәи аҳақьымцәа, аоперациақәа ԥшьба сзыҟаҵаны", — игәалашәоит аибашьра аветеран.

Иури Ҭориа професионалла уаҳа акәашара илымшеит, аха иара Аԥсадгьыл аиааира азаагаразы илшамҭа ахә узшәом.

Ажәабжьқәа зегьы
0