Ажәар ахархәара қьарс иалоу

© Sputnik Илона ХварцкияРусско-абхазский словарь.
Русско-абхазский словарь. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәаҿы 20 дырга иреиҵам змоу ажәа аԥшаара дшаҿыз ажәараҟны, иахьа ахархәара змам ажәақәа шалылԥшааз, атәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Абызшәа даараӡа ибзианы издыруеит ҳәа зхы зыԥхьаӡогьы, ажәар дагәыламԥшыр ауам. Еиҳаракгьы, аҩреи, аԥхьареи занааҭла иадҳәало аамҭа-аамҭала еиуеиԥшым ажәарқәа аадыртуеит.

Елеонора Коӷониаԥҳа: Ажәар ахархәара қьарс иалоу

Уажә аабыкьа 20 нбан инареиҳаны измоу аԥсуа ажәа иашьҭаз ԥсыуа хаҵак уи аԥшааразы ацхыраара исҭарц дсыҳәеит. Саргьы арсҟак иауу, арсҟак дырга змоу ажәа сақәымшәацызт ахаан, убри аҟынтә, исыӡбеит сашьҭаларц. 20 дырга змоу ажәа аԥшаара мариамхеит.

Абас ажәак санашьҭоу, еиҳарак схы иасырхәо Владимир Касланӡиа еиқәиршәаз ҩ- томкны иҟоу 2005 шықәсазы иҭыҵыз "Аԥсуа аурыс жәар" ауп. Имаҷым иҭыҵхьоу ажәарқәа, аха ари ашәҟәы, ахархәаразы зегь реиҳа исзыманшәалоуп.

Зыӡбахә сымоу ажәар ианыԥшуеит ҳбызшәа абеиарақәа, иҷыдоу азанааҭтә лексика инаркны, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуааи, ҳашьцәа абазақәеи рхы иадырхәо, аха иахьатәи аԥсуа лексика иацәыӡхьо ажәақәа. Акыр еиҿкааны иҭыжьуп ари ажәар, ашәҟәы асахьагьы, излыху ақьаадгьы, аграфикагьы гьама хыркыла еиқәыршәоуп.

Ажәар ашьҭахь, зхы иазырхәо азгәаҭақәа ахьыҟеиҵаша адаҟьақәа ацуп. Уи аиқәыршәаҩ иахьа идунеи иԥсаххьеит, аха иазгәаҭатәуп аҵарауаҩ Владимир Касланӡиа ԥсра зқәым абаҟа ҳазныжьны дышцаз.

Ажәакала, сзышьҭаз ажәа збозар ҳәа скарандашь кны, 30 000 ажәа зну ашәҟәы адаҟьақәа аартуа сҿынасхеит, еснагь еиԥш, сыбла иаахгылеит иахьазы хархәара змам аԥсуа лексика хазына. Шамаха уаҩы ихы иаимырхәо, аха аиҳабацәа анкьа ирҳәоны исаҳахьаз ажәа бзиа сақәшәеит 2-тәи атом 244-тәи адаҟьаҿы.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Госдеп агәаҳәара

Ауаҩымацқара-(ауаамацқарақәа) –несерьезный человек. Избан ари ажәа залыскаауа? Избанзар, ари еиҳарак урысшәалоуп ҳхы ишаҳархәо. Ишәмаҳахьеи- "дсериезныӡам". Абас ҳахьлоит, ҳара иаҳтәу ажәақәа ҳцәыӡуа ҳаналагалак.

Иара убри атом 47-тәи адаҟьаҿы иаҳԥылоит- апаџьҳа-(апыџьҳа). Ишәаҳаҳьазма? Иара ҟазшьарбоуп (прилагательное) иаанагоит- тонкий. Аҭел паџьҳа-тонкая проволка. Инапы паџьҳаӡа, мамзаргьы пыџьҳаӡа ҳәа изырҳәоит знацәкьарақәа поу (у него тонкие пальцы- ред.). Абарҭ иаҳԥыло ажәақәа зегьы реилырккақәагьы ануп ажәар аҿы.

Анаҩсан иаҳԥылоит –апҟа- (адаҟьа 48- ред.) абжьықәыӷәӷәара аҵыхәтәантәи абжьыҟаҿы. Апҟа даҵатәоуп-он участвует в похоронах близкого человека. Хымԥада, арҭ ажәақәа жәлар рырҿиамҭақәеи ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәеи рҿы иаҳԥылар алшоит, аха ажәа ахархәара анамам иԥсуеит, ус баша ашәҟәы ианхалар алшоит.

Ҳара ҳбызшатә ҭагылазаашьа ахьысҳара ду иҭагылоуп аҟынтә, ҟыжә-быжәк зҳәогьы аԥсшәа бзианы идыруеит ҳәа изаҳҳәоит. Абас ажәар адҟьақәа аартуа ҳҿынаҳхар иаҳԥылоит ҳцәажәара хзырҷо ажәа лыԥшаахқәа жәпакы.

Ацәтәра (случка- спаривание животных с целью получения потомства) ҳҳәоит ҳара арахә ирыдкыланы, ажә цәтәит, акамбашь цәтәит. Касланӡиа ижәар аҿы (1-тәи атом 209 –тәи адаҟьаҿы- ред.) иаҳԥылоит уамак аӡәгьы ихы иаимырхәо уи иазааигәо ажәа аштәра (забеременеть — ред.)́́. Ажә штәит ҳҳәар ауеит, ицәтәит ацынхәрас. Заҟа иажәа бзиоузеи!

Сылаԥш иҵашәеит иара убас, амедицинатә терминқәа рахь иаҵанакуаз ажәа- аџьамҳалар-краснуха. "Схәыҷы акраснуха ихьит" —рҳәоит уажәтәи анацәа, ари ахьырзымдыруа аҟынтә. Ажәар иану ажәақәа рахьтә иахьа ахархәара змам рацәоуп, ақалақь ԥсҭазаара атәы ҳҳәозар, бжеиҳан аурыс ажәақәа раԥхьа апрефикс "а" наргыланы ҳхы иаҳархәоит, иҳамоу агәынкылара ҳацәаашьаны, иаҳҳәап: аҟәбар аҭыԥан-акувшин, азонтик ҳҳәоит ашьамсиа, мамзаргьы аҳаргь рҭыԥан, абулавка-агәлаҵа аҭыԥан, аковш-акәапеи ацынхәрас, апозвоночник ҳҳәоит-аҟәырҟәыл аҭыԥан. Санду илҳәо исаҳахьан "сҟәырҟәыл сыхьуеит" ҳәа (позвоночник болит- ред.).

Ахархәара рымам иаҳҳәап ажәа шьахәқәа: аҟәбас-аимаа аҵа иаҵарҵо асахҭанлых ахьӡ, аҟәырӷ-ауахәама ақәцә ахьӡ, (урысшәала купол ҳәа изышьҭоу).

Владимир Касландӡиа ишәҟәы - Sputnik Аҧсны
Ачынуаа рзы аликбез

Шамаха аӡәгьы ихы иаирхәом ацынгыла (наречие)- Мша-мнаҳа. Актәи атом 703 — тәи адаҟьаҿы иаҳбарц ҳалшоит ари ажәа —расточительно шаанаго. Афымца рхы иадырхәоит мша-мнаҳа уҳәар ауеит алашара хыда-гәыда инызхуа рзы, мамзаргьы, мша-мнаҳа аԥара нырхуеит ҳҳәар ҟалоит, аԥара аныхра бзиа избо рзы.

Ажәакла, ари ажәа ҳара иахьа хыда-гәыда ҳәа ҳзышьҭоу иашьашәалоуп. Абас акыр ирацәоуп ари ажәар аҿы иаҳдыруа ажәақәа рсиноним шьахәқәа. Касланӡиа ижәар аасыртыцыԥхьаӡа, аԥсшәа адырраҿы шаҟа сыгу аасныруеит.

Акырынтә хазы иалҩааны ианысҵахьеит, сусураҿы схы иасырхәаларц азы. Схатә ԥышәа ишыснарбо ала, ҩынтә, хынтә ажәа ухы иаурхәар, нас игәныукылоит. Ажәар сагәылыԥшаауа акыр сеимдеит аха, 20 дырга иреиҵам змоу ажәа аԥшаара уадҩхеит, аха нас, уи иашьҭаз ахаҵа, исзааицҳаит ҳзышьҭаз ажәа — И-шәыз-лыз-цәы-ҵа-дмыр-тәа-гәы-шьа-ӡеи-теишь шакәыз. Имааноуп даараӡа. Ахаан исмаҳацызт, макьанагьы аҵакы аилкаара саҿуп.

Автори аредакцеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0