Ҩ-шьагәыҭк змоу аҟәардә

© Sputnik / Илона ХварцкияКресло.
Кресло. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭагыло аамҭазы аҳәынҭкарраҿы иҟоу аиҭакрақәа рзы лгәаанагара лҳәоит ажурналит Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аԥсны ԥшӡа афҩыгарақәа ахаԥеит. Ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа ҭархо ҳтәыла иалагьежьуеит дара ахәымгақәа иахьагьы. Абри азҵаатәы акыр иҵарны иқәгылеит ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа. Урҭ афҩыгарақәа шԥаҭаҳархари ҳәа ҳнапхгара апланқәа рыхәшьадуанаҵы, иаацәырҵит арахә аԥырхага ду рызҭо аԥхҭра чымазара ҿкы.

Ажәакала, ҳазҭагыло аамҭазы иҵоурам аҿкқәа "ҳәаҭыхла" ианырҿагылатәу аамҭазы, акриминогентә ҭагылазаашьа аԥсахра аус актәи апозициахь иаахалеит.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ажәлар рычҳара хыҵыр, амшын аҭра иҭнацоит

Дыԥсахуп Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, аԥыза- министр ихаҭыԥуаҩ Аслан Кобахьиа. Уи иҭыԥ ааникылеит Гарри Аршба. Аԥсны апрезидент Рауль Ҳаџьымба иаамҭа ҳазааҭгылозар, акадрқәа реиҭныԥсахларазы арекорд бзиақәа ҟаиҵахьеит. Апрезидент раԥхьатәи иусуратә мшқәа раамҭазы, жьҭаара 15 2014 шықәсазы агәабзиарахьчара аминистрс иҟаҵаз Давид Гәынба хымшгьы дзымнеит, ԥхьатәара дцеит, уи ҵаҵӷәыс иамоу мҳәаӡакәа. Уи анаҩс, уи аминистрраҿы даҽаӡәгьы дрыԥсаххьеит, уажәы аус зуа ахԥатәи министруп. Аԥыза —министрцәа ракәзар, ҩыџьа ҳаԥсаххьеит, ахԥатәи макьана аус иуеит. Аабыкьа Аҳазалхратә комитет иахадыргылаз Адгәыр Лышәба ԥхьатәара дцеит данарҭа адырхаҽны.

Ажәакала, ԥсахра ҳагым, алҵшәақәа марымажара рыцым ҳамҳәозар.

Уажәы акриминал аҽеимыртаӷа ҳдунеи иалалеит, ҳәа ауаажәлар асоциалтә даҟьақәа рҿы инамыцхәны ианалацәажәо аамҭазы, апрезидент дҳадигалеит ахәбатәи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр. Иаԥсахуама акадртә еикәагьежьра аҩныҵҟатәи аусқәа рырҽеира? Аминистрцәа анарҭо "анаркобизнес иаҿу, ақәылареи арҳәреи знапы рылакыу абахҭахь рымҩа шхо, азакәан зегь рзы еиԥшны аус шауло" уҳәа, акыр игәышьҭыхгоу ажәақәа ҳдырҳауеит. Аха нас, еилаԥаҭаны иҟоу асистема еилыхра ақәымкәа аусқәа шыҟац иаанхоит. Уимоу, амилициа аусуҩцәа анырыԥҟо, хаҵгылара анарымҭо ыҟоуп.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ацәгьоуреи ахьырхәреи

Хаҵгыларада иаанхоит иара убас, дара амилициа аусуҩцәа ирымоу рзинқәа инархыҳәҳәаны алабаҟьара ахархәара анарҭогьы. "Аусҭҵаара нап аркуп" иҳаҳауеит уажәшьҭа алаԥшхырԥага иаҩызахаз аофицалтә ҳәамҭа. Нас, еснагь еиԥш, урҭ аусқәа шәындыҟәрак инҭарҵәахызшәа рхабар ыҟамкәа иаабжьаӡуеит.

Акадртә еиҭныԥсахларақәа уандыркаралак И. Крылов иажәаманаа шьахә "Квартет" ацәаҳәақәа: "Аҩызцәа, шәыштәалакгьы амузыка арҳәаразы акгьы шәаԥсам",- заҵәыкоуп ухаҿы иааирц иалшо.

Апрезидент аминистр ҿыц данеиҭоз, еснагь еиԥш ҿыӷәӷәала дцәажәеит "атәылаҿы акриминал ӷәӷәала ирҿагыланы ақәԥаразы аус ырџьбаратәуп" ҳәа. Шаҟантә иҳаҳахьоузеи аасгәахәит сахьыӡырҩуаз.

Ԥхьатәара ицаз аминистр иакәзар, иааныикылоз аҭыԥ иаман ҩ-шьагәыҭк — аминистр- аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ. Уажәы иара изынхоит аҩбатәи ахәҭа- аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ захьӡу "аҟәардә".

Закә разҟыузеи ҩ-шьагәыҭк змоу аҭыԥ анаанукыло, акы ааумырхыргьы аҩбатәи усгьы уаҿа ианылоит. Иарҭаз аминистр "гәымбылџьбарыла ацәгьоуцәа дшырҿагыло" ҳақәиргәыӷит, ԥхьатәара ицаз аминистр иакәзар аҳәамҭа ҟаиҵеит "уантәи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахылаԥшра шеиҭо" азы.

Автори аредакцеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0