Баҭал Чкәотуа: ҳабжамҽамзаргьы, ҳаԥсадгьыл аҟны ҳанхоит

© Sputnik / Саида Жибаветеран ОВНА Батал Чкотуа
ветеран ОВНА Батал Чкотуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан зықьҩыла ҳҵеицәа ироуз ахәрақәа ирхырҟьаны ибжахеит. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп, 1992 шықәсазы, Гагратәи ахыхьчаратә цәаҳәаҟны арҭҟәацга иахаԥжәаз, 24 шықәса зхыҵуаз Мгәыӡырхәа ақыҭан ииз иааӡаз Баҭал Гьаргь-иԥа Чкәотуа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы, аибашьра ианалага амш аҽны, Баҭал ибла иабаз иахьагьы игәалашәоит.

"Аибашьра аналагоз нанҳәа 14 аҽны, уск аҵыхәала Аҟәаҟа ацара саҿын. Ешыра ҳааиуаны еиԥш, ҳмашьына аҳәынҭавтоинспекциа апост аԥхьа иааныркылеит, убраҟагьы иааҳалаҩҩит аибашьра ишалагаз. Уи аамҭазгьы, ауааԥсыра мҩанызгоз автобусқәа аҵәыуабжьи аӷзбжьқәеи рҭыҩуан. Убри иахьанӡагьы сгәалашәараҿы иаанхеит", — иҳәоит аибашьра аветеран.

Баҭал Чкәотуа гәыԥҩык иқыҭауааи иареи, аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы рҽеихшаны амшын аԥшаҳәа иахылаԥшуан. Анаҩс Бзыԥҭаҟа иааит. Дара рнапы ианҵан аиҩхаа ахьчара, уи ашьҭахь ииаган Алаҳаӡыхь ақыҭахь, амшын аҟәара инаркны аҩадатәи ахәҭа арӷәӷәаразы. Абраҟа цәыббра 2 рзы, ҳаӷацәа иҵарҵаз арҭҟәацга иахаԥжәеит Баҭал Чкәотуеи иҩызцәа Анзори Адгәыри Ӡаԥшьаа.

"Аибашьра аналага, Мгәыӡырхәаа рыҷкәынцәа аӡәк еиԥш ҳаидгылеит. Раԥхьанатә аҟәарахьчара ҳаҿын, анаҩс Бзыԥҭатәи ахырӷәӷәарҭахь ҳдәықәлеит. Арантәи аиҩхаахь ҳашьҭын, Нхыҵ-Кавказынтәи иҳацхраарц иаауаз ахатәгәаԥхаҩцәа рымҩахь аӷацәа наҳмышьҭарц азы. Мышқәак рышьҭахь, Алаҳаӡыхь ақыҭахь ҳалбааргеит. Иаҳзалхыз аҭыԥ аҟны ҳаннеи, адҵа ҟалеит, 200 метра аҩада ҳхаларц. Ҳара ҳмашьына абџьари аџьаԥҳани ақәын аҟнытә, ԥхьаҟа ҳдәықәлеит, ҳкомандаҟаҵаҩ Алик Ажьибеи егьырҭ аҷкәынцәеи ҳашьҭагыланы шьапыла ихалон. Минуҭқәак ааҵуаны, аӷацәа иҵарҵахьаз арҭҟәацга машьынала ҳаӷрысит. Уи акәхеит, сҩыза Анзор Ӡаԥшьба дҭахеит, Адгәыр Ӡаԥшьба ахәра иоуит. Сара, ишыжәбо еиԥш, схы сҿы иақәшәаз аԥҽыхақәа сыблак ҭырхит, егьи зынӡа иамбо иҟалеит" — дыбжамҽамны дҟазҵаз ахәра атәы далацәажәоит аветеран.

Баҭал Чкәотуа, Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь ддәықәҵан, аха иԥсҭазаара ашәарҭара ианҭагыла, Нальчикҟа дыршьҭит.

"Нальчик ахәшәтәырҭаҟны сахьынӡашьҭаз, убраҟа инхоз аԥсуа ԥҳәызба, сымҩашьозар Зина Габуниа захьӡыз, иныкымкәа дааны сылбахьан, ацхыраара сзаалырԥшхьан", — игәалаиршәоит аибашьҩы.

Баҭал Чкәотуа, ихәшәтәра иацҵан Москва, аха зегь акоуп, иблазаҵәгьы иабо изыҟамлеит. Чкәотуаа рҭаацәараҟны ԥшьҩык аԥацәа ирызҳауан. Урҭ ирхылҵраны иҟан абиԥара ду. Аха аԥсҭазаара убас аҽаанарҳәит, ари агәараҭаҟны уаҳа аҵеи дазымгыло. Баҭал ҩыџьа иашьцәа машәырла иҭахеит, аиҳабы иакәзар ихатә ԥсҭазаара ауижьит, иахьа аибашьра аинвалид дихылаԥшуеит. Арыцҳара ду иамҽханакыз Баҭал Чкәотуа, зегь акоуп игәы каижьуам. Иашьеи иареи раҳәшьаԥацәа рыла ргәы ҿарҳәоит.

Ветеран ОВНА Рита Ажиба - Sputnik Аҧсны
Рита Ажьиԥҳа: агәырӷьареи алаӷырӡи рыцуп арҭ амшқәа сара сзы

Аибашьра аветеран, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Баҭал Чкәотуа, аԥсадгьыл шьала иҿызхыз аҵеицәа ргәалашәара наунагӡа инхарц иҭахуп. Иуаажәлар ракәзар, ирзеиӷьеишьоит аԥсҭазаара лашеи аҭынчреи.

"Еиҵагыло абиԥара рхаан уаҳа аибашьра ҟамлааит. Ахысыбжь гозаргьы, аԥаира аҵыхәала акәхааит", — иҳәоит Баҭал Чкәотуа.

Сынтәа иҵуеит 25 шықәса, Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы иақәиҭтәуижьҭеи, убри инамаданы, Гагра араион Ахадара рыхьӡала, арратә комиссар Дмитри Ҳагба, аибашьҩы инапаҟны ииҭеит аиубилеитә медал.

Ветеран ОВНА Заур Бганба - Sputnik Аҧсны
Бганба Гагра араион аҭарцәра иазкны: аԥсҭазаара ҿыц ҳаузшәа ҳбеит

"Аибашьраҟны зегьы ҭахом, зегьы ахәрагьы роуам, аха уара ус иуразҟызаарын. Иҭабуп угәабзиара зыхҭну ааԥсаразы", — ҳәа аҳамҭа иаҭәашьо иазгәеиҭеит Дмитри Ҳагба.

Баҭал Чкәотуа иеиԥш иҟоу апатриотцәа еснагь рыӡбахә ҳәалатәуп, дара ҳаибашьра аҭоурых иузаҟәымҭхуа иадҳәалоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0